Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳаразиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа ашколқәа рҟны COVID -19 аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Foto / предоставлено Адамыром ХаразияАдамыр Харазия
Адамыр  Харазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Гәдоуҭа араион школқәак акарантин ахь ишьҭуп. Иарбан школқәоу аԥкрақәа ахьалагалоу ачымазара ҿкы иахҟьаны, насгьы аҭагылазаашьа хылаԥшрас иамои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәдауҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Ҳаразиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа ашколқәа рҟны COVID -19 аганхьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу
"Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа 29 школ ҳамоуп. Иахьа иҟоуп школқәак рҟны аклассқәа ахьарку аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Ахәыҷы аӡәы ачымазара ҿкы анихьлак, акласс аҟны итәоу аҵаҩцәа жәамш ма ҩы-мчыбжьа иоуҳажьуеит ахыԥхьакразы. Ахәыҷқәа аҩны иахьынӡаҟоу акласс анапхгаҩи аҭаацәеи еимадоуп, урҭ рҭагылазаашьа шыҟоу адырра ҳамоуп… Уажәы иаҳа уадаҩрас иҟоу ари ачымазара ҿки егьырҭ ачымазарақәеи ахьеиқәшәаз ауп, амгәахь, ахәдахьаа уҳәа. Ҳара ҳганахьала аҭаацәа ирыдаагалоит излауала а-ПЦР-тестқәа арҭарц. Уи алҵшәақәа анеилаҳкаалак, аӡбамҭа ҳадаҳкылоит ахәыҷқәа рганахьала", - иҳәеит Ҳаразиа.
Иара еиҭеиҳәеит Лыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны ашкол шарку ашәахьанӡа, арҵаҩцәа фҩыки ахәыҷқәа хҩыки ахьычмазаҩхаз иахҟьаны.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0