Аԥылгды, амаха, ахыбжа: аԥсуа исасдкылараҿы ашьтәа ззыршьо рзы жәақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҿы асасдкылара шеиқәхаз атәы далацәажәоит ажурналист Нонна Ҭхәазԥҳа.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы аҵак ду амоуп асасдкылара. Дарбан аԥсуазаалак изын асас пату, ҳаҭыр ду иқәуп. Аԥсуа имоу иреиӷьу зегьы асас изкуп. Асас аҩнаҭа данымҩахыҵуа ашьтәа шизыршьуа зегьы еицырдыруа акоуп. Уи асас пату иқәҵара иатәуп.

Имырӡкәа иааҳго аҵас

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа асас ашьтәа изшьра ақьабз иахьа уажәраанӡагьы игәцаракны иныҟәыргоит. Асас ашьтәа анизыршьлак, еиҿыхны ахәҭақәа шеибгоу абысҭа иаварҵоит. Абысҭа аишәа ианықәырҵо, ачуан ишҭыҵыз еиԥш ишеибгоу идуу акы ианырҵоит. Рахәыцла ма ҳәызбала иԥырҟҟоит, еихшаны ҿахра-ҿахрала иҟалоит. Абысҭа агәҭа иҭарҭәоит ахәша. Ажәытәан ахәша аҭыԥан акакан иалырхуа арашы-хәша ҭарҭәон. Иара иаакәыршан иаварҵоит ашьтәа ахәҭақәа: ахыбжа, аԥылгды (ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ари амаха ҳәа иашьҭоуп), ажәыҩшәаҟьа, агәы, агәаҵәа уҳәа.

Абыста  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны

Абри акәац ақәҵашьаҿы зегь реиҳа ихадоуп ахыбжа. Аишәа ианықәырҵо ахыбжа еицу асасцәа иреиҳабу иҿаԥхьа иқәырҵоит. Иара иаварҵоит амаха ҳәа ззырҳәо аԥылгды. Ахыбжа аҿаԥхьа иқәырҵоит ажәыҩшәаҟьа. Ахыбжеи ажәыҩшәаҟьеи рыбжьара егьырҭ ахәҭақәа.

"Схы аҟара пату сызуқәуп"…

Аишәа иқәырҵо акәац ахәҭақәа зегьы ҵакык-ҵакык рымоуп. Аҵакы хада – асас пату иқәҵара ауп. Ахыбжа – схы аҟара пату сызуқәуп ҳәа аанагоит. Аԥсаса шьтәа аџьма ма ауаса ахыбжа ауп аишәа иқәырҵо. Уи ахыбжа ҵаҟатәи ахәҭа ауп. Хыхьтәи ахәҭа аишәа иқәырҵаӡом. Агәи агәаҵәеи – сгәи сгәаҵәеи реиԥш узбоит ҳәа аанагоит аԥшәма иганахьала асас иахь. Ажәыҩшәаҟьа аишәа ақәҵара ҵакыс иамоу – ажәытә аԥсуаа иара иаԥшны иҟалоз рбон ҳәа ауп. Аишәа ианахатәалак ажәыҩшәаҟьа шьҭыхны аиҳабы иаԥхьа иқәырҵон, иаргьы уи даԥшуан.

Ашьтәа рзыршьуеит: а) асасцәа-дахьқәа харантә иааз, б) ақыҭаҿы уаҩшьрак, ҭыԥҳамҵарсрак уҳәа уск аныҟало еилзырго аиҳабацәа-аӡбаҩцәа, в) аҭыԥҳа лнапы иаҳәарц азын лҭаацәа рахь ирышьҭуа аиҳабацәа, г) аҭаца данаарго илыцу аҭацаҩыза, иара дарԥысуп, аҭаца илзааигәоу, лыуа-лҭахы рахьынтә аӡә иоуп. Абарҭ акатегориақәа ирыҵаркуа асасцәа ашьтәа анырзыршьлак, хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, аишәа иқәырҵоит.

