Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуа Кәыдры аԥшаҳәа аҭагылазаашьа иазкны

© Foto / предоставил Аляс ДжопуаАляс Джопуа
Аляс Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭа ахада Алиас Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥхын амшцәгьақәа раан Кәыдры аӡиас аԥхасҭа знаҭаз анхацәа аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара ишазыԥшу, аԥшаҳәақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу аӡы хыҵны анхацәа ирыҵамларц.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуа Кәыдры аԥшаҳәа аҭагылазаашьа иазкны
"Сынтәа аиашазы Кәыдры аҭра иҭыҵны анхацәа ирԥырхагахоит ҳәа ҳазыԥшын, аха имҩаԥгаз аусурақәа ҳахәеит. Аӡиас Кәыдры аду ԥырхага ҟанамҵеит, аха иара иаҿыҵны иаауа Кәыдры хәыҷы ҳәа изышьҭоу 25 ҭаацәа рҟынӡа ирԥырхагахеит. Макьана ацхыраара ҳазыԥшуп. Иаԥҵан акомиссиа, ирбеит аԥхасҭа иҟаз, ҳазыԥшуп аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара ҟалоит ҳәа. Бабышьра ақыҭа агәҭа иалсны ицоит Кәыдры хәыҷы. Уи иазааигәаны инхо аӡы рыҩнқәа ирыҩналеит, ауҭраҭых, ашәыр аԥхасҭа рнаҭеит", - иҳәеит Џьапуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0