Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: ашколқәа рҿы заанаҵтәи арратә ҽазыҟаҵара амаҭәар иазкны

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Атәыла абжьаратә школқәа рҟны иаҭахума заанаҵтәи арратә ҽазыҟаҵара аурокқәа рымҩаԥгара, ирнаҭоузеи уи аҵаҩцәа, еиқәшәоума ҳашколқәа уи амаҭәар азы, абри атемала арадио Sputnik аефир аҿы еиҿкаан аиҿцәажәара.
Хра злоу ахҭысқәа: ашколқәа рҿы заанаҵтәи арратә ҽазыҟаҵара иазкны

Абри атемала арадио Sputnik аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит арҵаҩы, аветеран Рауль Черқьезиеи, Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауаа разыҟаҵараз аусбарҭа аиҳабы, аполковник Беслан Мышәбеи, Очамчыра араион аҵара аусбарҭа аиҳабы Феликс Џьынџьиеи.

"Ахәыҷы актәи акласс ахь даннеиуа ихы ззикуа уамак издырӡом, уи зегьы ирҵаҩцәа, еиҳабацәа идырбоит. Арра аганахьала арԥыс 10 акласс аҿы даннеиуа маҭәарны иԥылоит. Ҩышықәса ҳхы иархәаны иҳарбаз, иҳарҵаз анаҩс анырра анаҭоит иара иԥсҭазаара. Шьҭа хышықәса ҵуеит аус зуеижьҭеи ашкол аҿы, уаҟа избо ала, аҿар арра ахысра рҭахӡам ҳәа сызҳәом", - азгәеиҭеит Мышәба арадиоефир аҿы.

Ақыҭақәа рҿы амаҭәар аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аҵара аусбарҭа аиҳабы Феликс Џьынџьиа. Иара иажәақәа рыла, амаҭәар ишахәҭоу еиԥш имҩаԥысуеит ҳәа узҳәом, араион иацәыхароу ақыҭақәа рҿы арҵаҩцәа рзы ауадаҩрақәа ыҟоуп.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0