Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Барганџьиаԥҳа Лӡаа аԥсшьаҩцәа рыдкылара иазкны

© Foto / предоставила Селма БарганджияСелма Барганджия
Селма Барганджия - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион Лӡаа ақыҭан иҟоу асасааирҭақәа руак администратор Селма Барганџьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит аԥхынтәи аԥсшьаратә аамҭазы аԥсшьаҩцәа рыдкылара ишазхиоу, русура шеиҿкаау атәы.

 

"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Барганџьиаԥҳа Лӡаа аԥсшьаҩцәа рыдкылара иазкны

"Аԥсшьаҩцәа 100% рыла ҳадкыларазы ҳарзыԥшуп. Уажәы имаҷны аԥсшьаҩцәа ҳамоуп, хәыҷы-хәыҷ иаауеит. Заанаҵтәи аҿаҵарақәа ҳамоуп. Ирҭахуп Лӡаа ақыҭан аԥсшьара, амшын ахықәан ҳаҟоуп. Иаҳзаауа ақалақь дуқәа идырааԥсахьоу ауаа роуп. Ҳаԥсшьарҭаҟны арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿаҳкаауеит. Уажәы иҳамоу аԥсшьаҩцәа аиҳарак Москва, Краснодар, Ростов ақалақьқәа рҟынтә ауп. Иахьазы 50-ҩык рҟынӡа ҳҭоуп. Егьыс шәҩыуаак рҟынӡа ҳадаҳкылартә алшара ҳамоуп. Иаҳзаауа жәамш, ҩымчыбжьа рҟынӡа рыԥсы ршьар рҭахуп. Ҩыџьа рыԥсы ршьозар, уахыки ҽнаки 5 нызқьи 500 мааҭ рҟынӡа ирызтәоит. Уахь иаҵанакуеит хынтә акрыфара, иҳамоуп аӡҭарчы, атеннис иахьасуа, ахәыҷқәа ахьыхәмарша. Еиҳаракгьы иаҳҭаауа ԥсшьара рхәыҷқәа ааргоит, араҟа аҳауа зҩыдоуп, аԥсаҵлақәа ирызҳауеит", - лҳәеит Барганаџьиаԥҳа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0