Асасцәа дахьқәа анырҭаауа, раара хықәкыс иамоу, иззааз уҳәа ирыхәаԥшны, аԥсаса ма ашьамаҟа рзыршьуеит. Ашьтәа аныршьлак, ирҭааз асасцәа зааз аус зеиԥшроу еиԥш ала, акәац аишәа ианықәырҵо ахыбжа ақәҵашьа ахатәы кәама-ҵамақәа амоуп. Иаҳҳәап, аӡәы уск дақәшәазар, ма ус дук ҟалазар, уи аӡбаразы хара-ааигәа аиҳабацәа адыргалон. Ари ахҭыс ақыҭа зегь алахәын. Аус зызкызаалак, иара зыхьыз имацара иакәымкәа, ақыҭа зегьы ирусны ирыԥхьаӡон. Харантә ирзааз рысасцәагьы аусӡбара нҵәаанӡа ақыҭауаа аӡәаӡәа иргон, ашьтәагьы рзыршьуан. Аус зызкызаалак ақыҭа зегьы ахара рыдны рхы рбон, уи аӡбарагьы даара иазҿлымҳан.

Аусӡбара аҵыхәтәахьы ианнеилак, уи аӡбаҩцәа зегьы ашьтәа рзыршьуан. Усҟан уаҟа иҟан зус рыӡбо аҩ-ганкгьы рхаҭарнакцәа, ақыҭауаа, аиҳабацәа, урҭ рымаҵ зуа аиҵбацәа уҳәа ауаа рацәа. Аԥшәмацәа ашьтәа еиҿыхны аишәа андырхиалак аӡбаҩцәа иреиҳабу акрыфара иалагаанӡа дныҳәоит, аус ирыӡбоз дахцәажәоит, аишәа зырхиаз аԥшәмацәа, амаҵ зуа аиҵбацәа зегьы иныҳәоит. Нас иаԥхьа иқәырҵаз ахыбжа алымҳа ԥиҟоит, еицу иреиҵбу акәац ԥыҟҟа ҳәа идиҵоит. Аиҵбагьы акәац ԥиҟҟоит, жьыхәҭала еилихуеит, аишәа иахатәоугьы ирзишоит. Ирҳәоит, алымҳа ԥҟаны ақәҵара – Аԥсны иҟалоз аибашьрақәа ирыдҳәалоуп ҳәа. Аиҳабы ахыбжа алымҳа ԥҟаны аиҵбы иаԥхьа ианықәиҵо – ашәарҭара ҟалозар угәуҽаныз ҳәа ауп иаанаго.

"Убла сара сҿы иҟаз, улымҳа адәахьы иҟаз"…

Валентина Гыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Валентина Гыцԥҳа: шьыри, ақьаӷьариа иахьагьы дҳаманда

Аҭыԥҳа лҳәаразы лҭаацәа рахь аиҳабацәа анырышьҭуа, ашьтәа анырзыршьлак асасцәа еицу реиҳабы дныҳәоит, иззааиз аус ажәа ахиҳәаауеит, анаҩс ахыбжа алымҳа хҵәаны аишәа агәҭа иқәиҵоит. Избанзар, ара еицу зегь еиҳабацәоуп. Амала аишәаҿы ирыдтәалам аиҳабы аҩнаҭаҿы дыҟазар, ахыбжа иара изишьҭуеит. Ахыбжа ззынарышьҭыз аиҳабгьы кәац жьыхәҭа бзиак ааишьҭуеит. Ари наҟ-ааҟгьы патуеиқәҵаратә хымҩаԥгашьоуп. Аишәа иахатәоу асасцәа реиҳабы иишьҭыз ахыбжа зауз аиҳабы иҟынтәи ажьыхәҭа ааргаанӡа, иара акрыфара напы аиркӡом, ицугьы зегьы иара изыԥшны итәоуп. Иара инапы акрыфара иаиркаанӡа аӡәгьы иаиркӡом.

Абарҭ асасцәа ззааиз аус аԥшәмацәа зықәшаҳаҭым, ма ирҭахым уадаҩрак ацзар, ахыбжа ацлымҳәа аҵхны иқәырҵоит. Уи иаанаго – шәара ҳара шәҳасасцәоуп, пату шәықәаҳҵоит, аха шәыззааиз аус уадаҩрак ацуп ҳәа ауп. Ас ианыҟало, асасцәа реиҳабы ахыбжа алымҳа хҵәаны ирыцу аиҵбы иаԥхьа иқәиҵоит. "Угәуҽаныз, иакәым сҳәозар, убла сара сҿы иҟаз, улымҳа адәахьы иҟаз" ҳәа аҵанакуеит. Аҭыԥҳа хаҵа данцо, илыцу аҭацаҩыза изы ашьтәа ршьуеит, лара аргама даазар – ачара ашьҭахь. Ашьтәа хазы изшьны, пату иқәҵаны доурыжьҭуеит аҩныҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0