Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Адем Маҳариа: ҳшаԥсацәоу ҳзеиҭамҳәо ҳаныҟала, ҳазшаз дҳазгәаауеит

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАдем Махариа
Адем Махариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаҩ, уаҟа еиҿкаау Аԥсуа быргцəа реилазаара аиҳабы Адем Маҳариа дырзааҭгылоит рхеилак ахықəки, аижәлантәқәа реизарақәа шеиҿыркаауеи, иԥсадгьыл иадҳəалоу игəҭахəыцрақəеи.

 

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Адем Маҳариа, дынхоит Ҭырқəтəыла, Болу ақалақь аҿы. Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа быргцəа реилазаара деиҳабуп. Иара излазгəеиҭо ала, Адаԥазар иаҵанакуа аҭыԥқəа рҟны иҟоу абыргцəа еиҳа ирацəоуп, Есқьишьеҳир, Бурса, Енегиоль, Диузџье, Анкара уҳəа иуԥыло абыргцəа рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷуп. Зынӡа Ҭырқəтəыла Абыргцəа рхеилак иалоу 20-ҩык ыҟоуп. Агəыԥ аҟны зегь иреиҳабу Быҭəба Азиз 86 шықəса дырҭоуп, Џьемалеҭҭин Аџыр-иԥа Арӡынбеи иареи қəрала еизааигəоуп.

"Аԥсуа Федерациа, аԥсуаа рхеидкылақəа адернеқьқəа рҟны ҳаизоит. Ҳазлацəажəо азҵаарақəа рацəоуп, зегь раԥхьа иргыланы ҳбызшəа амырӡра ауп ҳзышьтоу. Ҳарҭ ақыҭақəа рҟны ҳрааӡеит, уа иааӡаз аԥсшəа ҳдыруеит, ақалақьқəа рҟны изызҳауа аҿар аԥсшəа рцəыӡуеит, убри азы ҳхеидкылақəа рҟны аԥхынра аԥсшьара аамҭа аныҟоу, Аԥснынтə арҵаҩы дааганы иҟаҵатəу, ҳлеишəа, ҳқьабз мыӡырц азы, атəым дгьыл аҵаҟа ҳрыцҳаны ҳнымхарц азы иҟаҵатəу аусқəа ҳрылацəажəоит", - иҳəеит Адем Махариа.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАдем Махариа
Адем Маҳариа: ҳшаԥсацәоу ҳзеиҭамҳәо ҳаныҟала, ҳазшаз дҳазгәаауеит - Sputnik Аҧсны
Адем Махариа

 

Адем Махариа излеиҳəо ала, Аԥсныҟа илдоу амҩахəасҭа амҽхак ырҭбаатəуп. Ҭырқəтəылантəи зыԥсадгьыл ахь зхы зырхаз аԥсуаа уа иахьнеиуа ахныҟəгаразы рнапаҟынтə иааиуа аусқəа ирыцклаԥштəуп, хымԥада, аҭагылазаашьа аԥҵатəуп, уи азы ахшыҩеилаҵара аҭахуп. Хшыҩла еицыӡбахо амахəҿа иалыршатəуп, ахандеира аҭахуп.

Ҭырқәтәыла ақалақь Зонгәылдак аҟны аԥсуа культуратә центр аарта - Sputnik Аҧсны
Амилаҭтә культуратә хәышҭаара: Ҭырқәтәыла иаадыртит даҽа аԥсыуа центрк

"Аԥснынтə сара сқыҭахь иааз сабду руаӡəы иашьеиҳаб иԥа Иззеҭ ҳəа дыҟан, иара 16 шықәса ихыҵуан Аԥснынтə данаа. Аграа рангьы шəышықəса дреиҵамызт урҭ ирыцны иааз. Убарҭ абыргцəа рҟынтə избаз рацəоуп. Амилаҭ милаҭны иҟаларц азы, ибызшəеи, илеишəеи, иқьабзи имырӡроуп. Иззеҭ ҳəа ззысҳəо сабду иашьеиҳаб иԥа, арра сцара мчыбжьык шагыз иԥсҭазаара далҵит. Анышəынҭрахь сара дылбааган, дырҽеины дҭасҵеит, иԥа дҭасымҵаӡеит, избанзар сара убриаҟара бзиа дызбон иара. Есқьынагьы аҿар амҩа Аԥсныҟа идҳарбароуп иҳəалон, ҳара ҳаԥсуеит, аха ҳашьҭахьҟа инхаз ҳлеишəа ангəарымҭа, ҳаиаӡааит имшын, убас дшыгəжəажəозгьы дыԥсит", - игəалашəарақəа ҳацеиҩишон абырг.

