Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала

© Фото : Беслан АмԥарАмԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал
Амԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса Амԥараа аижәлантәқәа иазгәарҭо рныҳәа Аг-ных аҭоурыхи, иахьа ишазгәарҭо аҷыдарақәеи ҳзеиҭалҳәеит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа, сынтәа аныҳәа ахьазыҟарҵоз аҩнаҭа хаҭала иаҭааз, уи актәи ахәҭагьы зыблала избаз.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Аамҭала Ариаҧшь ҳанхон. Уи заҟа шықәса ҵуа анцәа идырааит: ҩышәым, хышәым, ҧшьышәым. Есышықәса, аӡӷаб, Амҧараа рҟын иаҳа хәыҷык иааҧшӡан иҟоу, амшын аҟәарашҟа дцо, амшын лҽалҭо далагеит. (Уажә ҳахьцогьы аҟәараҟын оуп ҳахьныҳәо). Аамҭа ааиуа ианыҟалалак, аӡӷаб дахьцо уаҩҧсы изымдырӡо, дыҩны длеины аҟәараҟны длатәон. Дыштәоу, амшын цәқәырҧо ианалагалак, лара агәаҧхара лоуан, дагон. Аӡәым, ҩыџьам, хҩыкым… Убас ианыҟала, аишьцәа дҳахьчоит ҳәа рыӡбеит. Длеин длатәеит. Лашьагьы дыҟоуп, ларгьы. Лашьа изымчҳаит, иштәаз лшьамхы ихы нықәиҵан, дамхацәеит. Ани ацәқәырҧа ааиуа ианалага, лылаӷырӡ налҿыхәхәан лашьа иӡамҩа инақәҭәеит. Дааҧшит. Даимҭеит, лыҧсы нирхеит. Убри ашьҭахьгьы абри ныҳәарҭаны шәара ишәыдуп рҳәеит".

Зосим Амԥар - Sputnik Аҧсны
"Агныҳәа": аижәлантәқәа Амԥараа рҭоурыхи, рҵаси, рныҳәарақәеи

Абас еиҧш жәытәнатәаахыс инеимда-ааимдо абиҧарала иаарго Амҧараа рныҳәара абри ажәабжь ала ахы акуеит. Ҳара уи ҳзеиҭаиҳәеит Зосим Амҧар, аамҭала ари аныҳәара иахагылаз. Аха агәамбзиара иахҟьаны уи даҽа ныҳәаҩк иниымидеит. Избанзар, иара ишҳаиҳәаз ала, аныҳәаҩ дыцқьазароуп, гра имамкәа дыҟазароуп. Аныҳәаразгьы рхы злаҿырхуа ҳәа ирыдырҵаз ацә-ҟата, хәыц еиқәаҵәа злам акәын. Ажәытәан ҩынтәҟа роуп ас еиҧш иҟаз ахьырзыҧшаазгьы. Ашьҭахь шықәсык зхыҵуа ақыжә рықәырҵеит, ахьақәла-шьтәа ҳәа иҟоу. Убас есышықәса иааиҧмырҟьаӡакәа, ноиабр мза раҧхьатәи асабшеи-амҽышеи рзы Амҧараа рҽеидкыланы, ҭӡы-ҭӡыла зны аӡәы инидҵо, зны даҽаӡәы, рхы иақәныҳәоит. Зынӡа 57 ҭӡы рҟынӡа ыҟоуп иахьа. Сынтәа ҳара сасыс ҳазҭаз аныҳәара мҩаҧган Елызбар Амҧар иҩнаҭаҿы, Лӡаа ақыҭан.

Ари ажәлантә рныҳәара амҩаҧгашьа ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Аӡӷаб амшын (агәылшьаҧ) лагарала ишыҟалаз ала, аныҳәарҭа аҭыҧ ахь – амшын агаҿа иаҧшьну Ариаҧшь ахь — аӡӷаб днеир ҟалаӡом, ахацәа роуп иныҳәо амҽышазы (шамахамзар аныҳәарақәа зегьы рҟны амҽыша аныҳәара иамшны иҟоуп). Иара Аг-ных ҳәагьы рныҳәарҭа иазырҳәо изыҟалазгьы ажәа "ага", "агаҿа" аҟынтәи ауп. Аха асабшатәи амш – аныҳәатә ҽазыҟаҵара — еиҳагьы азҿлымҳара ацуп. Араҟа ихадароу аҧҳәыс лоуп.

© Фото : Есма ҬодуаАмԥараа рныҳәара
Амԥараа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
1/4
Амԥараа рныҳәара
© Фото : Есма ҬодуаАмԥараа рныҳәара
Амԥараа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
2/4
Амԥараа рныҳәара
© Фото : Есма ҬодуаԥҳаАмԥараа рныҳәара. Амгьал иақәырҵо ала-бз абыӷьқәа
Амԥараа рныҳәара. Амгьал иақәырҵо ала-бз абыӷьқәа - Sputnik Аҧсны
3/4
Амԥараа рныҳәара. Амгьал иақәырҵо ала-бз абыӷьқәа
© Фото : Есма ҬодуаԥҳаАмгьал аӡра
Амгьал аӡра - Sputnik Аҧсны
4/4
Амгьал аӡра
1/4
Амԥараа рныҳәара
2/4
Амԥараа рныҳәара
3/4
Амԥараа рныҳәара. Амгьал иақәырҵо ала-бз абыӷьқәа
4/4
Амгьал аӡра

Амра ҭашәаанӡа Амҧараа рҭацацәа зегьы ааизаны, досу иҭӡы аҟынтәи аныҳәатә ча – амгьал иаларҵо рыхәҭаақәа рыманы иаауеит. Ихадароу аныҳәатә чыс абри амгьал ауп (хәыц еиқәаҵәа злам ақыжә агәи-агәаҵәеи инаваргыланы). Уи метрак аҭбаареи ҩ-метрак ауреи аманы ирӡуеит.

"Асабша иҟаҳҵо чгахьоуп. Аӡӷабцәа ҭахон азы абри чгахьала ишьҭырхит. Абра абысҭа, аҟәыд, арҵәы, ауаҭка ыҟоуп, ахаа – мап. Абарҭ рылоуп уаха ҳшеидтәало. Аҭацацәа зегьы иаауа рықьҭамхә (рыхәҭаа. — Е. Ҭ.) аларҵоит: аҟаб, аҟәыд, анкьа аҟәыд еилыршәшәа ҟаҵаны иааҳгон, уажәы ус аҟәыд ааргоит, ашә аӡа, ахш" — ҳәа даҳзалацәажәеит ажәытә ишыҟарҵози уажәы иҟарҵои атәы аҩнаҭа аҧшәмаҧҳәыс Роза Қаҩҧҳа.

Хазы дазааҭгылеит иара амгьал шыҟарҵоз атәы: "Ашырӡи ахәыӡи еилаҩҩы, ашә анхыухуа иаанхо ахаз, аџьыкхыш, нас ашә аӡа ҧыҟҟаны инақәҵаны – абарҭ рыла мацара акәын ишыҟарҵоз жәытәла. Уажәы ашырӡ ыҟаӡам, иӡхьеит. Нас амажәа ашьҭыхга ҳәа акгьы арҭомызт. Ахала ишьҭыҵаанӡа иазҧшуан. Уаха асааҭ жәаҩа рынахысгьы акәын аӡрахьы ианнаргоз…", – ҳәа иацылҵоит лара.

Иахьагьы аҭацацәа рызегь рыхәҭаақәа шыҟарҵац еиҧш иааргоит. Аҧҳәыс еиҳабы (аҧҳәыс цқьа ҳәа иҟоу) "ҧссымилаҳ" наҳәаны досу рыхәҭаақәа неилаҧсаны амажәа акәаҳара напы алыркуеит, егьырҭ аҳәсагьы нлывагылоит. Уи ахьынӡаҟарҵогьы имгәамҵкәа, изҿу ахьӡгьы мҳәаӡакәа, аҭацацәа еихлафаауа, иччо-ихәмаруа рнапы аус адыруеит. Иахьа иҟарҵо амгьал ашырӡ ацәыӡхьазаргь, ахәыӡ алоуп, лымкаала иаразы илаганы, ихәны иааргоит. Иара убас ашылеи ачашылеи аларҵоит, хышла мацара иркәаҳауеит (ахш аацәырҟәанданы), аџьыкхыш арҭоит, агьамазгьы ашьақар аларҳәҳәан иҟарҵоит. Аҵыхәтәан амажәа лассы игыларц азы арчыгақәа арҭоит. Нас иныхҩаны сааҭк аҟара иазыҧшуеит. Уи иазыҧшнаҵгьы чгахьала идырхиаз аишәа хәыҷи-дуи, ҳәсеи-хацәеи надтәалоит. Аныҳәаҿа иааныркылогьы хҧа иреиҳаӡам, ачгахьа аҵасла ишақәнагоу имҩаҧыргоит.

Ус сааҭкгьы ниасит, амажәагьы ибзиан ишьҭыҵт. Шарҧазы инаркны еиқәыз амца арҧарцәа зхылаҧшуаз инаха-аахан, амҿқәа лыҽҳәыхны акәасҭӷақәа рымацара иаанрыжьуеит. Аҧҳәыс еиҳабы дныҳәа-ныҧхьаны амажәа аашьҭыхны аихатәы дырган еиҵҳәа ду ахь аиҵбацәа нлываргылан иналгоит. Уаҟа раҧхьа ианырҵоит уи азы заа иааргахьаз, иӡәӡәаны иҟоу ала-бз (ала абыз) ҳәа иҟоу абӷьы еизыхәхәақәа – абри абӷьы ақәҵараан аҭацацәа рызегь рнапы аларымкыр ауӡом, досу бӷьык-бӷьык наган инақәиҵоит. Анаҩс амажәа еиҵыхны инанҵаны ахыхь ашә аӡа (иҧыҟҟаны ҽыҭ-ҽыҭла идырхиахьаз) нақәырҵоит, уи ахыхь дырҩегьх амажәа ақәҵаны ала-бз абыӷьқәа рыла инхырҩоит (уи зыҟаҳҵо амгьал цәыббылны иҟамларц азоуп рҳәоит). Аҷкәынцәа аихатәы дырган аашьҭыхны аҧырӷқәа инарықәдыргылоит, уи ахыхьгьы инақәырҳәҳәаны еизеиҟаран иҟарҵоит. Уажәшьҭанахысгьы аҷкәынцәа ҿарацәа рнапы иазаанхоит иара, урҭ шарҧазынӡа ирҷаҧшьалароуп, акәицқәа мыцәарц агәаҭара адагьы, акы ацрамсырц, акы иамҟьашьырц азы ирыхьчоит – алаф неихҳәаало абас иаадыршоит.

Амҽыша шарҧазӡа аныҳәаҩ Валикәа Амҧар дныҳәа-ныҧхьо агәар дааҭалоит. Аҷкәынцәа быцала ишышны иҟарҵахьаз уажәшьҭа иӡхьоу амгьал зқәырҵо ахь иниаргоит. Ажәытә абри амгьал убас ишьҭыхны шьапыла Ариаҧшьынӡа иргон, уажәыгьы уеизгьы-уеизгьы шьапыла ҧыҭк иҩаскьаргоит, ус иаҧуп, ус иахәҭоуп ҳәа, нас амашьынахь иниаргоит. Аныҳәарҭа аҭыҧ аҿы аныҳәаҩ агәи агәаҵәеи кны, аҩ ҿа аашьҭыхны дныҳәоит. Иазгәаҭатәуп: агәи агәаҵәеи ада егьи акәац уаҟа аҭыҧ аҿы ишырымжәуа, абысҭагьы уаҟа ируӡом, аҩнынтәи заа иҟарҵахьаз аҿахрақәа наргоит, аҟаб рӡуеит. Иара аныҳәаратә мгьалгьы уаҟа агьама рбаӡом. Уи ҭӡы цыҧхьаӡа хәҭаала инамхны, аныҳәаҩ досу "алыҧха шәымаз" ҳәа инадиркуеит. Аҩны ианнеилак, досу рыҩнқәа рҿы рыхәҭаа акәац жәны, абысҭа уны еибаныҳәан инеидтәалоит, изыхныҳәаз агьама рбоит.

Иуникалтәу Амҧараа рныҳәара Ариаҧшь агаҿаҟны ианыхдыркәшогьы ҩыџьа аиҳабацәа рыда егьырҭ зегьы аҭыҧ иҭыҵны ианцалак ашьҭахь оуп. Зосими Валикәеи Амҧараа кәысҭӷак-кәысҭӷак нышьҭыхны амшын агаҿа иныҽҧынгылоит: "Ҳҭацацәа ҧырхага рмоуа, ҳамцахә цәашьа амамкәа, ҳаӡӷабцәа ахьнеиуа аҿиара рыманы иҟало" ҳәа хынтә ирку акәысҭӷақәа неиҿшьны амшын иарҭоит.

Ажәанҧҳа илхылҵыз Амҧараа рыжәлантә абриала амшын гәылшьаҧ аҟынтәи рыӡӷабцәа ҿырхуеит ҳәа ирыҧхьаӡоит. Ихадароу, ари аныҳәара жәынгьы ҿангьы агәрагара, азхаҵара иацу ӷәӷәоуп, уи ҟаумҵар ҟалаӡом рҳәоит. Насгьы дара ажәлантәгьы еидызкыло аныҳәарақәа иреиуоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0