"Ҳзеиԥш ҩноуп": Елиф Ҭаԥшьԥҳа (Маршьан) Сҭампылтәи адернеқь азы

© Foto / предоставлено Елиф Маршьан Елиф Маршьан
Елиф Маршьан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи Аԥсуа дернеқьқәа апандемиа иахҟьаны русура ԥкуп. Аха уеизгьы уи ахаҭарнакцәа "аԥсуа ихәшҭаара" амца ҽҳәаҵаны ирымоуп. Хымз раԥхьа Сҭампылтәи Аԥсуа дернеқь аиҳабы ихаҭыԥуаҩс иалырхыз Елиф Ҭаԥшьԥҳа (Маршьан) еиҭалҳәеит рнапы злакуи гәҭакқәас ирымоуи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Елиф Ҭаԥшьԥҳа лхы лдыруеижьҭеи Аԥсуа дернеқь лыԥсҭазаара иадҳәалоуп. Араҟоуп лара лхатәы бызшәа ашьаҭа ахьлырӷәӷәаз, аԥсуа культурахь агәыбылра ахьеизлырҳаз.

Сҭампыл иҟоу Адернеқь егьырҭ ҳмилаҭ-культуратә центрақәа реиԥш, "аԥсуа ихәшҭаара" ҳәа иԥхьаӡоуп. Апандемиа ҟалаанӡа араҟа лассы-лассы аиԥыларақәа еиҿыркаауан. Аԥснынтәи иаауаз асасцәа рыдыркылон. Арҭ аҭыӡқәа рҟны ҳџьынџьуаа ирымоуп алшара рхатәы бызшәеи, рмилаҭ кәашареи рҵара, рҟазара арҿиара.

© Foto / предоставлено Елиф Маршьан Елиф Маршьан
Ҳзеиԥш ҩноуп: Елиф Ҭаԥшьԥҳа (Маршьан) Сҭампылтәи адернеқь азы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Елиф Маршьан

"Адернеқь аҟны аԥсшәа ҳлырҵоит Дали Санӡааԥҳа, лара лыбзоурала ԥхамшьарада зхатәы бызшәала ицәажәо ҟалеит, уи азы иҭабуп ҳәа ласҳәоит. Апандемиа аамҭазгьы онлаин ала алекциақәа ирыцаҳҵон. Еиҿкаауп акәашаратә ансамбльқәа хԥа - "Редада", уи еихшоуп аиҳабыратәи абжьаратәи гәыԥны, иҳамоуп ахәыҷтәы коллектив "Рерашьа", иара убас акәашара абзиабаҩцәа ргәыԥ "Ааԥын". "Редада" аконцертқәа мҩаԥнагахьан Аԥсны. Аҟазауаа рзы иаԥҵоуп еиуеиԥшым акружокқәа, иаҳҳәап амырзакан арҳәара, асахьаҭыхра, аԥҽыхалых аҟаҵара", - Адернеқь аҟны рнапы злаку дазааҭгылеит Елиф Ҭаԥшьԥҳа.

© Foto / предоставлено Елиф Маршьан Елиф Маршьан
Ҳзеиԥш ҩноуп: Елиф Ҭаԥшьԥҳа (Маршьан) Сҭампылтәи адернеқь азы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Елиф Маршьан

Аԥсуа дернеқь ахыбраҟны иҟоуп амилаҭ чыс ахьыҟарҵо акрыфарҭагьы. Елиф лажәақәа рыла, араҟа илҵуа аԥара цхыраарак аҳасабала ишьҭарҵоит. Изныкымкәа агәыҳалалра аадырԥшхьеит аԥсуа ҭаацәарақәа рзы, ацхыраара аарышьҭхьеит Аԥсныҟа. Иахьагьы еизганы ирымоуп амаҭәа.

Адернеқь аҟны мызкахьы знык абыргцәа алархәны аизарақәа мҩаԥыргоит. Ирылацәажәоит ҳмилаҭ ахаҿра ахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа.

Сҭампылтәи Аԥсуа дернеқь аҿы ҩышықәса раахыс аус ауеит аҳәса рхеилак "Агәыбылра". Уи еиҳабыс дамоуп Емине Пасаниаԥҳа. Елиф илҳәеит дара апандемиа ҟалаанӡа ус дуны иҟарҵаз шакәу Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа ҭаацәарақәа рыбжьара, аҳәса рганахьала ахацәа рымч ахархәара арҭо иарымҭо аилкаара.

