Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара

© Foto / Марина БарцыцВ.Г.Арӡынба Лыхнашҭа ажәлар рҿаԥхьа ицәажәара.20.06.1993ш.
В.Г.Арӡынба Лыхнашҭа ажәлар рҿаԥхьа ицәажәара.20.06.1993ш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа наџьнатә аахыс ирыман ажәаҳәара атрадициа дуқәа. Уи лымкаала рҵеицәа ирыларааӡон. Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа иҳадылгалоит ари аҟазара ҳажәлар рҿы знеишьас, чыдарақәас иамаз, иахьатәи аамҭазы тенденциас изну.

Ажәеи ахшыҩи еицуп. Ахшыҩ аҟынтә ауп ажәа шаауа, аха иара ажәа ахаҭагьы ахшыҩҵак арҿиоит. Ажәада шамахамзар хәыцшьа ыҟам. Ауаатәыҩса зегьы хәыцуеит, аха рхәыцшьа рбызшәа, рмилаҭ дунеихәаԥшышьа, ретика иадҳәалоуп. Ажәада ауаа реимадарагьы зыҟалом. Реилибакаара, рԥеиԥш, аиаша, аҵабырг аԥшаара ашҟа мҩасгьы иҟоу ахшыҩеилаҵара ауп (совместное постижение истины, предмета разговора).

Гәдоуҭатәи аделегациа Романоваа рыҩны 300 шықәса ахыҵра азгәаҭараан - Sputnik Аҧсны
"Хьӡы алоугааит!": аԥсуаа рабџьар аныҟәгашьа

Абра ҳаззаҭгыларц иаҳҭаху ацәажәара, насгьы ацәажәашьа ауп, лымкаалагьы аизараҿ ажәа аҳәара - "ораторское искусство". Цәажәарада бызшәа шыҟам еиԥш, бызшәадагьы цәажәара ыҟам! Ажәаҳәара иазку анаука "ариторика" ажәытә бырзенқәа рмифқәа рыла ацивилизациа иахыҵхырҭоуп, анцәақәа рҟынтә ауаа ироуз акоуп ҳәа иршьон.

Ахәыҷы мгәарҭа инаркны ибызшәа иаҳауазароуп. Ацәажәашьа ирҵара, ибызшәа абеиара, ихшыҩ аҵаулара, иҟәыӷара иахәҭакуп. Зегьы еицырдыруеит аԥсуаа еиҭарҳәало асиужет: измацәажәоз агара игараз асаби, криҿарҵарц ианыҩналоз ашә иаадыртуаз аҷыжьбжьы адамзар цәажәашьҭыбжь змаҳацыз ахәыҷы "ҷыжь" ада акгьы шизымҵаз. (аҭоурых иадыруа 4-5 шықәса зхыҵхьоу Мауглираа рыхшыҩгьы рцәажәарагьы ауаҩытәыҩсара иацәыхҟьоит, нҵырагьы рымам).

Ацәажәара акуп, иагьыҩбоуп. Иҟоуп ауаа уи "ажәа иҿоуп", "дажәаҳәаҩуп", "иҿаԥыц гәӷәоуп" ҳәа ззырҳәо. Аха, ишаҳҳәахьоу еиԥш, уигьы ахала иаауам, исабира аҟынтәи иаауеит раԥхьатәи иажәақәа - идыррақәа. Ахәыҷы изымҳәо ашьҭыбжьқәа ҟамларазы ибз ԥырҽуан, ирацәаӡаны идырҵон-идырҳәон ажәарццакқәа. Аҭаацәа ду рҟны жәларык еиҳабыла-еиҵбыла икәша-мыкәша иҟаз дырбон-драаӡон, ихылаԥшуан, ицын, ддырхәмаруан, уахынла(!) - алакәқәа, ҽынла – ажәабжьқәа иаҳауан. Ианаамҭаз ихәыҷы хаԥыцқәа рыԥсахра иашьклаԥшуан. Дубомызт шамахамзар зхаԥыц еиқәиааз аӡәы. Аԥсуаа аԥшӡара аеталонс иршьоз аҟны аԥхьа идыргылоз иреиуан ауаҩы иц-ишә аԥшӡара. Ирылшоз зегьы ҟарҵон ибз ахықәцә дықәымцәажәаларац, даныхәыҷыз уи аҩыза апроблема имазаргьы.

Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ажәа адырра ацзар акәын. Раԥхьаӡа идырҵоз иреиуан иибоз амаҭәарқәа рыхьыӡқәа. Уи ашьҭахь - ихаҭа ихьӡ, ижәла, иаб, уи иаб, уи иаб иабду рыхьыӡқәа – ишьҭра (иахьа забду ихьӡ ззымдыруа астудентцәгьы убап аха...). Аҷкәын бжь-абиԥара дызхылҵыз идыруазар акәын (нас ДНК аҽаԥсахуеит аҳәоит анаука), дыӡыргьы, дымҵарсны аҳәаанырцә дырҭииргьы, ихшаз ирыхшаз рышьҭра рыԥшаар ҟалон рыԥсадгьыл ахь ихынҳәны.

