Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар: аԥышәа иаҳнарбеит, ҳџьынџьуаа абызшәа дырҵаразы ҳамчқәа шазымхо

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрреи Аҧсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аминистрреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп. Иазԥхьагәанаҭои ари аиқәшаҳаҭра, иарбан зҵаарақәоу иаӡбарц иалшо - абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар.
Дбар: аԥышәа иаҳнарбеит, ҳџьынџьуаа абызшәа дырҵаразы ҳамчқәа шазымхо

"Аԥсшәа дырҵара аус аҭаххеит Ҭырқәтәыла инхо мацара рзы акәым, иара Европеи егьырҭ ҳдиаспора ахьыҟоу аҳәынҭқаррақәеи рҿгьы. Ари аус ҳара ҳамчала ҳаҿын, аха аԥышәа иаҳнарбеит уи шазымхо. Ари аус ҷыдала иазку арҵага шәҟәқәа, аметодикақәа реиқәыршәыра, аҵара министрра аламырхәыкәа ҳара ҳамчқәа азымхеит. Сгәы иаанагоит, аиқәшаҳаҭра иаҳнаҭо рацәахоит ҳәа. Ҳтәылахь иаауа ҳџьынџьуаа раԥхьатәи ашықәсазы абызшәа дырҵаразы акурсқәа реиҿкаара уҳәа ацхыраара ахьаҳҭаху рацәоуп", - азгәеиҭеит Дбар.  

"Иахьа абызшәазы акурсқәа аус руеит Аҟәа алицеи аҿы. Уаҟа 12-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп, ҳдиаспора иатәу. Ҷыдала арҵаҩы ахәыҷқәа абызшәа ирлас ишьҭыркаарцаз, изхысуа апрограмма ашьҭахь, аус рыдылулоит. Иахьа иаабоит абызшәа зҵарц зҭаху шырацәоу, уи аус ахахьы иргароуп аминистррақәа", - азгәеиҭеит Дбар. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0