Абри аҭоурых зысгәалашәаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ашьхақәа адунеи аҿы ианыӡаауа иалагеит. Раԥхьа адунеи зегьы цхала изырчоз Китаии Канадеи рыла иалагеит, нас егьырҭ аҳәынҭкаррақәа. Ари биологиатә катастрофоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит аҵарауаа. Иаҳҳәап, Америка 2006 ш. инаркны 80% аҩнытәи, 90% абнатә шьхеи ҭахахьеит. 2013 шықәсазы ашьхақәа раныӡаара зыхҟьо аилкааразы Европатәи акомиссиа 4 млн. € азоунашьҭит Евроеидгыла иалоу 17 ҳәынҭқарра рҿы агәаҭарақәа рзы мацара.
Ҳазҭагылоу 2019 шықәсазы ари апроблема Урыстәыла иааит ҳәа цәгьала ирхьаауп. Аԥсынгьы ашьха иҭыҵыз мхынҳәуа, ашьхымза рхыԥхьаӡара маҷхо иалагахьеит. Уи зхароу ҳәа ирҳәақәо иреиуоуп аарыхра ахәшәқәа ирықәырҭәо, аинтернет акаҭақәа, иааидкылан аҳауа аҽыԥсахра.
Ишәыдаагало ажәабжь анҵан 20 шықәса раԥхьа, усҟан уи аҩыза апроблема ҳамаӡамызт, иагьыҳмаҳацызт Аԥсны.
Цәыббын 1998 ш. Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа ҳаҟан аекспедициа Кәтол ақыҭа Тоумышь аҳабла. Еицыз: антрополог Пиотр Кәыҵниа, афольклорист Зураб Џьапуа, аетнолог Сима Дбар, сара.. Ҳаиҭаан данаҳҵон ажәабжьҳәаҩ Минџьори Гамгьиа.
Минџьори Гамгьиа дажәабжьҳәаҩ дуун. Агәынкылара ду иман. Даныхәыҷыз инаркны иаҳаз зхамышҭуаз (даныхәыҷӡаз ииҵаз ажәеинраалақәа, апоемақәа ҿырҳәала дҳазрыԥхьон), иаҳахьаз анеиҭеиҳәоз аламала акгьы ацзымҵоз, изымдыруа акы ыҟаны азҵаара аниаҳҭалак, уи сыздыруам, исмаҳацт ҳәа мап икуан. Қәрала 80-ҟа шықәса дырҭагылан, длашәын (60 шықәса анихыҵуаз инаркны илақәа зынӡа ирбаӡомызт).
"1938 шықәса рзы ауп сара абри ансаҳаз.
Аӡәы дыцәан, дааԥшит:
- Хаха–хымш салаԥсны сыҟан. Санааԥш, саҳәшьцәа, адунеи, рыӡӷы ыҟам, рылахь ыҟам, рыхәда ыҟам, зегь цәԥны игылан. "Иҟалеи, ишәыхьи?!" - ҳәа санрызҵаа, "Ыы, ҳа ҳаума узызҵаауа, уара уԥсны уҟан", - рҳәеит.
Иара ииҳәоз убас акәын, баба:
- Ацгәы акранаҿауҵо, "дгьыли жәҩани шаҳаҭуп" ҳәаны, ахы уқәымскәа, акры аумҭан. Ала рыцҳа, ала зшьуа ауаҩы даара агәнаҳа ду ҟаиҵоит, - иҳәеит.
- Избан? - анаҳҳәа.
- Ацҳа ыҟоуп, џьаҳаным уҭазыжьуа. Абна уанықәсуа, ацгәы ашша ықәнашьуеит, ала уи рбзо иқәлоит. "Дгьыли-жәҩани шаҳаҭуп!" ануҳәалак, ацгәы крашаҿоуҵахьоу мап азкуам. Ус мҳәакәа акранауҭахьоу, мап акуеит, - иҳәеит.
- Анаҩс, срыманы ицеит, - иҳәеит. - Издыруа ауаа роуп сызгаз. Дәеиужьрак аҟны ҳнеит. Адунеи какаҷроуп. Бзиа зыԥсхәы уыу истол шгылоу ҩашьаӡом. Хар амаӡамкәа иҟазҵазгьы ыҟоуп. Шьурҭ акгьы змаузгьы ыҟоуп. Нас абрахь еиԥш ауп уахьгьы. Ажәлар зегьы крыфашьала ҳаиԥшума. Зегь ԥсхәушьалагьы ҳаиԥшума, абас иҟан, - иҳәеит.