Ацәажәаратә, ажәаҳәаратә культуразы иакадемиан асасдкылара, ахәыҷы иҩны-игәылара, ма аангылара иуа-иҭахы рҿы иибоз. Ишдыру еиԥш, арԥыс иагьа ахымҩаԥгашьатә етикет идыруазаргьы, ацәгьа-абзиа аҿы атәымџьара анеира, ма ажәлар ахьеизоз акәзаргьы ихшыҩ шәаанӡа (25 шықәса ихыҵаанӡа) аламала дыргомызт. Уаанӡа "алҩа далоуп", имшәӡацт хәа ирыԥхьаӡон ибаҩгьы ихшыҩгьы (иалырдыраауази ахыбаҩгьы ахшыҩгьы – ахшыбаҩ азҳара ишалгоз убасҟан?!).

Ф.А.Рубо 1901 шықәсазтәи иҭыхымҭа Кавказтәи аԥшыхәцәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа реибашьратә, рхаҵаратә культура иазкны

Аха ҳхынҳәып аԥсуа ражәаҳәаратә культура атрадициақәа рахь. Аицәажәара, аиҿцәажәара аҵкьыс аӡә имацара иажәаҳәара (монологическаиа речь) иаҳа иуадаҩуп, уи ҟазароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Дҿаҳамзар, ацәажәашьа ззымдыруа дыҟам, аха ажәа аҳәара, ажәлар рҿаԥхьа иқәгыланы ацәажәара мариам. Дыҟоуп еиҳа ԥсабарала излоу, аха иага ус иҟазаргьы, уи аҩыза акультура далааӡазар акәын, ибахьазар-иаҳахьазар акәын. Уимоу, лымкаалагьы идырҵон, аԥышәа ирҭон. Сыхәмарны исҳәалоит, егьа ҳцәыӡзаргьы, ианамух, ибзиоуп ахәыҷқәа аҩны аныҳәаҿақәа ахьраҳауа, убри абзоурала иахьа амикрофон назҿаукыз аԥсыуа рԥыск мап мкыкәа ажәақәак неихшьааланы амонолог кьаҿ аимпровизациа ацны аҳәара илшоит!

Аԥсуаа иахьанӡагьы ражәа иалоуп: "Ахаҵа хьӡи-ԥшеи изыргоз – аибашьраҿы – иаҳәа, аизараҿы – иажәа!". ХIХ ашәышықәса аиҩшамҭаз, Британиатәи акорреспондент захьӡыз, аха иҩызцәа реиԥш, аԥшыхәра иазкыз, Джон Лонгворт иациҵон ачеиџьыкагьы: "Славу мужчине дают мечь на войне, речь на собрании, сладкий язык и 40 столов". Ажәаҳәара ҵарала иддырҵон: абаӡӡеи ииааӡоз - ихәԥҳа иирҵон, ахәыҷқәа дыреицлабуан, еиҳа зҿаԥыц ӷәӷәоу ҳәа. Ишыхәыҷу иддырҵон алафҳәашьа, лафла ажәа аҿаԥҽра. Еисрала, еиқәԥарала акәымкәа иахьынӡауа ажәала ахыхьчара. "Абз зҿоу аҳәа иҭахӡам" аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Бзиарак аҿы иахьааидтәалоз, еиҳа асамарҟәыл зҳәо ҳәа еицлабуан, амала аӡәгьы дгәаар ҟалаӡомызт. Ишдыру еиԥш, алаф аинтеллект ҳарак иадыргоуп. Уимоу, иаҳҳәап, аҭыԥҳа лбара, ԥҳәысҳәара имҩахыҵуаз лышьҭра, лааӡашьа, лнапкымҭа адагьы, лыхшыҩ ахьынӡаҵарыз иашьҭан – излеилыркаауазгьы алаф аҭак лаҭашьала акәын.

Ауаҩы иҟәыӷара, иҟәышра маанала ацәажәара, насгьы уи аилкаара злаилшо ала дырдыруан. Ус иҟоу зеиӷьыҟам аҿырԥштәқәа иахьеи-уахеи ираҳауаз аԥсуаа рфольклор аҿы иҟан. Нарҭаа репос аҿгьы аишьцәа хьыӡрацарақәеи, аибашьреи, русқәеи ианырхашәалоз ԥсшьарас ирыман аспорт: ахыци хәымпаллеи ахысра, аҽыбӷаҟазара, аилҟьара; убасгьы кәашарылеи шәаҳәарылеи аицлабра адагьы, еицлабуан ҿаԥыцла, ҟәыӷарыла. Ажәала ақәаб зыршуаз афырхацәагьы рхаҵара атәы аҳәашьагьы иақәшәар акәын.

