Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукСира Авидзба
Сира Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа 65 шықәса ахыҵит. Аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа арадио Sputnik дасасын.
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа иазкны
Аԥсуа культура ашьҭыхраз, аҟазацәа реиҵааӡаразы1956 шықәсазы цәыббрамза 14 аҽны, еиҿкаан Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа.
Раԥхьа иҟан ахореографиатә, абиблиотекатә, ахор-дирижиортә ҟәшақәа. 1956 шықәсазы аҵараиурҭа аартын Қарҭтәи акультуратә ҵараиурҭа иахәҭакны.
Аԥсны акультура аусзуҩцәа ирылшеит Аҟәатәи акультура аҵаралашаратә ҳәа аҟаҵара. Даара аџьабаа адбаланы ашьақәгылара дазааԥсеит, акультура зҿаԥсазтәыз аусзуҩы Анатоли Қаԥшь. Иара убас, лыԥсҭазаара зегьы аҵараиурҭа ашьақәгылара иазылкит, иара аушьҭымҭа Чекмезова. 1960-тәи ашықәсқәа рзы ахор-дирижиортә ҟәша аркны, иаадыртит жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыҟәша. Уи аахыижьҭеи иахьанӡагьы аҟәша аус ауеит, иара убас ахореографиатә ҟәшагьы.
Аҵараиурҭа аҭоурых ду амоуп, ирацәаҩуп аушьҭымҭацәа. Раԥхьатәи аушьҭымҭацәа иреиуоуп Маиа Гьерзмааԥҳа, Фазылбеи Ҟәуруа, Владимир Кәарҷиа, Оҭар Хәынҵариа, Кандид Ҭарба. Дара ирылшеит Аԥсны мацара акәымкәан уи анҭыҵгьы рҟазара дырбара, Аԥсны ахьӡ аҭыгара. Иахьа ахаԥшьгаратә коллективқәеи, ансамбльқәа рнапхгаҩцәеи, алахәылацәеи реиҳараҩык аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа роуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0