Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Чамагәуеи Ҭарбеи аенергетикеи, ковиди, абылтәи рызҵаатәқәа ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Иарбан зҵаарақәоу Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа ззыхынҳәуа аԥсшьарамшқәа рышьҭахь, атәылаҿы иҵарны иқәгылоу апроблемақәа - афымцалашареи аҿкы чымазареи рзы ргәаанагара арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит адепутатцәа Леонид Чамагәуеи Асҭамыр Ҭарбеи.
Хра злоу ахҭысқәа: Чамагәуеи Ҭарбеи аенергетикеи, COVID, абылтәыи азҵаатәқәа ирызкны
"Аенергетикаҿы аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Ҳара ҳамчала иҳаӡбаратәы алшара ҳамоуп, уи уамашәа абара аҭахӡам. Аӡә иҭара аҭахӡам. Аинвестор ҳаимышьҭалароуп. Аинвестор иӡбахә анаҳҳәо, иара ихатәны иҟамлозар, иара аԥара алаҵаны ихашәало ҟало аус иуп ҳәа игәы иҭазар, уи акоуп. Аха аԥшәымак еиԥш аӡә дааир иҭаххар, ма "ҳҩызцәа дуқәа" иргар рҭаххар, сара сызлахәаԥшуала иаҳзыгәаӷьӡом ус еиԥш иҟоу аус, избанзар, ари ачарҳәара иаҩызоуп. Аԥсны аенергетика ажәлар иртәуп, аҳәынҭқарра иатәуп. Иара знапаҿы иназго аҳәынҭқарра даԥшәымахоит", – ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.
Адепутат Ҭарба игәанагарала, Аԥсны аенергетика аӡәы ихатәрахьы иҭара, аҳәынҭқарра ауадаҩра иҭазыргыло зҵаароуп. Иахьа аенергетика аиҭашьақәыргыларазы иҳамоу амчқәагьы ҳхы иаҳархәар ҳҭахӡам ҳәа азгәеиҭеит иара аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0