Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәарамиаԥҳаи Шьалашьааи ақыҭанхамҩа аҿиара апроектқәа рзы

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьааи Ҭхьына арахәааӡара знапы алаку Ҭина Гәарамиаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит ақыҭанхамҩа аминистрра адгылара знаҭо апроектқәа феидас ирылоу, насгьы аԥхьаҟа урҭ рхала рхы ныҟәыргартә еиԥш иҟаҵатәу.
Хра злоу ахҭысқәа: Гәарамиаԥҳаи Шьалашьааи ақыҭанхамҩа аҿиара апроектқәа рзы

"12 шықәса анаҳхыҵуаз аахыс ҳаб ашьха ҳаигон. Арахә ааӡара ҳнапы алакын. Ҳаб иԥсҭазаара зегьы афермаҿы аус иуан. Ҳаргьы агәыбылра ҳиркит. Ҳаб аколхоз аҟынтә арахә арендала иганы ицҳааӡон. Уи ҳақәманшәалахеит. Аибашьра аныҟала ҳарахә иҳааӡоз амашьына инақәыргыланы аибашьцәа акрырҿаҵаразы ираҳҭеит. Саҳәшьа арахә аахәан ианылҵар лҭахын, убри аус ҳгәы ишҭаз апроектқәа рыӡбахә ҳаҳаит. Иаҭахыз ашәҟәқәа ҟаҵаны иалаҳҵеит. Акомиссиа анааи, иҳамаз анхара рбеит. Иаахәан атрактор, амашьына ду. Ҳаргәаԥхеит, аха ҳақәшәоит ҳәа ҳаҟамызт. Анаҩс адырра ҳауит арахә ҳаԥшаарц. Ҳаалаган, арахә зҭиуаз уалла ирымхны, арахә ашьха икалцеит саҳәшьа. Аԥара иаҳзоурыжьыз ҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәарамиаԥҳа.

Ажәлар ирҭахуп рхатә џьабаала, рҭынхацәа рыдыргыланы ак аадрыхырц, убри азы аҳәынҭқарра излалшо ала адгылара ахьрырҭо, уи ииашоу усуп ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.

"2010 шықәса рзы ҳара Аԥсны аҩнуҵҟа иааҳрыхуа 13% аалыҵ ыҟазҭгьы, уажәы 3% рҟынӡа иласкьеит ақыҭанхамҩа иалҵуа. Ацхыраара аҳәынҭқарраҟынтә имаҷхо ианалага, ажәларгьы ақыҭа аус иаԥырҵуа иалагеит. Аха уажәы излагаз аус уаҳа зҭахым усуп", - ҳәа азгәеиҭеит Шьалашьаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0