Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

CC0 / / Молодожены
Молодожены - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы аԥҳәысаагара атрадициа шыҟази, арԥызбеи аԥҳәызбеи рхымҩаԥгашьа атәи Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

Арԥызбеи аԥҳәызбеи анеигәаԥхеибашьалакь, ажәа еибырҳәо иалагар анапеимдахьа еимырдон. Напы еимдахьас еиҳарак иҟаз ачабра, амацәаз ракәын. Аха урҭ зегьы иреиҳаны иԥхьаӡаз ажәа акәын – ажәа еимырдон. Ажәа анеимырдо ашаҳаҭ дыҟоуп, есымша.

Отдел этнографии абхазского государственного музея - Sputnik Аҧсны
Амҳаразы ҩ-гәаанагарак

Анаҩыс лҭаацәа ирымуа иалагар убри ашаҳаҭ днеиуеит: "Шәыԥҳа ари арԥыс ажәа анилҭоз сара сыҟан", иҳәоит. Знык ашаҳаҭ ишиаҳауа ажәа анилҭалакь мап акра даара иуадаҩын, уи акәым зынӡагьы иҟалаӡомызт, уи аус ду злыҵуа акы акәхон. Ирҳәоит: "Ажәа ауаҩы дҿанаҳәоит, ашаха арахә ҿанаҳәоит", ҳәа.

Аха анапеимдахьа еимырдахьаны аус аныҟамлогьы ҟалон. Арԥыси аԥҳәызбеи рыбжьара ашаҳаҭ иҟоу иҳәон аус зыҟамло изыхҟьаз усҟан. Ус ианыҟалалак ацәгьара анахылҵуазгьы ҟалон. Ари аҩыза алыҵшәа аҭыԥҳа лхаҵацара иаԥырхагахон. Иара арԥысгьы иԥырхагахон. Убас зыхьқәахьаз, ус ишыҟоу аҭаацәара иаламлаӡакәа ианынхозгьы ҟалон.

Ԥырхага ыҟамкәа арԥыси аҭыԥҳаи рус ҟалозар, ишаҳҳәахьоу еиԥш аԥҳәызба лҭаххара азын аҷкәын иаб ауаа ишьҭуан. Уаҟа арԥыс иаб иқәырҵо ачма ԥырҵәон. Уи анишәалакь ашьҭахь ачара аҿҳәара ԥырҵәон.

Ачара ҩымш ицон – асабшеи амҽышеи. Ахәаша инаркны харантәи иаауа асасцәа аизара иалагон. Урҭ зегьы агәылацәа иргон, ашьтәа зызшьтәугьы ашьтәа рзыршьуан, идырсасуан.

Ирҳәоит аԥсуараҿ ачара зуа ауаҩы ачара анимоу имӡырха иара итәӡам ақыҭа иртәуп ҳәа. Аԥшәма иуалыз ирфашаз архиара акәын. Егьыс иаҭаху зегьы агәылацәа иҟарҵон. Аҭаца ачара аҽны даарымгозар џьара дтәан. Уи данҭыргоз еиҳарак амҽыша ашьыбжьышьҭахь акәын. Уи аԥхьа ауаа дыртәон, акрырҿарҵон.

Ачарахь иаауаз ауа-аҭынха ахаршә ааргон. Еиҳарак арахә ааргон. Егьырҭ аԥара, ахьы уҳәа доусы илшоз ааигон. Ачара ахьыруаз аҩны ашҭа агәҭа еишәак дыргылон, досу иааигаз уа иқәырҵон. Нас хаҵак уи дазыркуан уа днеиуан, раԥхьа анхәа длыԥхьон. Анхәа данааилакь бҭаца илыбҭазеи ҳәа длазҵаауан. Лара ҳамҭак напхаҵоума, хәдахаҵоума, мацәазума џьара акы лылҭон. Анаҩыс, ани иалхны иҟоу ауаҩы аҭынхацәа, ақәлацәа иааргаз абри абри ауп ҳәа иаазгаз рыхьӡ ҳәаны ауаа идирбон.

Ажәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион - Sputnik Аҧсны
Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа

Лара аԥҳәызба лҭаацәа лымаҭәа иаалгоз ада акгьы лырҭаӡомызт, дахьнеиз дабароуп ҳәа иԥхьаӡан. Ачара аҽны имҩаԥыргоит еиуеиԥшым ахәмаррақәа: акәтаӷь ацәа иԥаны акы акәыршаны иҳаракны икнарҳауан. Нас арԥарацәа иақәзыршәо ҳәа еицлабны иеихсуан. Иақәзыршәаз, арԥыс аҭацаҩыза ҳамҭа хәыҷык илҭар акәын. Анаҩыс иҟарҵон аҽырхәмарра, аҽырҩрақәа.

