Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чкотуа Омар Беигәаа изы: адиаспораҟны аԥсуа милаҭтә хдырра дасимволуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОктай Чкотуа
Октай Чкотуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 1 азы аҵарауаҩ- абызшәаҭҵааҩы Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Ауаажәларратә усзуҩ, аиҭагаҩ Октаи Чкотуа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыхдырра ашьақәгылараҟны аҵарауаҩ илшамҭақәа ртәы.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: аҵарауаҩ Омар Беигәаа

Омар Баирам-иҧа Беигәаа иналукааша аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, ашәҟәыҩҩы, арккаҩы, аҧсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа дреиуоуп. Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, аҭҵаарадырратә монографиақәа хәба дравторуп. Аҵак ду рымоуп иусумҭа дуқәа – "Аԥсуа мифологиа" (Сҭампыл , 1971), ҩ-томкны иҟоу аусумҭа "Кавказ" (Сҭампыл, 1985, 1986). Беигәаа иусумҭақәеи рҿы дрылацәажәеит аԥсуа бызшәа алексикеи аграмматикеи рызҵаарақәа, Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи. Иара дравторуп ажәытә аԥсуа бираҟқәа ирызку иуникалтәу астатиақәа. Омар Беигәаа ипоезиа зегьы изгәакьоу Аԥсны иазкуп, урҭ апатриоттә цәанырра рыҵоуп, афилософиатә гәҭахәыцрақәа, иҭоурыхтә ҧсадгьыл иазку ашәақәеи агәаҟашәақәеи. Омар Беигәаа имҩаҧигон аус ду аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Д.Гәлиа, С. Ҷанба, Гь. Чачба русумҭақәа раларҵәаразы. Иара алатин графикатә шьаҭа аҭаны еиқәиршәеит Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рзы иҷыдоу алфавит. Омар Беигәаа ҳажәлар адоуҳатә мал ду рзаанижьит.

"…Ҳаԥхьаҟа ҳажәлар ирԥеиԥшыз рдыруан, иахьнаргаша аҭыԥгьы иазхәыцхьан, убри азы аџьабаа рбон. Омаргьы ус акәын дшыҟаз. Омар Беигәаа адиаспораҟны аԥсуа милаҭтә хдырра дасимволуп. Сара сзусҭоу еилыскаартә сҟазҵаз Омар ишәҟәы ауп", - иҳәеит Чкотуа.

Аиҿцәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0