Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сабуа аӡҭаларатә сезон иазкны

© Sputnik / Марианна Кубрава Тенгиз Сабуа
Тенгиз Сабуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 5 рзы иаартыз аӡҭаларатә сезон хыркәшоуп цәыббра 28 рзы. Алкаақәа арадио Sputnik аефир аҟны иҟаиҵеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сабуа аӡҭаларатә сезон иазкны
"Иахьа инаркны аӡҭалара аамҭа аркхоит ҳәа иаҳҳәаз иаанаго уи аплиажқәа рҟны аԥсеиқәырхаҩцәа ҟалом ауп. Ишаҳдыруа еиԥш иҟоуп зҽызкәабо ааԥынгьы, аӡынгьы зҳәаз еиԥш, аха дара ирдыруазароуп шьҭа рхы мацара ишақәгәыӷша, избанзар џьара машәырк  алар иҭызго аиқәырхаҩцәа ҟалаӡом. Амшын аҟны убасгьы иқәаҳгоит аӡҳәаарбагақәа, шьҭарнахыс аҽыкәабара шәарҭахоит", - иҳәеит Сабуа.
Иара иазгәеиҭеит сынтәа егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны иаҳа ишырацәаз аӡаҟны амашәырқәа, аԥсҭбарақәа.
Сынтәа 17-ҩык ҭахахьеит аӡаҟны, урҭ рахьынтә фҩык Аԥсны атәылауаа роуп. Аԥсны иахьаҵанакуа ауаа рахьҽыркәабо 20 плиаж ыҟоуп, урҭ рахьынтә 15 азхиаӡам ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.
ицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0