Абыргцəа реилазаара аиҳабы Адем Махариа илаԥш ахара инаӡоит, иажəа акрыԥхылнадоит, ихшыҩ ҟəыӷоуп, Аԥсны гəыла-ԥсыла даласоуп, иԥхыӡ иалоуп, ижəлар жəлары наӡаны, адунеи рыбзарӡы алаҵəаны иҟалар иҭахуп.

"Амилаҭқəа рызегьы аԥсуаа ҳазлареиӷьу ак ыҟоуп - ҳаламыс дууп, иҷабны иныҟəаҳгоит. Уаҵəы аҿар дара-дара еихамыҵгылар, еивамгылар, реиҳабы пату иқəрымҵар, милаҭк аҳасабала ианзыҟамла, ԥсыхəа змам усуп. "Еимҟьарак ҟаланы, адунеи ҳазқəыԥсоу аҟынтə аԥсуаа џьара ҳаицааины, ҳазлыӡааз ҳаԥсадгьыл ахь амҩа хтны ҳнеир, ҳшаԥсацəоу ҳзеиҭамҳəо ҳаныҟала, ҳрыцҳахоит, ҳазшазгьы ҳара дҳазгəаауеит", - рҳəалон ҳаиҳабацəа. Ҳабла ҷыц еиԥш ҳрыхӡыӡааароуп, абааԥсқəа, ҳдоуҳатə беирақəа, ҳҵасқəа, ҳқьабзқəа", - ҳəа азгəеиҭоит Адем Махариа.

Адем Махариа иабдуцəа рџьынџь Лыхны ақыҭоуп. Аха, амҳаџьырра иахҟьаны, аԥсуаа аӡəырҩы реиԥш, ахҵəара рықəшəеит Ҭыркəтəылаҟа, амҩангьы изықəшəаз арыцҳарақəа ҵҩа рымамызт.

Шамиль Эшба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ешба: ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа Аԥсны ршьапы ианықәдыргыл, рылаӷырӡ аара иалагеит

"Сабду Мысҭафа ихьӡын, иашьеиҳаб Багаса ихьӡын. Убарҭ ҩыџьа раҳəшьцəа ыҟан, руаӡəык Елиф лыхьӡын, егьи Ҳандым лыхьӡын. Урҭ рахьтə аӡəы сара сқыҭа иалҵыз Ҭараа ран лакəын, егьигьы Гəымантəи иҭыҵыз Џьудараа ран лакəын. Махариаа еицыз рацəаҩын, аха аҕбақəа ианрықəтəоз еицəыӡит. Сара арра сцаанӡа еицəыӡқəаз, еибаԥшааз рацəоуп. Уи анаҩсангьы, ԥшьқыҭак рҿы инхоз сыжəлантəқəа сыԥшааит, ирхылҵыз, ирԥылҵыз зегьы збеит, ҳаибадырит. Махариаа аижəлантəқəа сынтəа аашықəсоуп ҳаиқəшəоижьҭеи, аизара дуқəа мҩаԥаагоижьҭеи. Сынтəагьы Болу ҳара ҳҿы иҟан ҳаизара", - иҳəеит Адем Махариа.

Атəым жəҩан иаҵамӡырц, излоу атəым милаҭ ирыламӡырц, раԥсуара еиқəдырхарц, рыԥсадгьыл иазыхынҳəырц, уи амаҵ азырурц азы аҿар абжьгарақəа рырҭоит аиҳабацəа. Ирҭахуп рҭоурых адацқəа ирышьҭазарц, абиԥарала инеимда-ааимдо инаргаларц.

