Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬамер Ешба
Ҭамер Ешба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ Ҭамер Ешба иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхара-инҵыра шыҟоу, инапы злаку, иԥсадгьыл ахь имоу игәҭахәыцрақәа уҳәа ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәуа ҳџьынџьуаа рыӡбахә анҳаҳауа, акырӡа ҳаигәырӷьоит. Еиҳагьы ҳгәы шьҭнахуеит урҭ рхы-ргәы иақәгәырӷьо, аԥсҭазаара иахамышшаауа ианаҳԥыло, рыҵәҩаншьап араҟа ианадырсуа, аҭаацәарақәа анаԥырҵо.

Омар Хагәышь - Sputnik Аҧсны
Омар Хагəышь: Аԥсныҟа саара – илабҿабахаз аԥхыӡ исзаҩызахеит

Ҭырқәтәыла, Ҳендеқь араион иаҵанакуа Ҭагәареқь ақыҭаҿы инхоз ҳџьынџьуаҩ Ҭамер Ешба абар уажәшьҭа фышықәса инарзынаԥшуеит Аԥсныҟа нхара дааижьҭеи. Иӡбахә саҳахьан, аха иааигәаны дсыздыруамызт. Мышқәак раԥхьа аҭагылазаашьа соуит ҳаибабартә, ҳаицәажәартә, иԥсадгьыл ахь имоу игәҭахәыцрақәа еилыскаартә еиԥш. Ауаҩы аамысҭашәа, мыцхәы ацәажәара зҟазшьам, заԥсуара заԥхьа игылоу ари арԥыс иԥсадгьыл аҿы, хымԥада, даԥшәыманы ихы ибоит, дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара Еимени Дефнеи драбуп.

"Сара сабшьҭра Гәбаадәынтә Дали Ҵабали рахь илбаақәаз иреиуоуп. Сабду иаб Џьаргьеҭ иоуп Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара зықәшәаз. Иара иахьынӡауаз Аԥсны дыҟан, амҳаџьырра раԥхьатәи ацәқәырԥақәа иргаз дреиуам, аха ашьҭахь дзықәшәаз аҭагылазаашьа ихы анираалар акәхеит, дыхҵәеит", - дҳацәажәон Ҭамер Ешба.

© Foto / Предоставлено Тамером ЕшбаҬамер Ешба иабду Неџьиԥ
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба иабду Неџьиԥ

Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны инхо Ешаа рхыԥхьаӡара маҷым, Аԥсны инхақәо реиҳа акырынтә еиҳауп. Аҭоурыхтә мзызқәа еиҟәыршаз рашьцәеи дареи аимадара рыбжьало иалагеит 30 шықәса раԥхьа. Ҭамер игәалаиршәоит иара иаб иашьа раԥхьаӡа акәны иабдуцәа зныҵыз адгьыл данаҭаа, усҟан иара дхәыҷын, аха еиҭеиҳәоз Аԥсны иадҳәалаз ажәабжьқәа ихы-игәаҿы иаанхеит.

Илҳан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Илҳан Аҩӡба: аԥсуара ҵароуп, угәаҿы аԥсы ҭазароуп

"Саб иашьа Наиль Аԥсныҟа даахьан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа. Усҟан иара Гәдоуҭа инхоз иашьцәа Ешбақәа рҿы дынхон. Аԥсны иибаз-иаҳаз, дзықәшәаз аԥсуаа, гәыблыла дыздызкылаз ижәлантәқәа рыӡбахә еснагь далацәажәон. Иҳәон Аԥсны аԥшӡареи ахаареи мбакәа зыԥсҭазаара иалҵыз аиҳабацәа рыгәнаҳа шыцәгьоу, игылоу аҿар аамҭа бзиак рзылԥхар Аԥсныҟа ихынҳәыр шакәу", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишон Ҭамер Ешба.

Ишдыру еиԥш, ахҵәара зықәшәаз ҳауаажәлар иахьнанагаз атәылақәа рҿы анхара рцәыуадаҩхеит. Аԥсыӡ аӡы зҵабаз иаҩызаны рхы рыԥхьаӡон. Ԥсҿыхгас ирымаз Аԥсны иахьынхоз ақыҭақәа рцәаара зхыркаауаз аҭыԥқәа ԥшааны анхара ҿыц рнапы ахьадыркуаз акәын.

"Сара сабду Неџьиԥ иаб Џьаргьеҭ Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа дыхҵәар анакәха, раԥхьа Калиак ақыҭаҿы анхара далагеит. Аха анаҩс Ҳендеқь иахьаҵанакуа Ҭагәареқь ахьӡҵаны ақыҭа шьақәиргылеит, ҳаблак еиднакыло раҟара аԥсуаа нхоит уажәгьы. Иаҳҳәозар: Аӡынаа, Ашәаа, Жьиаа, Қапаа, Ешаа уҳәа, 25-30 ҭӡы инарзынаԥшуеит. Араҟа аԥсы ҭоуп аԥсуара, убас еиԥш игоит аԥсуа бызшәа ашьҭыбжьгьы. Сара аԥсышәала ицәгьамкәа сцәажәоит, уи зыбзоуроу, ҳәарада сандуцәеи сабдуцәеи роуп, аҩны еснагь излацәажәоз аԥсышәала акәын", - ҳәа азгәеиҭоит Ҭамер Ешба.

