Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара

© Sputnik / Томас ТхайцукАетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара
Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа итрадициатәу ретникатә религиа иаҵанакуа аныҳәа хадақәа ируаку ажьырныҳәа азгәарҭоит амза 13 ауха. Аҵарауаа изларҳәо ала, аныҳәара ҩ-нызқь шықәса инеиҳаны иахыҵуеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13- Sputnik. Аԥсуа традициатә культураҿы, рфилософиаҿы абзиеи-ацәгьеи еицуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ажьырныҳәа ауха амшьҭа еиҳа аҽарӷәӷәоит ҳәа иԥхьаӡоуп, абри атәы лҳәеит аҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аналҭоз.

Аетнолог Цира Габниа - Ажьырныҳәа иадҳәалоу ақьабзқәеи, аԥсуаа ҷыдала хылаԥшра зырҭо амшьҭи ирызкны

"Аԥсуа традициатә культураҿы, рфилософиаҿы абзиеи - ацәгьеи еицуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Еицуп, аха аԥсҭазаараҿы иарбан еиҳа аԥыжәара зго, абзиа ианагоу- усҟан ажәлар рыԥсҭазаараҿы абзиа еиҳахоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ацәгьара аԥыжәара амазар рыԥсҭазаара ианымԥшар ҟалом", - лҳәеит аҵарауаҩ.

Аԥсыуала ажьырныҳәа ари ашықәс ҿыц аҭалара ҳәа иԥхьаӡоуп, аамҭа аихшара иатәуп. Ари аныҳәа аҭаацәарақәа, аижәлантәқәа, ажәлар еиднакылоит ҳәа иԥхьаӡаны, аныҳәа аҵакы шьҭыхны, аҳәынҭқарратә ныҳәаны астатус аиҭеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба.

Апацха - Sputnik Аҧсны
Аҧсуаа иазгәарҭоит аныҳәа хадақәа ируаку Ажьырныҳәа

Цира Габниаԥҳа лажәақәа рыла, аԥсуаа аԥсҭазаара аԥышәа ирнаҭаз ала ирдыруан ашықәс ҿыц ауха ацәгьеи - абзиеи реиҿагылара, реибырхарра еиҳа рышҽдырцәгьоз.

"Убри аҟнытә заа рҽазыҟарҵон. Заатәи аҽазыҟаҵарақәа рахь иаҵанакуеит: рыҩны-ргәара ахьчаразы, рыԥсаса-рыԥсаатә зыхьчашаз зымшьҭа бзиоу аҵлақәа еиҭарҳауан. Иаҳҳәап: ахьаца, аҵәаҵла, аҳаҵла. Уи инамадан аандаҟны аҽхыбаҩ, амшә ахыбаҩ кнарҳауан, абарҭқәа зегьы агәараҭахь иааиуа амшьҭацәгьа аҟнытә аҭаацәара ахьчоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Аԥсуаа еснагь ирҳәоит "ацәгьара агәашә икылаԥшуеит" ҳәа", - азгәалҭеит аетнолог.

Ажьырныҳәа 12 ауха, аҭаацәа зегьы аӡы рықәырҭәон, уи иаҵанакуаз убри ауп –ацәгьара ҳәа рааигәара акыр ыҟазар, урҭ зегьы аӡы иаманы ицоит ҳәа ирыԥхьаӡан.

"Арҭ аҵасқәа аԥсахрақәа алалеит, урҭ инарымаданы хәыҷык аиҭакрақәа алаҳгалар ҟалоит. Исҳәарц сҭахуп, иаҳхашҭхьо ыҟоуп азы, еиҳарак абарҭ амшқәа рзы аԥсуаа ахыхьчаразы рыҩны иҩнарҵон ақәыџьма, амшә, абга хәыҷы рцәақәа. Икнарҳауан, ишьҭарҵуан рыҩнаҭақәа рыҟны. Зымашьҭа цәгьоу дааир аума аҵанакуан рыԥсҭазаара аиҿкаараҿы, реизҳараҿы", - лҳәеит лара.

Ажьырныҳәа 13 ашьыжь "аԥшәма" ҳәа аӡәы ибжьы гар, ҿызҭыз имшьҭа цәгьазаргьы аԥшәма иҽыиҵәахӡомызт, иҩныҟа дааиԥхьон убри аамҭазгьы ахыхьчашьа дақәшәон.

"Аԥшәма абас ҟаиҵон: ақәыџьмацәеи, абгацәеи аԥшәма инапы аахьшьны, зыбжьы газ асас иахь гәаныла иҳәон "ацәгьа мыцәгьара ҳәа акыр ыҟазар, абра иаанхаит " ҳәа. Анаҩсан "уа бзиала уаабеит" ҳәа асас диԥылон", - ҳәа азгәалҭеит аетнолог.

Ажьырныҳәа аҭаацәаратә, абиҧаратә ныҳәоуп, иагьидҳәалоуп ажьира анҵәахәы- Шьашәы. Ари аныҳәа азгәарҭоит ажьира змоугьы измамгьы, ацылҵеит Цира Габниа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0