"Аԥсны инхаз сабду иаб Махо ҳəа дыҟан. Аԥсны анышəынҭрақəа рҟны раԥхьа снеит 1986 шықəса рзы, Махариаа рыжəлақəа урыс бызшəала ианын, аԥсышəала иахьанызгьы ыҟан, мчыбжьык анышəынҭрақəа сырҭан, иҭысҵаауан. Сан Хəарааԥҳауп, Меҳлиқа лыхьӡын. Саб иан Цыблыԥҳан, сан лан Кəаӡԥҳан. Санду, сан лганахь ала сылхаануп. Лара лаб иҟынтə илаҳахьаз Аԥсны аӡбахə акəын илдыруаз, лхаҭа аҭырқəа идгьыл аҟны диит. "Сара сани саби ԥсаанӡа Аԥсны ишазхьаауаз, ишҵəыуоз иԥсит. Сҭаацəа ахьықəҵыз ҳтəыла снықəыԥшны саргьы сыԥсындаз" лҳəалон", - дҳацəажəон Адем Махариа.

Иацтəи амш иаҳзыннажьыз агəалашəарақəа рыла еибаркуп иахьатəи ҳаԥсҭазаара, уи иагəылсуеит иара ахатə ҭоурых. Атəымдгьыл аҿы Аԥсадгьыл азхьаара ҽакуп, уи иацуп еицакра зқəым иҿымцəаауа агəыбылра.

Аҭрышба Ҭалиаҭ  - Sputnik Аҧсны
Ҭалиаҭ Аҭрышба: апатуеиқəҵара иахылҿиаауеит аидгылареи агəыбылреи

"Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, уи ҳацныҟəароуп, ҳаԥсуара агəыцə ҳаиднакылароуп. Ҳқыҭақəа ҭамцəроуп, урҭ ҳаиқəдырхоит. Схатəы бызшəа сыԥсеиԥш бзиа избоит, сбызшəа сзымдыруазҭгьы иахьа уажəраанӡа иҟасҵақəахьоугьы сзыҟаҵомызт, сзыргəаҭеиуа сбызшəоуп. Ҳбыргцəа ус иалацəажəолоит: "Аҩеишьцəа аӡəы аԥсшəа идыруазар, егьи изымдыруазар, рҩыџьагьы ргəыбылра еиԥшхаӡом" ҳəа. Ииашоуп, аԥсшəа здыруа, алеишəа здыруа ицəыԥхашьара рацəоуп, аԥсуа леишəеи ақьабзи ззымдыруа, уи атəым қьабзи алеишəеи рахь деихоит", - игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишон абырг.

Адем Махариа Аԥсны изныкымкəа даахьеит. Итəыла аԥсҭазаара далахəуп. Иҭахуп аҳəаанырцə инхо аԥсуаа рыԥсадгьыл ахь ихынҳəырц, Аԥсны азакəанқəа аус рурц, хəыҷгьы-дугьы, амал змоугьы измамгьы рҿаԥхьа азакəан амч еиҟаразарц, ашəарҭадара азҵаара хылаԥшра аҭазарц. Наҟ-ааҟгьы ҳмахəҿа еилҳəаны аус еицаҳурц гəаҳəарас имоуп.

"Аԥсуа милаҭ ада егьырҭ амилаҭқəа рҟны алеишəеи ақьабзи ҳəаа рыбжьаӡам. Аԥсны иахьа ахақəиҭра ҳамоуп, Анцəа иџьшьоуп. Ишəыршəыруа ихшьу ҳбираҟ, сиҳəоит ҳшамкəа ҳазшаз Анцəа, адунеи ахьынӡашьақəгылоу ҳбираҟ лымбаауа, Аԥсынра аԥсыуак ида аԥшəымак дамаиуа Анцəа иҟаиҵарц. Сара смаҭацəа атəым дгьыл аҿы инхоит. Уи сара исымбаргьы, "ҳара ҳабду даԥсыуан, ҳара ҳаҭырқəцəахеит" анырҳəа аамҭазы, адамра хыла садырсит ауп иаанаго. Убри аҩыза аҭагылазаашьа ҟамлароуп аԥхьаҟа, ҳшаԥсацəоу ҳаанхароуп наунагӡа", - ҳəа азгəеиҭоит Адем Махариа.

"Сара сгəы иҭоу аԥсыуа шьоуп, исусхузеи атəы дгьыл аҿы? Ари рыцҳара думи? Ҳара иаҳҭахын, иагьҳахəҭан ҳбираҟ ԥшӡа аҵаҟа Аԥсны ҳанхар, аха иалымшеит, аҿар ирылдыршароуп...", - абас ҵыхəаԥҵəара рымамызт ҳџьынџьуаҩ Адем Махариа иԥсадгьыл ахь иааирԥшуаз игəҭахəыцрақəа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0