Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Нарҭ Ҟәаԥсаргьен: сгəы раҳаҭны сыҟоуп Аԥсны, избанзар саԥсыуоуп

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаНарҭ Ҟәаԥсаргьен
Нарҭ Ҟәаԥсаргьен - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
23 шықəса зхыҵуа Аԥсны ииз, иааӡаз, зыԥсадгьыл зыԥсеиԥш бзиа избо амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Нарҭ Ҟәаԥсаргьен диҿцəажəеит Сырма Ашəԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

1994 шықəса рзы Ҭырқəтəылантəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь ахынҳəра зқəашьхаз, араҟа аҭаацəара аԥызҵаз Фраҭ Ҟәаԥсаргьен, иахьа Аԥсны ихы-игəы дақəгəырҕьо дынхоит. Ирызҳауеит иԥацəа ҩыџьа - Нарҭи Аинари.

Мураҭ Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Ԥлиа: милаҭк ахаҿра анӡыруго, ухатəышьҭра анумоу - еиҳау разҟы ыҟаӡам

Ааигəа, Гагра ақалақь аҿы ҳаибадырит уажəтəи сынҵамҭа ззыскырц сҭаху Нарҭ Ҟәаԥсаргьени сареи. Аиаша шəасҳəоит, абри аҷкəын қəыԥш аԥсуаҵас ихымҩаԥгара акыр сыхнахит, ицəажəашьа, итəашьа, игылашьа. "Иужəлоузеи?"-ҳəа саниазҵаа, "сара с-Ҟәаԥсаргьен" –иҳəеит. "Фраҭ Ҟәаԥсаргьен уиԥома?"-сҳəан, "ааи"-иҳəеит. Иаби сареи акыршықəса раахыс ҳаибадыруеит, Ҭырқəтəылантəи ихынҳəыз аԥсыуак иаҳасаб ала пату сызиқəуп. Анаҩс, хымԥада, ҳаицəажəара аҽарҭбааит.

"Сара саб Адана дынхон. Иара излаиҳəо ала, снагь Аԥсныҟа аара иҭахын. Аррамаҵзура даналга, игəҭакы наигӡеит, иԥсадгьыл ахь дхынҳəит. Уажəы сара ихымҩаԥгара саназхəыцуа, схаҿы иааиуа акоуп-иҭоурыхтə ԥсадгьыл игəы азыбылуан. Раԥхьа анхара далагеит ԥшьаԥ ақыҭан аԥсыуа ҭаацəарак аҿы. Нас, Гəылрыԥшь араион Нарҭаа ҳəа хьӡыс изхыз аҳаблаҿы аҩны ааихəеит, уаҟа анхара далагеит", - иҳəеит Нарҭ Ҟәаԥсаргьен, ҭаацəала Аԥсны рыҟазаара дазааҭгылауа.

Нарҭ иаб Аԥсныҟа данаа, лассы аҭаацəара далалеит. Инасыԥ ицеиҩылшеит Тҟəарчал еиуаз, рҵаҩыс аус зуаз аԥҳəызба, Ханагəуаԥҳа Лиана. Иахьа ҭаацəала инхоит Фраҭ иҵəҩаншьап аирсырц ахьиӡбаз Гəылрыԥшь араион аҟны. Имаҷҩым Ҭырқəтəылантəи уа инхо аԥсуа ҭаацəарақəагьы.

"Сара излаздыруа Ҟәаԥсаргьен ажəла нас ауп ианаҳга. Саб иабду излеиҭеиҳəоз ала, ҳара шьҭрала Маршьанаа ҳреиуан, аха шьоурак аҵыхəала ҳажəла ҳаԥсахыр акəхеит. Саб иан Ҳапатԥҳауп, ашəыуа хылҵшьҭроуп, Фазилеҭ лыхьӡуп, сабду Шевги ихьӡуп. Сандуи сабдуи Ҭырқəтəыла иҟоуп. Саб инаҩс ҩыџьа аԥацəеи, ԥҳаки рымоуп сандуи сабдуи", - абас, ихылҵшьҭра рыӡбахə ҳзеиҭеиҳəон Нарҭ.

Адем Махариа - Sputnik Аҧсны
Адем Маҳариа: ҳшаԥсацәоу ҳзеиҭамҳәо ҳаныҟала, ҳазшаз дҳазгәаауеит

Нарҭ Ҟәаԥсаргьен, Даур Бигəаа ихьӡ зху Гəылрыԥшьтəи абжьаратə школ далгеит. Аԥснытəи аҳəынҭқарратə университет, азиндырратə факультет аҿы аҵара қəҿиарала ихиркəшеит. Анаҩс, аррамаҵзура дахысит, иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа наигӡеит.

