Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба аӡаҿы аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара иазкны

© Foto / Илана ТарбаАхра Бганба
Ахра Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахадара акурорти атуризми рыҟәша аиҳабы Ахра Бганба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа аӡаҿы ршәарҭадара аиҿкааразы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба аӡаҿы аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара иазкны

Аԥсшьарҭаҭыԥқәа 90-100% иҭәуп, аибашьра еилгеижьҭеи ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ҟамлацызт, ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

"Аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аус аиҿкааразы араион ахада инапынҵала асасаирҭақәа ҳарҭаан игәаҳҭоит иҟоу аҭагылазаашьа, ирымоу аԥсеиқәырхагатә маругақәа ртәы еилаҳкаауеит, аҭыӡҩырақәа рыҟазааразы ргәырҽанаҳҵоит. Сара излазбаз ала аҭагылазаашьа цәгьаӡам, уаҳа ахҭыс бааԥсқәа ҟамларцаз иҳадаҳкылоит аԥҟара ҷыдақәа. Раԥхьа инаргыланы зегьы ирымазароуп абжьырдуга, ашаха ҷыдақәа, иара убас егьырҭ аԥсеиқәырхагатә маругақәа. Иара убас Аԥсны АҶА  араионтә ҟәшаҿы ироуран иҟоуп аӷба маҷ, амшын аныцәқәырԥо аамҭазы ауаа ралхразы", - иҳәеит Бганба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0