Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало

© Foto / Аидын Аҩӡба иҭаацәаратә архив аҟнытәАидын Аҩӡба
Аидын Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Гәыма инхо Аидын Аҩӡба иандуи иабдуи ихҵәақәаз иреиуоуп. Иахьнанагаз егьа хаԥсыра рбазаргьы рҵеира еиздырҳаит, рабиԥара дмырӡит. Аидын изныкымкәа Аԥсны даахьеит, Sputnik ажурналист Сырма Ашәпҳа ҭелла лыҿцәажәараҟны игәҭахәыцрақәа лыцеиҩишеит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Хылҵшьҭрала Аԥснытәи Гәыма еиуоу, Ҭырқәтәыла Гәыма ақыҭа инхо ҳџьынџьуаҩ Аидын Аҩӡба, еснагь гәыла-ԥсыла иԥсадгьыл дамадоуп. Иҟамзар ҟалап шықәсык Аԥсныҟа дмаакәа аныҟалахьоу, иуаажәлар рыԥсҭазаара еснагь далахәуп, рыцәгьа-рыбзиа далагылоуп. Дызлацәажәо ихатәы бызшәа акәзар, акыр ухнамхырц залшом, убриаҟара ицқьоуп иаԥсшәа, убри аан ихшыҩҵак акыр иҭбаауп, илаԥшҳәаа ахара инаӡоит.

Мамун Маан - Sputnik Аҧсны
Мамун Маан: сажәра Аԥсныҟа иаазгоит ҳәа сыҟамызт

Аидын Аҩӡба, раԥхьаӡа акәны дызбеит Ҭырқәтәыла, ҳџьынџьуаа злахәыз еизарак аҿы. Уаҟа дықәгыланы ажәахә аныҟаиҵа, акыр иџьасшьеит, убриаҟара иҵаулан игәҭахәыцрақәа, насгьы убриаҟара аԥсы ахан аԥсшәа, убриаҟара иҿырԥшыган иаԥсуара. Аԥсыуа ҵасла иааӡоу, аха атәым дгьыл аҿы изызҳауаз Аидын, иахьа иуаҩыбжара дынҭысхьеит. Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп, ҩыџьа аԥҳацәеи, ԥаки имоуп. Иԥшәмаԥҳәыс д-Ашәԥҳауп, ҳанааиқәшәо, "санхәыԥҳа, бышԥаҟоу?" ҳәа аԥсшәа хааӡа инасеиҳәоит. Иҭоурых дазҿлымҳауп, еиҳабацәа рҟынтәи иидыруа ажәабжьқәа маҷым.

"Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәшәаз ҳаиҳабацәа Аԥснынтә арахь ианаа рқыҭа еиԥшыз аҭыԥқәа ирышьҭалеит. Егьа уадаҩра рхыргазаргьы, рыдгьылқәеи рыԥсабареи иреиԥшыз аҭыԥқәа ԥшааны анхара нап адыркит. Сара сабшьҭра рхаан аахыс ҳахьынхо ақыҭа Гәыма ҳәа иашьҭоуп. Аԥснытәи Гәыма иҭыҵқәаз ҳауп. Сабдуи сабду иаби Аԥснынтә ахҵәара рықәшәагәышьеит, еицны Ҭырқәтәылаҟа иааит. Сабду иаб Ӡыкәа ихьӡын, уи иаб Салмаҭ, сабду Рашьыҭ ихьӡын. Сабду 115 шықәса ихыҵуаны дыԥсит. Сара усҟан жәашықәса схыҵуан, Рашьыҭ ҳәа иҟаз сабду сихьӡеит. Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа данаауаз сабду 15 шықәса ракәын ихыҵуаз", - дҳацәажәон Аидын Аҩӡба.

© Foto / Аидын Аҩӡба иҭаацәаратә архив аҟнытәАидын иаб Аԥсны даныҟаз. Ашкәакәа зшәу - Владимир Аҩӡба, Аԥсны ахаҭарнакыс Ҭырқәтәыла иҟаз.
Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало - Sputnik Аҧсны
Аидын иаб Аԥсны даныҟаз. Ашкәакәа зшәу - Владимир Аҩӡба, Аԥсны ахаҭарнакыс Ҭырқәтәыла иҟаз.

Аидын Аҩӡба акыр игәы иаланы иҳәоит, аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш, иандуи иабдуи атәым дгьыл аҿы ирхыргаз агәаҟрақәа ртәы, урҭ зегьы ираԥхьагылан рыԥсадгьыл иацыз ахьаагара, иҿыцәаауаз рхәышҭаара агәынгара, ус шаҟа хкы?