Ачараҿ имҩаԥыргоз аицлабрақәа зегь раасҭа ирылаҵәаны иҟаз аџьмацәа амҵарсра акәын. Уи усҟантәи аамҭақәа рзын иахьатәи ашьапылампыл иаҩсуа апату аман. Ачара аҽны ааигәа иршьыз, акры зхымҵуа аџьма ацәа иманы арԥыск ҵла дук дыҩхалон.

Аҽцәа, ашьаҟауаа зегьы икәшаны иара ихәаԥшуеит. Иаргьы аџьмацәа ҳәа ибжьы ныхҵа-аахҵаны иргоит. Ауаа ианраҳалакь, уажәшьҭа ибзианы дшырбо агәра анигалакь уахьынтәи аџьмацәа ыршәны ирылаиҵоит. Изԥыхьашәаз, изызкыз ауаҩы иманы дыҩуеит.

Дызраԥысыр иалхны иҟоу аиҳабацәа раԥхьа иааигароуп. Амала ари аџьмацәа имырхырц ишьҭоуп ирацәаҩны арԥарацәа, ихьӡар имырхыр имызхызгьы ишьҭалоит, имырхуеит. Ус ишнеиуа аҽцәа рнапахьы ииасуеит, нас дара рызегь уи иашьҭалоит. Ганкы быжьҩык-ааҩык еимдырххоит – егьи агангьы убас, акыр ианеимдырххалакь, изызгаз ани аиҳабацәа ахьыҟоу иаазгаз ауаҩы аҳамҭа ирҭоит. Дызтәу ақыҭагьы аиааит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аџьмацәа згаз арԥыс иаразнак иманы дзыгьежьӡом. Амҩан иԥыло аԥынгылақәа зегьы дырхыԥароуп, зегьы дыриааины даароуп. Иҟалоит џьара аанда дахыԥар, џьара ахәы дхалан дакәшар, џьара аӡы дырыр, аха ишакәхалакь аџьмацәа ааигароуп, усҟан даиааиуеит.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
"Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан": ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара иазку аныҳәара

Ахәмаррақәа, аџьмацәа амҵарсра рышьҭахь аҿар акәашарақәа ирылагон. "Аԥсуа кәашара", — захьӡу аӷәи алабеи ирысны иахькәашо ала иалагон. Аҭацаҩыза аҭыԥҳа алабақәа ылманы дааиуеит, арԥарацәа уи аамҭазы аӷәи алабеи рхианы иҟарҵахьеит, лара алабақәа рзылшоит, нас акәашара иалагоит.

Аӷәи алабеи амырзакан рыцуп есымша. Уи амырзакан аԥҳәызба иалырҳәоит. Лнапаҿы икны иарҳәо дықәгьежьааны даныкәашогьы рацәоуп. Убас акыраамҭа икәашоит. Ачара ахыркәшарахь инеиуа ианалагалакь амҽыша ауха "Аураашьа" ҟарҵон. "Аураашьа" — арԥарацәа, аҭыԥҳацәа рнапы еибаркны икәашоит, агәҭа аӡәы дҭагылоуп ахапа иҳәоит.

Абра иазгәаҭатәуп "Аураашьа" икәашо ишнеиуа аҵыхәтәахьы инеиуа ианалагалакь аҩны аҭӡамц иасны икылырҵәон, иахьшьыз амырхуан. "Аураашьа" иахьыкәашоз амҳараҿы акәын. "Аураашьа" анынҵәалакь, рызхара ианыкәашалакь "Арзазага" икәашон – уи рнапы еинҟьаны, амырзакан арҳәаны икәашон, аӷәи алабеи ацӡам.

Абас, иччо ихәмаруа икәашо аҵхабжьон ачара хыркәшан еилысуан. Амала адырҩаҽны аҩны аҭӡамц икылырҵәаз аҭаца иҟалҵар акәын, аҭацара шымариам лдырроуп ҳәа иԥхьаӡан. Аха, ҳәарада уи лара илдырҟаҵаӡомызт, лара иҟалҵазшәа рҳәон, аха аԥшәмацәа иҟарҵон.

Ажәабжьқәа зегьы
0