Кәырбан-ныҳәа аԥсуа жәлар рныҳәараҿы

Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рмифологиаҿы Аллаҳ иааникыло аҭыԥи "ашьакаҭәара амш" Аԥсны ишазгәарҭои атәы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Аллаҳ аҧсуаа рдунеихәашышьаҿы

Кәырбан-баирам ма кәырбан-ныҳәа Аҧсны иалаҵәахьо ныҳәароуп. Адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегь реиҧш Аҧсны инхо аҧсылманцәагьы уи ныҳәа дууны иаҧылоит. Аҧсуаа ҳҟны ҳаҧсылмануп ҳәа зхы зыҧхьаӡо хыҧхьаӡарала имаҷым, урҭ зегьы аџьаамахьы иныҟәом умҳәозар.

Роман Джугелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьугьелиа Кәырбан-ныҳәа амҩаԥгаразы: алшара змам гәыбӷан имаӡам

Аҧсуа жәлар рмифологиа уазхьаҧшуазар, имаҷым ахәаџьа иӡбахә зҳәо аҿаҧыцтә жәабжьқәа. Лассы-лассы иара убас иуҧылоит "ҧссымилаҳ" ҳәа ҳәаны ауаҩы иусқәа данрылаго, мамзаргьы аҧшқа уахынла адәахьы ддәылыргозар, "ҧссымилаҳ" рҳәоит, џьара кәарак, мамзаргьы нышәынҭрак уахынлан ианаҩсуагьы "ҧссымилаҳ"уҳәар, аҩсҭаа дуҧырхагахом ҳәа азгәарҭоит ажәабжьҳәаҩцәа.

Анцәа еиҧш аҧсуаа рҟны дрылаҵәаны дыҟоуп Аллаҳ. Егьырҭ ажәларқәа рҟын еиҧш аҧсуаа рҿгьы адинқәа реилалара анырра ҟанаҵоит. Аҧсуаа рҿы Анцәеи Аллаҳи рфункциақәа еиҟароуп уҳәар ауеит. Анцәа еиҧш Аллаҳгьы даӡәыкуп, ҭыҧс имоу ажәҩан ауп. Адунеи зегьы арҿиара, ашара иара ибзоуроуп ҳәа иҧхьаӡоуп: адгьыл, ажәҩан, амра, амза, аеҵәақәа уҳәа иара ишеит ҳәа иҧхьаӡоуп. Аҧсылманцәа рышәҟәы хада аҟәырҟан ишаҳәо ала, Аллаҳ ицназго аӡәгьы дыҟаӡам, уи дагьыџьбароуп, дагьқьиоуп, зегь зымчу, зегь зылшо иоуп.

Аҧхьаӡа аллаҳ иӡбахә ахьцәырҵыз ажәытәӡатәи араҧтә мифологиаҿы ауп, уантәи ауп егьырҭ ажәларқәа ишрылаҵәазгьы. Аҧсуаа рцәажәараҿы, рныҳәараҿы, рышәираҿгьы Аллаҳ дрыланы дубоит. Иаҳҳәап, аҧсуаа ражәа иалоуп "Аллаҳ уиныҳәааит", "Аллаҳ абзиара узиҳәааит", "Аллаҳ уишәиааит". Акы иақәшәар, "Анцәа иџьшьоуп" ҳәа шырҳәо еиҧш, "Аллаҳ иџьшьоуп" ҳәа анырҳәогьы ыҟоуп.

Кәырбан-ныҳәа амҩаҧгашьа

Аҧсны аҧсылманцәа Иаку Рдоуҳатә Наҧхгараҭара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ  Роман Џьугьелиа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьугьелиа Кәырбан-баирам азгәаҭара иазкны: ашьтәа хә-хәҭакны иаҳшоит

"Кәырбан-баирам" аҧсшәахь еиҭаугозар, "ашьакаҭәара амш" ҳәа азуҳәар ҟалоит. Ари амш азы аҧсылманцәа зегьы рыҩнаҭақәа рҿы шьтәак ашьа карҭәоит, уимоу аҩнаҭаҿы заҟаҩ ыҟоу рыцыҧхьаӡа акака ауаса ршьуеит ҳәа ҳзеиҭаиҳәеит ҳара ҳзыҿцәажәаз Ҳаири Қәҭарба.

"Кәырбан-ныҳәа ҧшьымш ицоит. Ԥшьымш аҩныҵҟа ашьакаҭәара ианыҟауҵалак ҟалоит. Аҧааимбар кәырбанс ауаҩы ауаса изынаишьҭит рҳәоит. Убри аҟнытә амч змо (алшара змо. – аред.) зегьы уасак-уасак ршьыроуп, аҭаацәараҿы заҟаҩ ыҟоу аҟара ауасақәа ршьуеит изылшо. Ацә ршьуазар еилахәны фҩы-быжьҩы, акәац еиҩыршоит. Насгьы имчыдоу, алшара змамгьы ирзыршоит", - ҳәа ҳаиҳәеит иара.

Ари асиужет Анцәа ауаҩы ҧхыӡырла иҧа ҿаҭахьас дҟаиҵарц ахьиаиҳәо, нас иҧа ихаҭыҧан ауаса ахьизылбааишьҭуа аҧсуа жәлар рҳәамҭақәа рҟныгьы иуҧылоит. Аҧсуа шәҟәыҩҩцәагьы уи асиужет рҩымҭақәа рҟны ахархәара аманы иаҳбоит.

Ҳаира Қәҭарба ишҳаиҳәаз ала, аҧхьа ахацәа аџьаамаҿы иныҳәоит, нас досу рыҩнаҭақәа рҿы ашьтәа ршьуеит, еибаныҳәоит, еиҭанеиааиуеит. Убри аан аиҳабацәа аҩны идәылҵӡом, сасра ицо, адныҳәалараз инеиуа аҿарацәа роуп. Аиҳабацәа ианрыдныҳәалалак ашьҭахь дара рыҩны асасцәа ирзыҧшуеит, еибаныҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0