Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба Ҭырқәтәылеи Аԥсни инхо аԥсуаа реимадара иазкны

© Sputnik / Леон Адлейба Инал Хутаба
Инал Хутаба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә хеилак ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Ҭырқәтәылеи Аԥсни иҟоу аҿар реимадаразы имҩаԥырго апроект атәы, еиҭеиҳәеит, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ицо аусура атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба Ҭырқәтәылеи Аԥсныи инхо аԥсуаа реимадара иазкны
"Аԥсныҟа ахынҳәразы ҳкомитет еиуеиԥшым апроектқәа ҟарҵоит, урҭ ируакуп ҳҿар Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааны ААУ аҟны аҵара дырҵара. Уи азын ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа иаҳҳәеит, иара даара игәы иаахәеит абри аҩыза апроект атәы аниаҳа. Адгылара шаиҭо атәы ҳаиҳәеит.
Арахь иаауа абызшәа рыздырӡом, убри азы раԥхьатәи ашықәс аԥсуеи аурыс бызшәақәеи дырҵаразы акурсқәа аадыртуеит. Абызшәазы аԥышәарақәа анарҭалак, иалырхаз азаанаҭ ала иахыԥхьаӡалахоит.
Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора ари даара ргәы иаахәеит. Иаарц зҭаххазгьы даара ирацәаҩхеит, аха зегьы зымааӡеит, избанзар, атәылауаҩшәҟәы аиура цәгьоуп. Уажәазы 9-ҩык рсиа ҳамоуп. Руаӡәы ахԥатәи акурс аҿы аҵара иҵон, аха абри аҩыза алшара ыҟоуп ҳәа аниаҳа, Ҭырқәтәыла аҵара ахьиҵоз ауниверситет ааныжьны Аԥсныҟа даауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хәытаба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0