Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Абӷаџьааԥҳа илҳәеит CОVID-19 зыхьуаз ачымазцәа зхәышәтәуа аҳақьымцәа аԥсшьара шырзеиҿкааз

© Foto / предоставила Юлия Абгадж Юлия Абгадж
Юлия Абгадж - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә клиника ахәшәтәырҭа амедиеҳәшьа Иулиа Абӷаџьааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа ачымазцәа зыхәшәтәуаз аҳақьымцәа аԥсшьареи, ргәабзиара аиҭашьақәыргылареи аус шеиҿкааз атәы.
Абӷаџьԥҳа еиҭалҳәеит CОVID-19 аҟынтәи ачымазцәа зхәышәтәуа аԥсшьара шырзеиҿкааз

Аԥснытәи аҳақьымцәа ргәабзиара шьақәдыргылеит Нхыҵ- Кавказтәи асанатортә курортқәа рҟны. 30-ҩык амедицина аусзуҩцәа ҩымчыбжьа рыҩныҵаҟа еиуеиԥшым апроцедурақәа ирхысит. Агәыԥ иалахәыз Аҟәатәи ақалақьтә клиника ахәшәтәырҭа ахирургиа аҟәша амедиеҳәшьа еиҳабы Иулиа Абӷаџьааԥҳа еиҭалҳәеит ргәабзиара аиҭашьықәыргылара аус шеиҿкааз.

"Аҳәынҭқарра абзоурала 30-ҩык амедицина аусзуҩцәа мшаԥы 30 инаркны лаҵара 11 нӡа Железноводск акурорт аҟны ҳаԥсы ҳшьон. Даара ибзианы ҳрыдыркылеит. Уаҟа еиуеиԥшым апроцедцрақәа ҳархысит… Железноводск 15 –ҩык ҳаҟан, даҽа 15-ҩык Есентуки. Ҳара ахәшәтәырҭақәа рҟынтәи ҳколлегацәа ҳацын, иҟан Тҟәарчалынтәи аӡӷабцәагьы", - лҳәеит Абӷаџьааԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0