"Сара исхамшҭуа хҭысны иаанхеит, аррамаҵзура санахысуаз, Аԥсны Аиааира амш 25 шықəса ахыҵра иазкыз апарад саналахəыз аныҳəатə мшы. Уи сара сзы даара агəырҕьареи агəышьҭыхреи зцыз мшын. Исгəалашəоит, сааигəара ԥҳəыск дгылан, аҵəыуара даҿын. Сара ацəаҳəа сахьықəгылаз сылаԥш дыҵашəеит абри аԥҳəыс, даара аемоциатə ҟазшьа аманы имҩаԥысит сара сзы уи амш, убри аан ацəанырра ԥхақəа сыцын, сгəырҕьара ҳəаак амамызт", - ҳəа азгəеиҭоит Нарҭ.

Нарҭ дхəыҷаахыс аԥсыуа ҟазшьала дааӡан, аиҵбы аиҳабы захьӡу идыруеит, иагьныҟəигоит. Аҭоурыхтə ԥсадгьыл аҵакы бзианы еиликаауеит.

"Сара сазгəыдууп Аԥсны сахьиз, сахьааӡаз. Аҭагылазаашьа сыман сҵара аганахь ала Ҭырқəтəылаҟа сцарц, иара убас уа аусура салагарц. Аха, сара еснагь исҭахын Аԥсны саанхарц, сыжəлар рзы исылшо ахəыҷы ала хəарҭарак ҟасҵарц. Сара азиндырратə факультет санҭалоз, Ҭырқəтəыла иреиҳау аҵараиурҭа саднакылахьан, аха уи мап ацəыскит, сымцаӡеит. Ҭырқəылаҟа сцазҭгьы, Аԥсныҟа схынҳəра ауадаҩра ацнаҵар ҟалон, уаҟа аус зуа азакəанԥҵарақəа хазуп, убри аҟынтə ара аҵара сҵарц, араҟа саанхарц сыӡбеит", - иҳəеит Нарҭ Ҟәаԥсаргьен.

23 шықəса ирҭагылоу Нарҭ Ҟәаԥсаргьен, иахьа аус иуеит Гагра ақалақь аҿы атуризм аганахь ала. Уи аҩыза алшара ииҭеит, Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа ихынҳəыз ҳџьынџьуаҩ Ҭанер Ашəба, ҭабуп ҳəагьы иаиҳəоит. Хымԥада, ирацəоуп Нарҭ иаԥхьаҟа изыԥшу аԥсҭазаара ду. Аха, зегьы ирыцкуп гəыла-ԥсыла Аԥсны дахьамадоу.

Ианал Хапашь - Sputnik Аҧсны
Ианал Ҳаԥашь: Аԥсны доуҳамчк амоуп, есааира сагәыланахалоит

"Аҩызцəа рацəаҩны исымоуп, ҳаизыҟазаашьа бзиоуп. Ашкол санҭаз, ауниверситет санҭала, аррамаҵзура санахысуаз уҳəа, зегьынџьара аҩызцəа хəыҷык-хəыҷык сырҳаит. Аамҭа анҳамо ҳаибабоит, ҳаидтəалоуп, ҳаидгылоуп, ҳаилибакаауеит. Абызшəа аганахь ала уадаҩрак сымаӡам. Зегь раԥхьа иргыланы аԥсышəала аҷҷаҳəа сцəажəоит, аурысшəа, аҭырқəшəа здыруеит, англыз бызшəалагьы сцəажəоит хар сымам", - иҳəоит Нарҭ.

Нарҭ Ҟәаԥсаргьен аҳəаанырцə инхо ҳауаажəлар ирабжьигоит Аԥсныҟа иаарц, ирбарц-ираҳарц, рҽадыршьцыларц, ҳауаажəлар ирылаԥшырц.

"Араҟа ауаҩы дуҭынхамзаргьы, дузгəакьаӡазшəа ауп дшыҟоу, уи рҟазшьа аҷыдарақəа ируакуп аԥсуаа. Сара ус исзааиуеит, ус еиԥшгьы избоит. Сара иахьа схы шьҭыхны искуп, сгəы раҳаҭны сыҟоуп Аԥсны сахьынхо, сыԥсҭазаара ахьымҩасуа, избанзар саԥсыуоуп", - ҳəа азгəеиҭоит Нарҭ Ҟәаԥсаргьен .

Ирацəаҩхааит Нарҭ Ҟәаԥсаргьен иҿыԥшы згаша, зыԥсадгьыл иаҵеи хьӡырҳəагақəаны ииша аԥсуаа. Нарҭ иакəзар изеиҕьаҳшьоит агəабзиара, игəҭакқəа зегьы рҿы аманшəалара.

Ажәабжьқәа зегьы
0