Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аӡаҿы ашәарҭадара иазырхо хықәкылатәи апрограмма иазкны
"Амшын аҟәараҿы иҟазар ауп аԥсеиқәырхаҩцәа анышь рыманы, аҽыкәабара ахьынӡаҟало аҟынӡа адыргақәа гылазароуп, аӡҭалаҩцәа есышықәса идрыцқьалароуп амшын аҵа. Иара убас аҽыкәабарҭатә плиажқәа рҿы иҟазароуп абираҟқәа еиуеиԥшым аԥшшәқәа змоу, иаҳҳәап, абираҟ ҟаԥшь кнаҳазар, усҟан аҽыкәабара азин шыҟамло атәы аҳәоит. Абри есышықәса ҳалацәажәоит амшынҭалара аамҭа ааиаанӡа, аха иназыгӡо маҷуп. Абарҭ зегьы нагӡазар, иӡааҟәрыло рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷхоит. Аплиажқәа ииашаны реиқәыршәаразы апрограмма ахаҭа акәзар, уаҟа ианылоит хыхь исҳәаз аԥҟарақәа, уи аиқәыршәаразы, иара убас иадыԥхьалоуп ақалақь ахадацәеи аекологцәеи", - еиҭеиҳәеит Сабуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: