Аҿыхтыга, ма "арҳәацәара": аҭацаагара иацу акәамаҵама

© Sputnik / Томас ТхайцукОбручальные кольца
Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытәла, аԥҳәызба аргама хаҵа данцоз, илышьҭаланы иаауаз аҭацаагацәа "дырҳәацәон". Уи иаанаго аҵакы ҳзеиҭалҳәеит, 50 шықәса инеиԥынкыланы аԥсуа бызшәеи алитературеи, аԥсуареи амаҭәарқәа мҩаԥызгоз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Гыцԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ажәытәтәи аамҭақәа раахыс, аԥсуа ҭыԥҳацәа маӡала, маӡа-ргама, аргама хаҵа ицоит. Аха, еиҳараӡак, ани аби рыԥҳа аргама, ачара уны дрышьҭуан, уи еиҳагьы ҳаҭыр аман. Ақьаӷьариа ахәҷымҷ анрыбжьылгалак, арԥыси аԥҳәызбеи рыԥсҭазаара аилаҵара ианақәшаҳаҭхалак, ачара аҿҳәара ԥырҵәон.

Валентина Гыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Валентина Гыцԥҳа: шьыри, ақьаӷьариа иахьагьы дҳаманда

Аҭаца лаагара абхәраа иадырԥхьалон зажәа ҟәышыз, зыхшыҩ ҵарыз аҿар, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз аиҳабацәа рыцҵаны.

"Аҭацаагацәа аԥшәмацәа пату рықәырҵон. Ишахәҭоу еиԥш идыртәон, идыргылон. Анаҩс, аҿар аҭаца деилаҳәаны дахьтәаз ауада иҩналоит ҳәа иалагон дырбарц, аха ус баша инарышьҭӡомызт. "Аҿыхтыга" ҳәа иашьҭан ашәаҳәара, акәашара, ажәеинраалақәа, ажәарццакқәа, ажәабжь кьаҿқәа, алафқәа рҳәара, доусы дҵас ирҭоз, мамзар еиҳа иқәманшәалахоз анагӡара. Абри ауп аҭацаагацәа "дырҳәацәоит" ззырҳәозгьы", — еиҭалҳәоит арҵаҩы.

"Арҳәацәара" иабзоураны, аҿар рыхшыҩ аҵаулара, рҟәыӷара уҳәа, ганрацәала рхы аадырԥшуан. Иара уаҟагьы, арԥарцәеи, аԥҳәызбацәеи анеихьԥшуазгьы ыҟан. Аҭаца леилаҳәарагьы ахатә ҷыдарақәа аман. Уи рнапы ианҵан, згәы цқьаз, имшьыцуаз ҳәа ирдыруаз аҭынхара иатәыз, мамзар ҩызас илзыҟаз аҭыԥҳацәа.

"Аҭацаагацәа, аҭаца лбара ҳәа ауадахь ианнеиуаз, аамҭа рхы иархәаны, лара лганахь ала аӡәык-ҩыџьак аҿар, амаҳә иҽԥхьакны дахьгылаз кылԥшра ицон. Уигьы нас иахлафаауа иалагон", — лҳәоит Валентина Гыцԥҳа.

Аҭаца дандәылыргалак, ҷыдала лара илызкны, амаҳә иваргыланы иааигоз ҽыла дыргон.

"Аҭаца лҽы, аԥҳәыс кәадыр ақәын, ҽықәпалла дыргон",  —ҳәа ҳаиллыркааит Гыцԥҳа.

Аҭаца даныргалак ашьҭахьгьы, лара лыҩнаҭаҟны ачара иацҵахон.

Ажәабжьқәа зегьы
0