"Аԥсшәа дырҵара аус аҭаххеит Ҭырқәтәыла инхо мацара рзы акәым, иара Европеи егьырҭ ҳдиаспора ахьыҟоу аҳәынҭқаррақәеи рҿгьы. Ари аус ҳара ҳамчала ҳаҿын, аха аԥышәа иаҳнарбеит уи шазымхо. Ари аус ҷыдала иазку арҵага шәҟәқәа, аметодикақәа реиқәыршәыра, аҵара министрра аламырхәыкәа ҳара ҳамчқәа азымхеит. Сгәы иаанагоит, аиқәшаҳаҭра иаҳнаҭо рацәахоит ҳәа. Ҳтәылахь иаауа ҳџьынџьуаа раԥхьатәи ашықәсазы абызшәа дырҵаразы акурсқәа реиҿкаара уҳәа ацхыраара ахьаҳҭаху рацәоуп", - азгәеиҭеит Дбар.
"Иахьа абызшәазы акурсқәа аус руеит Аҟәа алицеи аҿы. Уаҟа 12-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп, ҳдиаспора иатәу. Ҷыдала арҵаҩы ахәыҷқәа абызшәа ирлас ишьҭыркаарцаз, изхысуа апрограмма ашьҭахь, аус рыдылулоит. Иахьа иаабоит абызшәа зҵарц зҭаху шырацәоу, уи аус ахахьы иргароуп аминистррақәа", - азгәеиҭеит Дбар.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.