"Аԥснынтә иааз саб иан, сара санду Шьамина лыхьӡын,13 шықәса ракәын илхыҵуаз арахь данаауаз. Сан Аигԥҳан, саб Иззеҭ Аҩӡба, Аԥсныҟа раԥхьа инеиқәаз дыруаӡәкын. Знык Аԥсны баны данаа, мышкгьы мҩамсит уи аӡбахә мҳәакәа. Сндуи сабдуи ракәзар, "Аԥсны, Аԥсны",-шырҳәоз рылацәақәа неиқәырыԥсеит . Санду Шьамина зегь реиҳа гәырҩас илыман изықәшәаз, ирхыргаз, дыԥҳәысымзи, акыр хьаас иҟалҵон. Сара санду лкалҭ кны еснагь слыцын, слыдҿаҳәалан",- иҳәоит Аидын Аҩӡба.

© Foto / Аидын Аҩӡба иҭаацәаратә архив аҟнытә1973 шықәсазы Аидын Аҩӡба иаб Аԥсны даныҟаз
Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало - Sputnik Аҧсны
1973 шықәсазы Аидын Аҩӡба иаб Аԥсны даныҟаз

Хымԥада, ахәыҷра адунеи акыр иссируп. Усҟан, укәша-мыкәша уеиҳабацәа злацәажәо, рхымҩаԥгара аҵакы нгәылырҭәааны иузеилымкаауазаргьы, хәыҷы-хәыҷла уеизҳацыԥхьаӡа ухшыҩ аҿы аҭыԥ аанзыжьуа, ухәыҷра ашықәсқәа иргәылуго акыр ирацәоуп, иузышьҭымкаазгьы, узвысызгьы акыр ихьааугоит. Убас еиԥш, Аидын Аҩӡба, игәы иаланы иҳәоит, реиҳабацәа ирҿырҵаашаз иҵегьы шыҟаз, еиҳаракгьы хаҭала ирхыргаз аԥсҭазаара аҟынтәи ахҭысқәа. Ирыцыԥсыз ажәабжьқәа акыр ирацәоуп, зыԥсы ҭаны аҭоурых иазынхаз аасҭа. Ҳаиҿцәажәараҿы иара дазааҭгылеит, ианду еиҭалҳәалоз ажәабжьқәа рҟынтә еиҳа игәалашәараҿы инхаз.

Муҳаммед-Иасер Чқәуа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа

"Аԥснынтә рқыҭақәа ирыхцаны ианааргоз, рырахә рыманы Шрома шыҟаз ианааи, асқьарцәа рыхҭарԥа шкәакәақәа рхаҵаны, жәаҩык-жәохәҩык рҟынӡа рыҽқәа ирықәтәны амҩақәа кны ирыман. "Ишәаԥцаны ижәго арахә-ашәахә аӷбақәа ишәызрықәҵаӡом, икажьны шәцоит!", - анырҳәа, иаашанӡа иҷаԥшьеит еицыз зегьы, анаҩс рырахә абнара иларҵеит, уи нахысгьы жәохәымш инарзынаԥшуа амшын азааигәара итәан, издыруада ҳзымцакәа ҳаанзозар ҳәа", - абас, ианду лажәабжьқәа игәалаиршәон лмаҭа.

Аидын Аҩӡба излаиҳәо ала, иабду Аԥсны аӡбахә уамак далацәажәаӡомызт, еснагь акы дашьны даман, гәырҩа ӷәӷәак дшабылуаз убарҭан. Ус еиԥш иҟан иара иқәлацәагьы.

"Сандуи сабдуи рыԥсы анҭаз, ҳаҩнаҭаҿы аԥсшәа ада даҽа бызшәак ала ҳцәажәаӡомызт. Аҭырқәа бызшәала урацәажәаргьы лахь урҭон, "аҭырқәа бызшәа узымҵар ҳәа ушәома, узакәытә аԥсыуоузеи аԥсышәала умцәажәозар" ҳәа иҳацәҳауан, ԥхашьараны ирыԥхьаӡон, аԥсшәа умҳәар руӡомызт. Уажәы сара сыхшара аԥсшәа цқьаны ирзымҳәозаргьы, ибзианы еилыркаауеит. Ашколқәа рахь ианца, иреиҳау аҵараиурҭақәа ианырҭала аҭырқәшәахь иаго иалагеит", - ҳәа азгәеиҭоит Аҩӡба.

© Foto / Аидын Аҩӡба иҭаацәаратә архив аҟнытәАидын Аҩӡба иани иаби
Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало - Sputnik Аҧсны
Аидын Аҩӡба иани иаби

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа ҳџьынџьуаа хәыҷкәа ргәыԥқәа изныкымкәа рыԥсадгьыл ахь иаахьеит. Араҟа лабҿаба ирбарц рабацәа рабдуцәа зныҵыз адгьыл, рҩызцәеи дареи агәыбылра рыбжьаларц, рашьцәеи дареи реимадара аҽарҭбаарц, рыжәлантәқәеи дареи ааигәаны еибадырырц, рыԥсадгьыл ԥшӡа Аԥсны ихнахырц. Убас еиԥш, Аԥсныҟа иаахьоу ахәыҷкәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аидын иԥа Еффе Аҩӡба. Уижьҭеи ашықәсқәа цеит, иахьа Еффе дхаҵарԥысуп, 30 шықәса ихыҵуеит, арҵаҩы изаанаҭ ала аус иуеит ашкол аҿы.