"Ҭырқәтәыла, астатистика излаҳәо ала, есыҽны аҳәса рганахьала ахацәа рымч ԥыршәоит, ирацәаҩӡоуп ааха зауа, иара убас зыԥсҭазаара иалҵуа. Абри азҵаара аҳәса рхеилак "Агәыбылра" алахәцәа есқьынагьы ҳгәы иҵхон. Убри аҟнытә иахьынӡаҳалшоз аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы аҳәса анкетақәа рызшаны, иҟарҵаз аҭакқәа рыла еилаҳкааит, урҭ рхыԥхьаӡара зынӡа ишмаҷу. Иҟоугьы апсихологцәа рацәажәеит. Атәым милаҭ аҿы еиԥш астатистика ҳаргәамҵызҭгьы, Адернеқьқәа реиҳабацәа, абыргцәа ари аус аӡбара иадҳаԥхьалон. Анцәа иџьшьаны, уаанӡа ҳамнеиӡеит", - инаҵылшьит Елиф.

Елиф Ҭаԥшьԥҳа иазгәалҭеит, ргәы хыҭхыҭуа ишазыԥшу Адернеқь уаанӡеиԥш аусура анхацнаркуа ҳәа. Усҟан апандемиа иахырҟьаны иаԥыхыз русқәа ирыцырҵоит. Аџьџьаҳәа ахәшҭаараҿы рҽеизыргоит.

"Адернеқь доусы иҩнаҭа еиԥш иԥхьаӡоит. Ахәыҷқәаҵәҟьа рҭаацәа иразҵаауеит "ҳанбацо" ҳәа. Араҟа ақалақь ду иаланарӡуа ҳмилаҭ иреизарҭоуп, ҳбызшәеи ҳкультуреи реиқәырхарҭа ҭыԥуп. Шықәсқәак раԥхьа Адернеқь аҿы аԥсуаа иазгәаҳҭо ҳалагеит "Ажьырныҳәа". Ажьира амаҭәахәқәа ҳамоуп. Иахәҭоу зегьы еиқәыршәаны, аиҳабы дҳақәныҳәоит. Усҟан Аԥсны иҟоу ҳауаажәлар рыгәҭа ҳгылоушәа ҳхы ҳбоит", - ҳәа азгәалҭоит ҳџьынџьуаҩ.

© Foto / предоставлено Елиф Маршьан Елиф Маршьан
Ҳзеиԥш ҩноуп: Елиф Ҭаԥшьԥҳа (Маршьан) Сҭампылтәи адернеқь азы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Елиф Маршьан

Елиф Ҭаԥшьԥҳа (Маршьан) Аԥсныҟа даахьеит, илымоуп атәылауаҩшәҟәы. Лара лгәы иҭоуп лабдуцәа рыдгьыл ахь ахынҳәра.

Елиф лажәақәа рыла, амҳаџьырра ашықәсқәа раан, аҳҷыԥсаа ахьынхоз, Гәбаадәы ҳәа иахьашьҭаз (Красная поляна) аҟынтәи лабду иабду Мырзаҟан ахҵәара дақәшәеит. Уинахыс Ҭырқәтәыла рышьаҭа адыркит.

"Аԥсны саныҟаз, сахьынаԥшааԥшуаз зехьынџьара сылаӷырӡ ахькаҭәам ыҟам. Схаҿы иаазгон ажәытә сахьақәа. Уажәы сахьгылоу анкьа сабдуцәа мҩасны ицозар ҟалон сгәахәуан", - лҳәоит Елиф.

© Foto / предоставлено Елиф Маршьан Елиф Маршьан
Ҳзеиԥш ҩноуп: Елиф Ҭаԥшьԥҳа (Маршьан) Сҭампылтәи адернеқь азы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Елиф Маршьан

Елиф Ҭаԥшьԥҳаи Сҭампылтәи Аԥсуа дернеқь аиҳаб ҿыц Албуз Иаани (Иаган) сара сыхәҭакахьала иҭабуп ҳәа расҳәоит, апандемиа шыҟазгьы, дара ргәаҳәарала, аԥҟарақәа арбаны, ааигәа Ҭырқәтәыла иҭыҵыз сышәҟәы-альбом "Ицәажәо аҭыӡқәа" аӡыргара ахьеиҿыркааз азы.

Араатәи аԥхарра знырхьоу агәра имгар залшом, миллионҩыла амилаҭ еилаԥса ахьынхо ақалақь ду аҟны, аԥсуара ҿыцәаара шақәым.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0