"Хьӡы алаугааит!" - аҷкәын ахаҵара иазкра аҧсуа традициатә ааӡарала

© Sputnik / Томас ТхайцукГородские соревнования по национальным видам спорта среди школьников
Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуаа традициала ааӡара ишазыҟаз атәы, ахаҵамусхәи аҧҳәысмусхәи реихшареи, аҷкәын ахаҵара иазкра иамаз аҭыҧи дрылацәажәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Иҟоуп убас еиҧш ажәаҧҟа "аҭаацәа – ахәҷы изы, ахәыҷы – ихазы" ҳәа. Аҭаацәараҿы ахәыҷы данилак нахыс рдунеи зегь аҽаҧсахуеит, ихадароу усны иҟалоит ахәыҷы иааӡареи асоциалтә ҧсҭазаара иалархәреи. Аҧсуаа рҟны азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭанӡа аҭыҧ рыман аҭаацәара дуқәа аб, ма абду еиҳабыс дызхагылаз аҭаацәара иаламлацыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи, аҭаацәара иалалахьои џьарак ианеицынхоз. Аҭаацәа рыбжьарагьы анхамҩатә ус аихшараан ахаҵа еиҳабы ахацәа рганахь дыҟан, аҧҳәыс еиҳабы илыҵалкуан аҩнаҭаҿы иҟаз аҧҳәызбацәа.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

II ашәышықәса инаркны аҭаацәаратә коллективтә нхарахь ииасуа иалагеит аб, абду еиҳабыс дызмаз аҩнаҭақәа еиҿыҵны аҭаацәаратә гәыԥқәа шьақәдыргылеит. Иахьатәи ҳаамҭазы аҭаацәаратә коллектив иаҳагьы иҭшәахеит, макьанагьы имаҷым аб, абду (иаҳа имаҷны) дызхагылоу аҭаацәарақәа, аха рхыҧхьаӡара ишазҳауа убоит еиднагалаз арҧыси аҧҳәызбеи рыла мацара ишьақәгылоу аҩнаҭақәа – рхала рхы еиҳабыс иазныжьны. Ари аҭагылазаашьа, ҳәарада, ахәыҷы иааӡараҿгьы анырра ҟанаҵоит.

Аханатә ахәыҷы даниуаз инаркны, дыҷкәынзар, ахаҵа ус дазкхартә еиҧш, дыӡӷабзар – аҧҳәыс ус ирызку амаҭәарқәа хшара дзауаз лхаҿы ишьҭарҵон. Аетнограф Виачеслав Бигәаа ишазгәаиҭо ала, арымарахьала ишьҭарҵон амыркатыли арахәыци, арыӷьарахь – аиха, аҳәызба, аӡаӡ. "Быӡӷабзар арымарахь, амыркатыли адырди адырдхеи рахь, уҷкәынзар – арыӷьарахь, аихеи, аҳәызбеи, аӡаӡи рахь уца" ҳәа рҳәон. Аҵарауаҩ Сима Дбар ишазгәалҭоз ала, арҭ амаҭәарқәа амч лашьцақәа рҟынтәи ахәыҷы ихьчаразгьы иҟан.

Аԥсуа хәыҷы - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аирамш амҩаԥгашьа аԥсуа жәлар рытрадициатә культураҿы

Абасала аҷкәыни аӡӷаби рааӡарагьы еихшан. Ҩба-хҧа шықәса анырхыҵлак инаркны ахәыҷы маҷ-маҷ аҭаацәа рынхамҩатә ус даларгалон. Быжьба-ааба шықәса инаркны аҷкәыни аӡӷаби русқәа хаз-хазы ишьақәгылоит. Аҷкәын изы ихадаран абџьар анапахьы аагара, аҽықәтәара ирҵара. Иаамҭа аиҳарак иаби иабдуи ирыцырхигон. Абду иҟынтәи аҷкәын иоуаз ааӡара аестетикатә хырхарҭа аман. Уи иажәабжьеиҭаҳәарақәа, ифырхаҵаратә ҳәамҭақәа ахәыҷы аҧсуара анормақәа дырзааигәанатәуан, уи аҧҟарақәа иланааӡон. Аҷкәын иааӡара иаҳа азҿлымҳара арҭон, уи иира ишазыҧшу еиҧшҵәҟьа. Абшьҭра назыгӡаша ҵеины ишихәаҧшуа ала, аҷкәын дызлымиааз аҭаацәа "иҵәҩаншьап назыгӡаша димоуит" рҳәоит. Иахьагьы ари ажәа аҵакы шыӷәӷәац инхоит.

Аҷкәын дхаҵахеит ҳәа изырҳәоит абџьар инапахьы ианааигалак нахыс. Иаҳгәалаҳаршәап, автобиографиатә романқәа "Ахаҳә еиҩса" (Баграт Шьынқәба), "Камаҷыҷ" (Дырмит Гәлиа). Урҭ равторцәа рхәыҷра иахцәажәо ирыҩуеит уи иамаз аҵакы атәы. Лаган раҧхьаӡакәны абџьар изыркыз иабду Бежьан иакәын, уи иоуп ахысшьа изырҵазгьы. Дырмит Гәлиа иакәзар, ашкол ахь данцоз, иҭаацәа ишьҭра рзымгәаӷьуа еилацәажәо иахьтәаз агәылак ус иҳәоит: "Уи насыҧми шәыҷкәын аҵара иҵар, усҟан абџьар аныҟәгара азин иоуеит".

Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Какоба: ахыцуаҩхара зҭаху рацәаҩуп

Абџьар аҵакы атәы ануҳәо иазгәаумҭар ауам аҧсуаа ирымаз атрадициагьы – аҧҳәысҳәара "ахы акаршәра" ала. Ажәакала абџьар анапахьы аагарала аҷкәын иҿыцу ҧсҭазааратә етапк дықәлон. Уи раҧхьатәи ихысрагьы ныҳәарала еигәырӷьон. "Хьӡы алаугааит!" ҳәа дырныҳәон. Зегь иреиӷьу ҳамҭасгьы иҧхьаӡаз аҷкәын изы ахысга абџьар акәын. Иазгәаҭатәуп, иахьагьы аҧсуа хаҵа изы уи иреиӷьу ҳамҭаны ишыҟоу. Иара ҳәынҭқарратә ҳамҭангьы иалкаау ауаа ирырҭоит.

Уаанӡа ахысра ахыци ахәымпали алоума, тапанчалоума, мамзаргьы аҳәа аҟьашьа соуп зҳәо арҧыс идыруазар ахәҭаны иҟазҭгьы усҟантәи анхашьа-нҵышьа, иара аҧсҭазаара ахаҭа ишықәнаргылоз ала, иахьа ҳәарада уи акыр аиҭакрақәа рнубаалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0