© Foto / Аидын Аҩӡба иҭаацәаратә архив аҟнытәАидын Аҩӡба иҭаацәа
Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало - Sputnik Аҧсны
Аидын Аҩӡба иҭаацәа

"Дузџьа ақалақь иаҵанакуа Гәыма ақыҭа акәзар, ҳабдуцәа абна ашьапаҿы ишьақәдыргылеит, зықьҟа метра иҳаракыроуп. Аԥсны иахьҭыҵыз еиԥшыз ҭыԥк аҿы итәеит. Еиҳаракгьы Аҩӡаа роуп иҟоу, имаҷым иуԥыло аԥсуа жәлақәа: Џьыгәдараа (Хәарцкьиаа) Ҭыҟәаа, Саӷариаа, Аргәынаа уҳәа, иҟан ажәлазаҵәқәа иахьа иқәӡаахьоугьы. Ақыҭаҿы аӡәгьы иҭыԥ имҭиӡеит, иахьыҟазаалакгьы рыҩнқәа рышьаҭа еиқәдырхеит, аԥхынразы иаауеит, икармыжьӡеит", - иҳәеит Аидын Аҩӡба.

© Foto / Аидын Аҩӡба иҭаацәаратә архив аҟнытәАидын Аҩӡба иҧшәмаҧҳәыси иареи
Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало - Sputnik Аҧсны
Аидын Аҩӡба иҧшәмаҧҳәыси иареи

Аҩ-еишьцәа ирхылҵыз рахьтә иаанхаз Аидын Аҩӡба иоуп, иашьцәа хҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Ердынџь иашьа иԥацәа ҩыџьа ыҟоуп, изҳауеит Аидын иҵеира иацызҵауа иԥа Еффе Аҩӡба.

"Ҳқыҭақәа анаҳцәыӡ, ҳаԥсуарагьы ыӡуеит, ҳазланхо ҳнарылаӡ ҳцоит. Ҳқыҭақәа уажәраанӡа рыхьчара ахьҳалшаз ауп ҳаԥсы ҭакны изку. Ақыҭақәа рҿоуп ҳаԥсуара ахьынхаз. Ақалақьқәа рахь иагаз аҿар рыбызшәа рхашҭуеит, еилыркаауазаргьы изаламцәажәо иҟалоит. Дузџьа еиҿкаау аԥсуаа ҳкультуратә хеидкыла иҭаҩым уаҩ дыҟам. Рҭоурых, раԥсуара, ркультура иашьҭоуп аҿар. Абызшәа зегьы ирыцкуп, абааԥсы! Абызшәа рхамшҭроуп еизҳауа, мамзар аԥсыӡ аӡы зҵабаз ҳаҩызахоит", - ҳәа азгәеиҭоит Аидын Аҩӡба.

© Foto / Саим Аҩӡба иҟынтәҬырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма - Sputnik Аҧсны
1/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
© Foto / Саим Аҩӡба иҟынтәҬырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма - Sputnik Аҧсны
2/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
© Foto / Саим Аҩӡба иҟынтәҬырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма - Sputnik Аҧсны
3/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
© Foto / Саим Аҩӡба иҟынтәҬырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма - Sputnik Аҧсны
4/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
© Foto / Саим Аҩӡба иҟынтәҬырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма - Sputnik Аҧсны
5/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
1/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
2/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
3/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
4/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма
5/5
Ҭырқәтәылатәи аҧсуа қыҭа Гәыма

Дузџьа иаҵанкуа аҭыԥқәа рҿы 25 рҟынӡа аԥсуа қыҭақәа ыҟоуп, ҭыӡҭыԥла шәкы еиҵаӡам, иҟоуп ԥшьышә ҭӡы рҟынӡа ахьынхогьы, иаҳҳәозар Бычка захьӡу аԥсуа қыҭаҿы. Аидын Аҩӡба Аԥсныҟа салам ҳәо, иажәақәа абас ихиркәшеит:

"Аԥсуа дахьанаало Аԥсноуп. Анцәа иҳәаны амҩақәа ҽеила ихтыр, инеиуа-иааиуа рацәахар, арантә инеины уа инхо рацәаҩхоит. Аԥсны ҳаԥсы иаҳзалымхуа бзиа иаҳбоит!"

Ажәабжьқәа зегьы
0