Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара

© Sputnik / Томас ТхайцукОчаг
Очаг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы ауаҩы илахьынҵа ишазнеиуаз атәы дазааҭгылеит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Зегь ԥшрала ҳшеиԥшым еиԥш лахьынҵалагьы ҳаиԥшым рҳәоит аԥсуаа. Уи агәаанагара дырҵабыргуеит ҳажәаҳәаҿы ахархәара ҭбаа змоу "Улахьынҵа бзиахааит", "Улахь абзиа анылааит", "Доус илахь иану дақәшәоит", "Лахьынҵоуп иҟоу", "Длахьынҵадахеит", "Илахь егьанымызт" уҳәа реиԥш иҟоу алахьынҵазы иҟазшьарбагоу ажәақәа.

Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

Ҳмилаҭ традициатә дунеихәаԥшышьаҿы дарбанызаалак ауаҩы данилак ауха иҷыдоу анцәахәкәа рымчала илахьынҵа ӡбахоит.  Алахьынҵа зыӡбо анцәахәқәа ирыхьӡуп – Ашацәа, ма Ашацәа-чаԥацәа. Арҭ анцәахәқәа рыхьӡ арацәа хыԥхьаӡараҿы иргыланы баша ирҳәом, избан акәзар, урҭ хҩык ыҟоуп ҳәа ажәлар агәаанагара рымоуп. Изларҳәо ала, ахәыҷы даниилак ашацәа аҩны ахыӷәра иқәтәан илахьынҵа рыӡбон, урҭ ахәыҷы изыршаз алахьынҵа хырԥашьа изаҭом, иаџьал дзахыԥом.

Аетнограф И. А. Аџьынџьал иусумҭа "Из Этнографии Абхазии" аҿы ишазгәаиҭо ала, Ашацәа-чаԥацәа рыхьӡала ааԥын, шәахьак аҽны аныҳәара мҩаԥыргон ахәышҭаараҿы, ӡатәыс ирзыҟарҵон аилаџьи акәтаӷьқәеи, ацәа цәашьы адыркуан.

Ашацәа ирызку амифтә жәабжьқәа жәпакы ыҟоуп, урҭ шхыркәшоугьы трагедиалоуп. Ауаҩы илахь иану анеиликаалак сзацәцозар ҳәа иҽазишәоит, аха илҵшәадахоит. Иаагап афольклор аҟнытә аҿырԥштәы:

"Ашацәа ааин ахәыблы иаақәтәеит. Зегьы рразҟқәа ршон. Ӡӷабк, уи збаз ауаса дрылатәан лҽылҵәахт. Дара "уара амни аӡӷаб ауаса ирылатәоугьы лразҟы ҳшап", – рҳәеит. "Аразҟы анлоулак, ԥа заҵәык дылхылҵааит. Аԥа заҵә ддуханы аԥҳәыс данааиго ауха лара ақәыџьма дафааит", рҳәеит.

Ари лаҳагәышьеит.

Простуда - Sputnik Аҧсны
"Хаир", "Хыир, абзиара уанаҳәааит!": аԥсуаа еимсаз ауаҩы иарҳәо иазкны

Ус лара хаҵа дцеит. Лԥа ддухан ԥҳәыс дизааргаратәы даныҟала ԥҳәыс дизааҳгап ҳәа дыркит аҭынхацәа, агәылацәа. Лара илуам, иҟало лымдыруеи. Нас лхаҵа длазҵааит: "Банаџьалбеит, ҳаҷкәын ԥҳәыс дааигар зыбымуазеи? Ибыхьыз саҳә! – аниҳәа, – Сыҷкәын ԥҳәыс данааиго сара ақәыџьма сафаран сыҟоуп", – лҳәеит. "Ҳаи, абааԥсы, сара ақәыџьма баҿасҵом, бахьамфаша бызгоит", – иҳәеит.

Аҩны акәцәан ауада саркьалых лзыҟаиҵеит. Уа днаган дыҩнеикит. Ԥҳәыс дизырҳәеит аҷкәынгьы.

Абар уаха ԥҳәыс дизааргоит. Агәылацәа еизан ачарӡқәа ҟарҵоит. Руаӡәк ачарӡ ақәыџьма асахьа аҭаны иҟаҵаны илықәлыргылт. Аҭацагьы дрыманы агәгәаҳәа агәара иааҭала, ачарӡ иалхыз ақәыџьма нашанарыла аԥсы ааҭалан ан длахәлабга дцеит.

Зегь акоуп ашацәа ирҳәаз изахымԥакәа инаӡеит". [Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа. VIII атом]

Иазгәаумҭар залшом, ажәытә бырзентә мифологиаҿгьы ишыҟоу ауаҩы илахьынҵа азԥхьагәазҭо хҩык аиҳәшьцәа – анцәахәқәа Лахесис, Клото, Атропос. Иааидкылан урҭ Амоирақәа (алахьынҵа анцәахәқәа) ҳәа ирышьҭоуп. Арҭ анцәахәқәа аԥшқа даниилак нахыс изырыӡбаз алахьынҵа хырԥашьа узаҭомызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0