Нас, убас ҳаиҳәеит:
- Баба, ҳашлеи-шлеиуа, абыржә дук мырҵыкәа, аибашьра ҟалоит (1941-45шш. - МБ). Абыржәы еибашьуеит. Арбаӷь еиқәаҵәеи арбаӷь ҟаԥшьи еиҿасуеит. Иаҵахома уҳәо аҟны илеиуеит, аха арбаӷь ҟаԥшь аиааиуеит, - иҳәеит. - Ҳа ҳтәқәа аиааиуеит. Убри нахыс, ҳара ҳҳәынҭқарра, абыржәтәи аҳәынҭқарра иҟоу дунеиахаан акы иагарц иҟам. Дәныҟала дунеиахаан ауаҩ дахәом, ҩнуҵҟала ибгоит, ҩнуҵҟала идырбгоит абри ҳзакәан. Быжьҩык аҳәынҭқарцәа аԥсахуеит, иҳәеит. Абыжьҩык раамышьҭахь иара ахала, ҳҳәынҭқарра ахала ибгоит, - иҳәеит (Б.Н. Ельцин абжьбатәи аҳәынҭқар иакәын - МБ).
- Акы убри иҳәеит. Ҩба - акәабашьиа аҟалара иаҟәыҵуеит, - иҳәеит.
- Ашьхымза ықәҵуеит, - иҳәеит.
- Аҳарданыжь ықәҵуеит,- иҳәеит.
- Абиагьы убас, - иҳәеит.
- Аԥшгьы ҟалом, - иҳәеит. Уи хәшәыркны, абас мчыла иаадрыхуа аҟынӡа, абас инеиуеит, - иҳәеит.
- Ишнеишнеиуа милаҭла аибашьра ҟалоит иҳәеит. Иреиҵоу ҳәынҭқаррак иахҟьаны адунеи зегь аибашьра ҟалоит, баба. Иреиҵоу ҳәынҭқаррак иахҟьаны!
- Сҭампыл, - иҳәеит, - хымз зхыҵуа аҽҵыс ашьа иарӡсоит ҳәа аҳәоит. Убра еилгоит иҳәеит. 36 шықәса зхыҵуа аԥҳәызба ҳәынҭқарс дҟалоит. Убри ҩышықәса лтәы аҳәоит. Убри нахыс сыздыруам нас иҟало, - иҳәеит.
- Аԥҳәыс ахаҵа еиқәа зшьоу данылбалакь: "Аа, анаџьалбеит, ахаҵеиқәа зшьоу!" ҳәа дихьҵәыуо аҟынӡа абас иҟалоит, - иҳәеит.
- Арбаӷь абжьи арбаӷь абжьи еинымыҩуа аҟынӡа ауаа убри аҟара иӷархоит (иаӷахоит-М.Б.) иҳәеит.
- Абри дрылатәаны ианеиҭеиҳәоз, нас, хар змамыз абыргцәа бзиақәа: Лашәриа Никәа, Лашәриаа Ҭарашь, Никәа Бебиа, Ҳаџьараҭ Бебиа, Гьаргьиа Иаџь, убас ауаа бзиақәа тәаны ажәабжь анырҳәоз, абри саҳауан. Игәаҭо саауеит, уажәы, нас, анкьа еиԥш акәабашьиагьы ыҟам, баба! Аҳардан сынтәа иақәуҵар, ҽааны иҿало иҟаз, уигьы мчыла, ауац ауҭаргьы, егьи ауҭаргьы, уигьы аҟалара иаҟәыҵит. Ҳбиақәа ықәҵит. Ҳашьхымза маҷхеит, иабаҟоу?! Ажәытә рхала икны иҭаркуан, уаҳа хәшәгьы аҭахымызт, егьигьы аҭахымызт ашьхымза. Уи маҷхеит. Ишиҳәоз еиԥш, лаԥҟьак ергьҳәа иҿало, ҳамхурсҭақәа абас иҟалеит... Милаҭла ҳәа дызҿызгьы, баба, милаҭла аибашьра ҳаҿуп уажәы..."
Минџьори Гамгьиа иҳәамҭоуп. Ианҵоуп Кәтол ақыҭа, Ҭоумышь аҳабла, 1998 шықәсазы.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:
-
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы
-
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара
-
Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара
-
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы