Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә  фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ашәаа рҟьаҟьа", "Адуахә", "Ашәаа рныҳәара" - абас ахьӡуп ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа еиқәырханы, абшьҭрала изду - Ашәаа имҩаԥырго аныҳәара. Аныҳәара зыхҟьаз дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ашәаа рныҳәара ахы акуеит ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны. Дара Ашәаа ишырҳәо алагьы, уи заҟа шықәса ахыҵуагьы рыздыруам, акырӡа ҵуеит. Иара аныҳәара ахаҭагьы Ашәаа зегьы имҩаԥыргом ҳәоуп ирҳәо, абшьҭрала изду, иаҵанакуа заҵәык роуп. Ари аныҳәара ҩ-хьӡык амангьы ишьақәгылеит. Џьоукы уи "Ашәаа рҟьаҟьа" ҳәа азырҳәоит, ҽа џьоукы "Адуахә". Иара аныҳәара зыхҟьаз ҳәа ирҳәо аҟынгьы аивгарақәа убоит.

ажьира - Sputnik Аҧсны
"Ҩ-мҵәыжәҩакны иаатуа ашәқәа": Ашәаа рныха- Қьачныха аҭоурых

Аетнографцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи ранҵамҭақәа рҿы иаҳа иуԥыло ахьӡ "Ашәаа рҟьаҟьа" ауп. Уи аныҳәара ахьынтәаауа ҳәа ишадырбо алагьы, Ашәаа изымҵаныҳәо аныха Абаа-ныха ҳәа иҟоуп, уи Ԥсҳәы аныха иаҿыганы иааргеит. Григори Чурсин иҟаиҵаз анҵамҭа ишаҳәо ала, Ашәаа Нхыҵ Кавказынтәи иааит. Ианаауаз Ԥсҳәы иахысыр акәын. Убасҟан ԥҳәыск быжь-ҩык лыҷкәынцәа лыманы дшаауаз, амҩан акыр агәаҟрақәа рхыргар акәхеит, лыҷкәын хҩыкгьы лцәыԥсит. Абри Ԥсҳәы даназааигәаха илбеит анхацәа рныхахә ишамҵаныҳәоз. Убасҟан ларгьы дҩагылан Анцәа диҳәеит иаанхаз лыҷкәынцәа еиқәхозар, ларгьы абри аныха есышықәса дшамҵаныҳәало, "ахәы шыҟалҵо" ҳәа. Ишааиуаз абри аныҳәара Ашәаа рҟьаҟьа ҳәа ахьыӡхалеит. Уи зыхҟьаз ҳәангьы ирҳәо, Ашәаа рҭацак лабхәараа рныха ахьӡ аҳәара азин ахьлымамыз аҟынтәи ауп. Уи ахәьӡ шьаны абас еиԥш иахьылҳәоз, убас иагьыхьыӡхалеит рҳәоит.

Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала

Есышықәса март мза аԥшьбатәи амчыбжь азы, ес-шәахьа имҩаԥыргоит ари аныҳәара. Сынтәа арии аныҳәара ақәшәеит мшаԥы мза акы. Ҳара ҳаҽрымаҳдеит Ӷәада ақыҭа инхо ари аныҳәара мҩаԥызго Ҭамел Ашәба иҭаацәара. Урҭ ишаҳзеиҭарҳәаз ала, Адуахә захьӡу аныҳәара бжьы-жәлантәык еицырзеилоуп.

© Foto / Алан АшәбаАшәаа рныҳәара
Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала - Sputnik Аҧсны
Ашәаа рныҳәара

"Адуахә захьӡу убриоуп, бжьы-жәлантәык ажәытәан зны шәарыцара ицеит. Шәарыцара иахьцаз амш цәгьа бааԥс ҟалан, руаӡәк дахьца-дахьаа рымбаӡакәа, иԥсырҭа, иӡырҭа рзымдырӡакәа дырцәыӡит. Убасҟан Аду иахь ҳәа иашьапкит, ҳаиқәырханы ҳаанужьырц азын ҳәа. Убри аахижьҭеи еиқәхаз афы-жәлантәык абри аныҳәара мҩаԥыргоит", – ҳәа ҳарҳәеит аԥшәмацәа.

