https://sputnik-abkhazia.info/20210923/Khra-zlou-akhysa-Khytaba-yrtylei-Asni-inkho-asuaa-reimadara-iazkny--1033259168.html
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба Ҭырқәтәылеи Аԥсни инхо аԥсуаа реимадара иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба Ҭырқәтәылеи Аԥсни инхо аԥсуаа реимадара иазкны
Sputnik Аҧсны
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә хеилак ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Ҭырқәтәылеи Аԥсни иҟоу аҿар... 23.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-23T14:56+0300
2021-09-23T14:56+0300
2021-09-23T14:33+0300
аԥсны
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/15/1033255918_0:170:3068:1905_1920x0_80_0_0_704cc0656cf8fb79ff8c432a6583dbfc.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба Ҭырқәтәылеи Аԥсныи инхо аԥсуаа реимадара иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба Ҭырқәтәылеи Аԥсныи инхо аԥсуаа реимадара иазкны
"Аԥсныҟа ахынҳәразы ҳкомитет еиуеиԥшым апроектқәа ҟарҵоит, урҭ ируакуп ҳҿар Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааны ААУ аҟны аҵара дырҵара. Уи азын ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа иаҳҳәеит, иара даара игәы иаахәеит абри аҩыза апроект атәы аниаҳа. Адгылара шаиҭо атәы ҳаиҳәеит.Арахь иаауа абызшәа рыздырӡом, убри азы раԥхьатәи ашықәс аԥсуеи аурыс бызшәақәеи дырҵаразы акурсқәа аадыртуеит. Абызшәазы аԥышәарақәа анарҭалак, иалырхаз азаанаҭ ала иахыԥхьаӡалахоит.Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора ари даара ргәы иаахәеит. Иаарц зҭаххазгьы даара ирацәаҩхеит, аха зегьы зымааӡеит, избанзар, атәылауаҩшәҟәы аиура цәгьоуп. Уажәазы 9-ҩык рсиа ҳамоуп. Руаӡәы ахԥатәи акурс аҿы аҵара иҵон, аха абри аҩыза алшара ыҟоуп ҳәа аниаҳа, Ҭырқәтәыла аҵара ахьиҵоз ауниверситет ааныжьны Аԥсныҟа даауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хәытаба.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/15/1033255918_222:329:2478:1747_1920x0_80_0_0_7effb43212042e2257b23bda606087d4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба Ҭырқәтәылеи Аԥсни инхо аԥсуаа реимадара иазкны
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә хеилак ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Ҭырқәтәылеи Аԥсни иҟоу аҿар реимадаразы имҩаԥырго апроект атәы, еиҭеиҳәеит, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ицо аусура атәы.
"Аԥсныҟа ахынҳәразы ҳкомитет еиуеиԥшым апроектқәа ҟарҵоит, урҭ ируакуп ҳҿар Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааны ААУ аҟны аҵара дырҵара. Уи азын ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа иаҳҳәеит, иара даара игәы иаахәеит абри аҩыза апроект атәы аниаҳа. Адгылара шаиҭо атәы ҳаиҳәеит.
Арахь иаауа абызшәа рыздырӡом, убри азы раԥхьатәи ашықәс аԥсуеи аурыс бызшәақәеи дырҵаразы акурсқәа аадыртуеит. Абызшәазы аԥышәарақәа анарҭалак, иалырхаз азаанаҭ ала иахыԥхьаӡалахоит.
Ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора ари даара ргәы иаахәеит. Иаарц зҭаххазгьы даара ирацәаҩхеит, аха зегьы зымааӡеит, избанзар, атәылауаҩшәҟәы аиура цәгьоуп. Уажәазы 9-ҩык рсиа ҳамоуп. Руаӡәы ахԥатәи акурс аҿы аҵара иҵон, аха абри аҩыза алшара ыҟоуп ҳәа аниаҳа, Ҭырқәтәыла аҵара ахьиҵоз ауниверситет ааныжьны Аԥсныҟа даауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хәытаба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.