Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Мамун Маан: сажәра Аԥсныҟа иаазгоит ҳәа сыҟамызт

© Foto / Сырма АшәԥҳаМамун Маан
Мамун Маан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Быжьшықәса раԥхьа, мшаԥымза 2013 шықәсазы Шьамтәылантә Аԥсныҟа иааз иреиуоуп Мамун Маан иҭаацәа. Ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ирыԥсҭазаашьоу еилылкаауан акарантин ҟалаанӡа сасра ирызцаз Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы инхоз аԥсуааи аҭыԥантәи рашьцәеи дареи реибабара акыр иуадаҩын шықәсқәак раԥхьа. Имаҷын уахь ицоз-иаауаз аделегациақәа. Аԥснынтә аԥсыуак ила аҭаԥшра атәым тәылаҿы инхоз ҳџьынџьуаа рзы жәҩангәашәԥхьарак иаҩызан. Егьа ус акәзаргьы аимадара аҳәаақәа рыҽдырӡуамызт, еигәныҩуан ҭыԥла еицәыхараз, аха гәыла еизааигәааз аԥсуаа.

Анна Иаланчиди - Sputnik Аҧсны
Анна Иаланчиди: сызланагалаз абаза ҭаацәара рҵасқәа ишахәҭоу рныҟәгара сҽазысшәоит

Шьамтәыла инхоз Мамун Маан быжьшықәса раԥхьа иҭаацәа иманы Аԥсныҟа дааит. Уа инхоз аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш, ихҵәар акәхеит, ус иҭанаргылеит ицоз аибашьра хлымӡаах. Ари ауаҩи сареи ҳаибабахьан Аԥсныҟа данаа анаҩс, усҟан хымԥада ҳаицәажәеит, иара дызлахәыз анҵамҭагьы сырхиет. Уижьҭеи ицеит аамҭа, ирыԥсҭазаашьоузеи, ишԥанхо-ишԥанҵуеи Маанаа рҭаацәа рыԥсадгьыл аҿы? Абас еиԥш гәҭакыс иҟаҵаны, ааигәа (акарантин аԥхьа) сырҭааит Гәылрыԥшь араион Агәӡера аҳаблан инхо ҳџьынџьуаа рҭаацәаақәа гәыԥҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан сзыҿцәажәоз санҵамҭа афырхаҵагьы.

70 шықәса инарҭысхьоу Мамун Маан, дахьынхо аҩнаҿы даара пату зқәу, зажәа иазыӡырҩуа аӡә иоуп. Ус сарҳәеит уи аҽны сзықәшәаз иара игәылацәа. Сҭырџьман ҭыԥҳа Ҳажар Лышәԥҳаи сареи ҳаицны аҩнеихагыла ҳанаадәылҵ, абар Мамун Маан адәаҿы игылаз атәарҭаҿы сылаԥш ахьынаиқәшәаз. Хымԥада, аԥсшәа иамҳәакәа сивсны сызцомызт. "Амш бзиоуп, бмыццакуазар ара баатәа, ҳаицәажәап", – иҳәан, иааигәа аҭыԥ насирбеит.

Дальаль Цвижба - Sputnik Аҧсны
Дальаль Ҵәыџьба: cҵаҩцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит, аҿар аԥеиԥш бзиа рымазарц сҭахуп

"Сара аҩны сзыҩнагылаӡом, адәы санықәу бзиа избоит. Иахьа, амра хааӡа ишыԥхо ала, аҩны тәашьас иҟоузеи? Сыԥшәмаԥҳәыси сареи уажәшьҭа ҳтәанчаҩцәоуп, ҳашықәс неихьеит. Ианҳалшоз, ҳанҿарацәаз Шьамтәылатәи аҳәынҭқарра акыр амаҵ азаҳухьан, аха уи зегьы уажәшьҭа ииасыз аамҭоуп, агәалашәарақәа роуп иаҳзынхаз", – абас ҳаиҿцәажәара хацҳаркит Мамун Маани сареи.

Зхаҿсахьа ҳалалыз, зыблақәа ччоз, аха убри аан хьаак зҵубаауаз Мамун, иубаратәы иҟан аԥсҭазаара аҭагәҭасрақәа акыр шихигахьаз. Аха аԥсуа идоуҳа амчра дарӷәӷәон, ихы-игәы алаҟаны ицәажәара иациҵон.

"Сара хҩык ахшара сымоуп, сыԥҳацәа руаӡәк Германиа дынхоит, егьи Маиҟәаԥ аҭаацәара далоуп, сԥа дычмазаҩуп, ара аҩны дсымоуп. Сыԥшәма Ҵәаҵәаа дырхылҵшьҭроуп, аԥсшәагьы цәгьамкәа илҳәоит. Исгәалашәоит, Аԥснынтә уарла-шәарла акәзаргьы аделегациақәа анҳазнеилоз. Ахәлара ааигәахар ҳәа ҳшәон, ҳашрыцыз ҳрыцын, ҳаԥсадгьыл ацәа рхаҳкаауан. Уигь аҭоурых иазынхаз хҭысхеит", – ҳәа азгәеиҭеит Мамун Маан.

Мамун Маан иҭаацәеи иареи аԥсҭзаара изҭанаргылаз ахҭысқәа еиҟәыршеит. Ихшареи иареи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхоит, ианырҭаху изцом-изаауам, акызаҵәык ԥсеиқәырхагас имоу – Аԥсынтәыла иуаажәлар дахьрыланхо ауп.