© Foto / Предоставлено Тамером ЕшбаҬамер Ешба ианду Ԥлиаԥҳа Иԥеқь
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба ианду Ԥлиаԥҳа Иԥеқь

Ҭамер Ешба дызхылҵыз рышьҭа ҵаулоуп, рдаракәац ӷәӷәоуп. Иан Чкокԥҳауп, Ҭиульаи лыхьӡуп, уи лан Ԥлиаԥҳан, Иԥеқь лыхьӡын. Иаб Џьемиль иан Арӡынԥҳан, заа лыԥсҭазаара далҵхьан. Урҭ ирааӡамҭоу иоуп ҳара ҳзыҿцәажәоз Ҭамер Ешба.

Еџье Ҭраԥшьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Еџье Ҭраԥшьԥҳа: раԥхьатәи аԥшаах збеит сабдуцәа ахьҭыҵыз Анхәа ақыҭаҿы

"Сара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит 2014 шықәса рзы, Аиааира амш ныҳәа аназгәаҳҭоз. Мчыбжьык Аԥсны саанхеит, схы-сгәы иҭалеит. Ҭырқәтәылаҟа сгьежьны санца, џьарак сакуамызт, арахь сызлаара сашьҭалеит. Убас еиԥш слахьынҵа сыцныҟәеит, ҩымз ааҵуаны Аԥсныҟа саартә еиԥш. Сҩызцәеи сареи ҳаицәажәаны адәқьан маҷ "Через" ааҳартит, Ҭырқәтәылатәи ачысхаақәа ахьырҭиуа. Уиижьҭеи Аԥсны сыҟоуп, сҭаацәа аныгәхьаазго сцалоит-саалоит", - иҳәеит Ҭамер Ешба.

Ҭамер иани иаби ҩыџьа ахшара рхылҵит, иара димоуп аиаҳәшьа, Ҭырқәтәыла аҭаацәара далоуп, ҩыџьа ахшара дрануп. Рԥазаҵә Аԥсныҟа аара анаԥшьига, иҭаацәа азыразхеит, дныҳәаныԥхьаны амҩа дықәырҵеит.

© Foto / Предоставлено Тамером ЕшбаҬамер Ешба иаб Џьемили уи иашьцәеи
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба иаб Џьемили уи иашьцәеи

Ҭамер занааҭла декономиступ, Есқьишьеҳиртәи ауниверситет аекономикатә факультет далгахьеит. Иара излазгәаиҭо ала, Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа раԥхьа данаа еиҳа еиӷьын, уажәы маҷк иԥсыҽхазшәа изаауеит.

"Ҳара џьанаҭдгьыл аҿы ҳанхоит. Ҳмаашьакәа ҳмахәҿа аус аҳарур, ҳадгьыл чашә иалымҵуа егьыҟам. Атуризм ахырхарҭала акәзар, ижәдыруеит ҳҭагылазаашьа зеиԥшроу, ҳамшын, ҳашьхақәа, ҳаԥсабара, абарҭқәа зегьы аԥсшьаҩцәа зыршанхо ауп. Аҳәынҭқарратә программақәа аус руроуп, азакәан амч амазароуп. Ауаҩы гәыла-ԥсыла инапаҟынтә иааиуа аус еснагь алҵшәа амоуп. Ҳарҭ егьырҭ атәым милаҭ ҳазларылукаауа ҳҟазшьа аҷыдарақәа рыла ауп. Ҳара ҳаԥхьа иҳаргылоит ҳаламыс, ҳаԥхашьара, ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом", - игәҭахәыцрақәа ҳацеиҩишон Ҭамер Ешба.

Изҳәо-изуа здыруа, ахӡыргара иашьҭам, ауаҩы деилызкаауа, зхымҩаԥгара ҿырԥшыгоу Ҭамер Ешба дынхоит Аҟәа ақалақь аҿы, макьаназы қьырала ауадақәа дрыҩноуп. Азныказы ус шакәыз аҳәара иҭахымхеит, аха сызҵаара ҭакда изаанмыжьит. Ҭамер Ешба иҭаацәара рышьҭамҭа еиҵыҵааит Аԥсныдгьыл аҿы, забдуцәа рџьынџь дгьыл ахь ихнымҳәыц аԥсуаа рзы иҿырԥшыганы иҟалааит ҳзыҿцәажәоз ҳџьынџьуаҩ ихымҩаԥгара.

© Foto / Предоставлено Тамером ЕшбаҬамер Ешба Ҭырқәтәыла иҭаацәа ахьынхо ақыҭа Ҭагәареқь
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба Ҭырқәтәыла иҭаацәа ахьынхо ақыҭа Ҭагәареқь

Иазгәасҭарц сҭахуп, иара иаб иашьа иԥа Шамиль Ешба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра дшалахәыз, иԥсадгьыли иуаажәлари бџьаршьҭыхла ишихьчаз, ишихьчаз ҳхақәиҭра, аҭынч ԥсҭазаараҟны ҳанхарц-ҳанҵырц, ҳаԥсадгьыл аԥсуаа рыла иҭырҭәааны иҟаларц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0