АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Ермантәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит азербаиџьантәи ар ахысрақәа ныркылом ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ԥхынгәы 30, асааҭ 11:20 - 11:30 (10:20—10:30 мск) рзы азербаиџьантәи аруаа ермантәылатәи аруаа рпозициақәа ириехсуан аснаипертәи аҽа абџьарки рыла» ҳәа аҳәоит арратә усбарҭаҿы.
Ерахтәи аҳәаахәҭа 70 километр Ереван иацәхыкуп. Аҳәамҭаҿ иазгәаҭан ахымца аҭак шыҟаҵаз, аӡәгьы ааха шимоуыз.
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан.
Анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Ермантәыла Азербаиџьан иазырхынҳәит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа. Арегион аҿы аурыс абжьаҟазаҩцәа гылеит.