Муҳаммед-Иасер Чқәуа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа

"Шықәсқәак ҵуеит уажәшьҭа Аԥсны ҳанхоижьҭеи. Есааира агәра згоит, аԥсуаа раҟара ацәгьеи абзиеи рҟны аидгылара злоу уаҩ дшыҟам. Ахәыҷқәаҵәҟьа сывсны ианцо рыбла ачча ахымкәа аԥсшәа сарҳәаӡом, уи саҟара сыцнаҵоит. Аҿар аҵара рҵароуп, абааԥсы! Ҳара ҳшыҟазаалакгьы ҳаҟоуп, ҳҿар роуп гәыӷырҭас иҳамоу. Ҳшеиҳабацәоу дырны пату ҳақәырҵоит", – иҳәеит Мамун ҳаиҿцәажәараҟны аҿар дрызгәдууны.

Мамун Маан Аԥсныҟа даахьан Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа, анаҩс деиҭааит 2008 шықәса рзы. Наӡаӡа ҳәа аара иқәашьхеит 2013 шықәса мшаԥымзазы. Уижьҭеи иԥсадгьыл аҿы имҩасуеит иԥсҭазаара, иара иҳәан еиԥш, ҳазшаз иоуп иҳәаақәызҵо иуаҭәеишьаз алахьынҵа.

"Аԥсныдгьыл раԥхьа сшьапы анықәсыргыла аамҭа, аԥсышәала раԥхьа ацәажәашьҭыбжьы ансаҳа, гәыблыла исԥылаз аԥсуаа, лабҿаба избаз сашьцәа, урҭ егьа аамҭа царгьы сгәаҵаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит. Усҟан егьа агәыӷра ҳамазаргьы ҳашьцәеи ҳареи ҳаимадара аҽарҭбаауеит ҳәа, аиаша шәасҳәоит, сажәра Аԥсныҟа иаазгоит ҳәа сыҟамызт. Ҳабдуцәа шаҟа гәнаҳа иаҵаланы ицазеи, рыԥсадгьыл гәакьаҿы рнышәнап аҟалара ахьраҭәашьамхаз", – игәалашәарақәа есааира деимаркуа дҳацәажәон Мамун Маан.

Маан Самер - Sputnik Аҧсны
Самер Маан: ҳабацәеи ҳабдуцәеи ирхыргаз аҩыза уаҳа аԥсуа жәлар ирԥеиԥшымхааит

Агәӡера аҳаблаҿы инхо Шьамтәылантәи Аԥсныҟа нхара иааз ҳџьынџьуаа уреигәырӷьаратәы иҟоуп. Абриаҟара ҭаацәара срылсит, избеит, исаҳаит, аӡәы ихы дахашшаауа дсықәымшәеит, ирҳәоз акакәын: "Ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсҭазаара иахьабалак иуадаҩуп, агәкажьра ҟамҵакәа аус утәуп, аусурҭа ҭыԥқәа ыҟазар. Иҳааӡо ҳхәыҷқәа Аԥсынтәыла аԥеиԥш бзиа шроуа ҳдыруеит".

Ииашаҵәҟьаны, узеигәырӷьаша акакәны иҟан сызҭааз аҭаацәарақәа шамахамзар хҩы-ԥшьҩы ахшара ахьырааӡоз, урҭ рахьтә иҟан зыԥсадгьыл аҿы ииқәаз. Абраҟа иаасгәалашәеит хҭыск. 2013 шықәса рзы Шьамтәылантәи иааз аԥсыуа ҭаацәарак рҿы диит аҵеи. Аҟәатәи ахшараиурҭа аҟынтә Аԥсуа бираҟ дылаҳәаны дҭыргеит, ари асахьа џьашьахәы саргьы саҿахәҳәаган, сгәалашәарақәа рҿы иԥхаӡа иаанхоит уи асаби снапқәа икәыршаны даныскыз. Уи иацыз агәырӷьара еиҭаҳәашьак узаҭом, аҭоурых ианхалаз хаз игоу хҭысны иаанхоит.

Мамун Маан излаиҳәо ала, иара дахьынхо аҩнаҿы инхо Шьамтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рахьтә иуԥылар алшоит абарҭ ажәлақәа: Маана, Чқәуаа, Ҵәыџьаа (Ҵәаҵәаа), Гогәуаа, Лышәаа, Аграа, Шьагәыжьаа уҳәа, зынӡа жәохә ҭаацәара инарзынаԥшуеит.

© Foto / Сырма АшәԥҳаСырма Ашәԥҳаи Мамун Маани
Мамун Маан: сажәра Аԥсныҟа иаазгоит ҳәа сыҟамызт - Sputnik Аҧсны
Сырма Ашәԥҳаи Мамун Маани

Шьамтәыла ахҵәара иақәшәаз аԥсуаа рлахьынҵа хазын, акырынтә ахҵәара аиҭахҵәара, аибашьрақәа ирықәшәахьан. Иахьынхоз Џьолантәи араион ауриацәа ианрымпыҵархала, Шьамҟа (Дамаскҟа) илбаар акәхеит. Уаҟа иҟаз аԥсуа-адыга қыҭақәа рацәан. Мусмсиа-Гасаниа ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥқәа рҿы аԥсуаа зықьҩыла инхон. Рыԥсы еивырго ианыҟала аамҭазы, ҩаԥхьа аибашьра инҭагылеит. Иахьа Шьамтәылантәи Аԥсныҟа аара зқәашьхаз аԥсуаа, уа рынхарҭа ҭыԥқәа ҭацәуп. Анцәа иҳәааит рыԥсадгьыл гәакьа Аԥсны иазымкуа иҟаларц. Мамун Маан иҭаацәеи иареи ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, игәы еиҵызхуа ахҭысқәа иҵегьы еиҳахааит, иажәа ҟәыш ҳагымхааит! Иазгәасҭарц сҭахуп, Мамун Маани сареи ҳаиҿцәажәара шымҩаԥысыз ҭырџьманда, аԥсыуа бызшәала.

Ажәабжьқәа зегьы
0