Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба: Лада Кавказ имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы Урыстәыла ақәыӷәӷәароуп хықәкыс ирымоу

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Анапаҵаҩра
Ермантәылеи Азербаиџьани аҵыхәтәантәи реиҿагыларақәа, ампыҵахалара ахыхраз ақырҭуа парламент арезолиуциа апроект, арҭқәа зегьы хықәкы хадас ирымоу Урыстәыла Лада Кавказ ақәыӷәӷәароуп хәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны аполитолог Беслан Ҳагба.
Ҳагба: Лада Кавказ имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы Урыстәыла ақәыӷәӷәароуп хықәкыс ирымоу
Ладатәи Кавказ хҭысқәак аныҟалалак, ахҭысқәа зегьы имҩаԥысуа рҟны еимадарак уԥшаар ҟалоит. Қырҭтәылеи, Аԥсни, Ермантәылеи, Азербаиџьани хәыҷык еицәыхаразаргьы, ҵыԥх иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь, Азербаиџьан аибашьраҟны аиааира анырга ашьҭахь Ладатәи Кавказ аҭышәныртәалара аганахь зынӡа аҽаԥсахит. Аҭынчратә политика ҳәа Урыстәылатәи Афедерациа имҩаԥырго Ашьха Ҟарабах аганахьала аҭышәынтәалара згәамԥхо аҳәынҭқаррақәа рацәоуп. Адеоккупациа ҳәа ахьыӡҵаны Қырҭтәыла ишьҭырхыз ақәҵара иаҿурԥшыр ҟалоит Украина Донбасси Крыми рганахьала ишьҭнахыз ақәҵарақәа. Иара убас, ааигәа Зеленски(Украина ахада - азгәаҭа) Аԥсны аҳәааҟны дааны иҟаиҵоз аҳәамҭақәа, арҭқәа зегьы еидҳәалоуп, Урыстәыла ақәыӷәӷәароуп еиҳарак аԥхьа иргыланы хықәкыс ирымоу", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны ААР "ампыҵахалара ахыхраз" Қырҭтәыла арезолиуциа апроект ахҳәаа анаҭеит
Ермантәыла Азербаиџьан ахара аднаҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0