© Foto / Алан АшәбаАшәаа рныҳәара
Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала - Sputnik Аҧсны
Ашәаа рныҳәара

Афҩык еиқәхаз ажәлантәқәа рахь иаҵанакуеит: Ашәаа, Ҳаџьымаа, Қапаа, Цыбаа, Жьиаа, Ашьхаруаа. Аныҳәара ахаҭа хымш-ԥшьымш еиҭаԥалоит, зны аԥхьаҟа, ма ашьҭахьҟа, амшаԥныҳәа мызкы аҟара шагу, убысҟан оуп Адуахәгьы аныҳәара ианалагогьы ҳәа ҳарҳәеит.

Аныҳәара чгьахьалоуп ишаԥыло. Ихадароу ачыс – акәакәарқәа фба, хазы иркәаҳауеит. Уи аџьыкхыш арҭаӡом. Иара Адуахә ҳәа иҟоу аныҳәара амч убри аҟара иӷәӷәоуп рҳәеит, дара уҿахьы ианнауго аџьыкхыш ауҭазшәа иҵааны иҟалоит рҳәеит. Уи зкәаҳауагьы аԥҳәыс цқьа ҳәа ззырҳәо лоуп. Аныҳәара ахьымҩаԥырго аҭыԥ ахь аԥҳәыс днеир ҟалаӡом, уимоу уи аӡбахә ала дцәажәаргьы ҟалом, ахьӡгьы лҳәом.

© Foto / Алан АшәбаАшәаа рныҳәара
Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала - Sputnik Аҧсны
Ашәаа рныҳәара

"Аҳаԥшьахьы ианнеиуа, ахацәа рымацара роуп инеиуа, аҭаца лоума, аӡӷаб лоума, данума, дазусҭазаалакгьы, аԥҳәыс уахь аҳаԥшьахьы анеира азин лымаӡам. Уаҟа ианныҳәо инаргоит ф-кәакәарк, ахәыл-рҵәы, аҳаԥшьа-ҩы ҭыргоит. Аҳаԥшьа-ҩы иара иахныҳәо, Адуахә ҳәа дныҳәоит, убри Адуахә иазкны ацәашьы ирҭахьазароуп. Ус Анцәарныҳәароума, даҽакоума раан дныҳәозаргьы акгьы аанагаӡом, хазы Адуахә ахьӡала ацәашьы идыркхьазароуп иныҳәо. Ажьиаа аухазы ихдыртуеит аҳаԥшьа, амҽыша ауха, Ашәаа – ашәахьа ашьжьымҭан ихдыртуеит, Адуахә ҳәа ", – ҳәа еиҭеиҳәеит аԥшәма. Иара ари Адуахә ахьӡала ацәашьы идыркижьҭеи рацәак ҵуам ҳәа ҳаиҳәеит.

Ишҳаилдыркааз алагьы, шьыбжьонынӡа аишәаҿы иқәдыргыло чгьахьоуп: арҵәы, аҟәыд, ача, акәакәарқәа, аҩы. Ацәашьы адыркуеит. Шьыбжьышьҭахь абысҭагьы руеит, акәацгьы адыргалоит. Аха аҽны ашьа кауҭәар ҟалаӡом, Адуахә аҽны ашьа акаҭәара азин ыҟаӡам.

"Ашә тазыла, ахарҵәы мчы": акамбашьқәа рныҳәара Мқамгариа ихьӡала

Аԥсны иахьынӡанаӡааӡо Адуахә мҩаԥызго абри амш азоуп ианазгәарҭо рҳәоит дара. Ари амш азы арҭ ажәлантәқәа аныҳәара ахьымҩаԥырго еиҭанеиааиуеит, еибаныҳәоит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0