Ажьамкреи ашьапныҳәеи: ахәыҷы игәабзиара иазку ақьабзқәа

© Sputnik / Леон Адлейба Новорожденный ребенок
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы иеизҳазыӷьараҿы игәабзиара ацклаԥшра зегьы ирыцкуп. Уи игәабзиара ахьчаразы аԥсуаа жәытәнатә аахыс иаԥҵаны ирымоуп ахәыҷтәы қьабзқәеи ахәшәқәеи. Убарҭ ирызку аныҳәарақәа еилылкаауан Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ахәыҷы иааӡараҿы игәабзиара ацклаҧшра, уи акәамаҵамақәа ирызкны имаҷым аҧсуаа иазгәарҭо аныҳәарақәа. Урҭ иреиуоуп уажә зыӡбахә ҳамоу ажьамкрагьы.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2018
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

"Ажьамкра – ари ахәыҷы ижьы данакуа ауп, адәахьцара ицәыцәгьахоит, диаҵәахоит, имгәа ихьуа далагоит, аҵәыуара хҭаикуеит. Уи алаҧш иҟанаҵаргьы ауеит", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит ахәыҷқәа рзы аҭәҳәақәа ҟазҵо Оҭҳара ақыҭа инхо Манана Патхәариа.

Ахәыҷы джьамкыр ҟалоит иара убасгьы, уахынла имаҭәа адәахьы ишцәу иаанужьыр, мамзаргьы ахәылбыҽха дызлаукәабаз аӡы адәахьы икауҭәар. Ус еиҧш аныҟалалак ажьамкра ахәшә ҟаҵаны дырныҳәоит ҳәа ҳалҳәеит лара.

"Ахәыҷы джьамкны даныҟалалак ацәыцә еизганы игара дахьгароу иҵаубылуеит. Уи ацәыцә быжь-џьарантә иамхны иааугароуп. Быжь-ҩнык рҟынтәи ацәыцә амхны инаган ахәыҷы иҵаубылуеит абас ҳәо:

Лаҧшь ҵәаҧшь ҭаст,

Лыхәа ҵәыхәа ҭаст.

Быжь-шьхак ирхысцеит,

Быжь-ӡык ирхысҵеит.

Чффы, чффы, чффы ҳәа хынтә иуҳәоит. Нас ани иҵаублызгьы аашьҭыхны ухьамҧшӡакәа шьҭахьла, шьҭахьла мацара ашә аҟынӡа унеины индәылугоит".

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2018
Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа

Ирацәаҩуп Манана Патхәариа ас еиҧш аныҳәара ззыҟалҵахьоу ахәыҷы ҧшқақәа. Лара лассы-лассы илыҧхьоит еиуеиҧшым егьырҭ алаҧш ҭәҳәақәагьы ахәыҷы изыҟаҵаразы. Аха ишазгәалҭо ала, урҭ хәыҭхәыҭла, иныҵакны ауп акәымзар, убжьы рдуны иуҳәо амчра ацәыӡуеит. Уи ишылҳәо ала, ахәыҷы дымжьамкырц азы дахьыцәоу игара аҳәымсаг хәыҷ ыҵаршәны иҟаҵалатәуп. Уи адагьы иӡәӡәаны ицәу имаҭәақәа амра ҭашәаанӡа аҩныҟа иҩнаугалароуп.

Абри анаҩсангьы лара иаҳзеиҭалҳәеит ахәыҷы аныҟәара алагара аницәыцәгьахо имҩаҧырго ақьабз.

"Ахәыҷы ианаамҭоу аныҟәара даламгар ашьахәҧҟара ҳәа аныҳәара ҟарҵон. Уи шыҟарҵоз убас оуп: ахәыҷы ишьҭахьала унагыланы арахәыц ишьапқәа ирыбжьудоит. Арахәыц ишьапы иабжьданы еиқәуҳәалоит, нас амаркатыл ала иҧуҟоит. Зныкала иҧуҟароуп иара. Нас ахәыҷы ирласны аныҟәара далагоит".

Ари аныҳәара даҽакала ашьапныҳәа ҳәагьы азырҳәоит. Иара иазкны хазы амгьал рӡуан. Амгьал аҿы ахәыҷы ишьапы ақәыргыланы асахьа ҭырхуан. Нас уи ахәыҷы днықәыргыланы аныҳәара ари ақьабз анымҩаҧыргалак ашьҭахь, амгьал сақәа намхны аныҳәараҿ еизаз ахәыҷқәа инаддыркуан. Дара ахәыҷы рыбӷа дықәыртәан еибарыҩуа, еибархәмаруа иқәлон.

Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2018
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

Ашьахәҧҟара ақьабз иахьа иаҳа аҽеиҭакны ауп ишуҧыло. Уи ахәыҷы ишьапы арахәыц бжьымдакәа, ус днаргыланы, ан, ма анду ишьаҿа анеихиго иақәыршәаны амаркатыл ала акы хырҵәозшәа ҟарҵоит. Ажәабжьҳәацәа ишырҳәо ала, ахәыҷы данныҟәо аҩысҭаа ишьапы еилаимгарц, дымкаҳаларц азы ауп ас еиҧш зыҟарҵогьы.

Аҧсуаа рҭаацәара-бзазаратә қьабзқәа рҟны ирацәруп ас еиҧш иҟоу агәабзиара иазку аныҳәарақәа. Урҭ ахәыҷқәа рзын мацара акәым адуцәагьы ирызкуп. Иахьа амедицина аҧыжәара шамоугьы арҭ ақьабзқәагьы мҩаҧызго, рыгәра зго маҷым. Иуҳәар ауеит рыҩбагьы еивагыланы иаауеит. Ҿырҧштәыс иааҳгап акзаҵәык. Иаҳҳәап, дыҟамзар ҟалап ахәыҷы хымчыбжь анихыҵлак аблы ахәшә изыҟазымҵац аҧсыуала. Шамахамзар аҧсуаа зегьы, амедицинатә хәшәқәа инарываргыланы ари ахәшәгьы ҟарҵоит, уимоу еиҳагьы ихәарҭоуп ҳәа азыҧхьаӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0