Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба ахҳәаа аиҭеит Урыстәыла аганахь Мраҭашәаратәи атәылақәа иҟарҵаз аҳәамҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Анапаҵаҩра
Быжь-ҳәынҭқаррак Урыстәыла ахь аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыр алыргарц. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит.
Ҳагба: Урыстәыла аганахьала иҟоу ақәыӷәӷәарақәа Аԥсны ҳахәҭаа шалогьы аадыруазароуп
"Аԥсны аҳәынҭқарра астатус ҳаналацәажәо, изакузаалакгьы зҵаарак цәырҵуазар, азхәыцра аҭахуп. Амала ари иаанагаӡом аҳәынҭқаррақәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа, Урыстәыла азхаҵара иарҭаз Аԥсны мап ацәкны шьҭахьҟа идыргьежьуеит ҳәа, лҵшәак аиуеит ҳәа, аха ахцәажәара аҭахуп, Аԥснытәи аполитикцәа, адәныҟатәи аминистрра аҟынтә", - азгәеиҭеит аполитолог.
Аполитолог иҳәеит аибырххара, аибафара ҟазшьа шамоу иахьатәи аполитикатә еизыҟазаашьақәа, иаҳдырауазароуп, асанкциақәа ҳәа Урыстәыла аганахьала иҟоу ақәыӷәӷәарақәа Аԥсны ҳахәҭа шалоу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0