Ажәаҳәаратә ҟазара ахьыддырҵоз аҭыԥқәа ыҟан. Аҭоурыхҭҵааҩ Гәажәба Руслан иматериалқәа рыла ус иҟан академиак иаҩсуаз аԥсуааи аубыхқәеи рҳәааҟны Ҭәуахы аҭыԥан аԥсуара, ахымҩаԥгашьа, алеишәа, аибашьратә, ацәажәаратә ҟазара ахьыддырҵоз. Иаҳҳәап, ҳетнолог нага Иура Аргәын "Аԥсуаа ретнологиа захьӡу ишәҟәаҿы иҩуеит Ԥақәашь ақыҭа анхаҩы Ноурыз Чачхалиа аҿар бзиа еизганы "ажәлар рҿаԥхьа ажәаҳәашьа дирҵон, иазыҟаиҵон, иаиршьцылон. Зегь реиҳа аҿар азхьеирԥшуан ажәаҳәараан ахымҩаԥгашьа, алабашьа нарсны "ажәлар, шәхацкы, ажәлар абзиара шәымазааит", ҳәа ацәажәашьа ишалагатәыз дирбон, нас аинтонациақәа шыҟаҵатәыз деилиркааун, убри ашьҭахь аҵаҩцәа еицлабны ицәажәон, аҵыхәтәаны апрактикатә ҽазыҟаҵара ахәшьара арҭон". Убасгьы иазхьадырԥшуан, иддырҵон ауаа ахьеизоз ианнеиуаз рҽеибыҭашьа, рҽеилаҳәашьа, ианцәажәоз ргылашьа, рнапҟьашьа, убас иҵегьы.

Ажәаҳәаратә ҟазараҿы акраҵанакуеит абжьы. Ишынеибаку аԥсуаа ашәаҳәашьа ззымдыруаз ауаа маҷын. Абжеиҳан илаҟәу аҵкьыс иҳаракыз абыжьқәа рхан, уимоу ианаҭаххалак, ҟазарыла рхы иадырхәон аибашьрақәа раан, арҵәааҳәа раӷа игәы ҭырҟьаратәы иҩныҵәаар рылшон ахацәагьы.

Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа Мифы и Легенды Абхазии - Sputnik Аҧсны
Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

Иҟан аҳәҳәацәагьы қыҭацыԥхьаӡа (глашатаи). Аџьар рҿы, ақалақь аҿы аԥсуаа рыбжьы иззырхоу ида егьырҭ ирԥырхагамхо, излацәажәо зус алам атәымуаа ирмаҳаратәы, рыбжьы рмаҷны акәын ишеицәажәоз. Иаҳҳәап, Аҟәа зыбжьы зхарззала ицәажәоз ҳәа ирԥхьаӡоз ақырҭцәа ракәын, аԥсуаа ус ацәажәара ԥхашьароуп ҳәа ирԥхьаӡон (иахьа дара реиԥш ҳцәажәо, уимоу рбызшәа ззымдыруа аҿар дара ракцент, ринтонациа шьҭыхны аҟәатәи цәажәарак шьҭырхит умҳәозар). Уи ззегьы ззаҳҳәо, шамахамзар, аԥсуаа рыбжьы иақәиҭны ахархәашьа рдыруан, 2-3 октава еиҵамкәа. Ауаҩы ибжьы дақәиҭны ишиҭаху ахархәара илшозар, уи акырӡа аҵанакуеит, ашҭа ду аҿы шәҩыла, зықьҩыла ажәлар еизаны иахьгылоу, раԥхьа дықәгыланы ацәажәара зықәшәо изы. Уимоу ҟазарыла илшоит ибжьы ишиҭаху ашьҭыхреи аларҟәреи (убри аан ашҭа аҵыхәа ираҳауа). Ас иҟоу алшара иажәаҳәаҟны ихы иархәаны, ихшыҩҵак иӡырҩуа рхы-ргәы аҿы инеиратә иҟаиҵоит.

Нас, изусҭцәаз иалхны ирымаз, ашьауӷатә, ма атәыла алахьынҵа аӡбараҿ ессымшагьы изызҵаауаз зажәа ԥхылдаз ауаа? Урҭ шамахамзар рыуаҩрахь инеихьан, аиҳабацәа ҟасақәа (мудрецы), ҳаҭыр зқәыз, ҽԥныҳәа змамыз, зԥышәеи здырреи еицназгоз, изызҵаауаз ауаа нагақәа, ауаа дырқәа ракәын. 1937-тәи ашықәсқәа, аԥсуаа рҳәашьа "ауаа бзиақәа андырӡуаз", ус иԥхьаӡаз ауаа рықәрагьы иахәамԥшкәа, ажәлар инархыҟәшәааны идырӡуан. Ус иҟаз унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз аиҳабацәа рылымкаа аизара иалагаӡомызт рҳәон, ирацәаҩуп ус зыӡбахә рҳәоз. (Иаҳҳәап, Иура Аргәын иажәақәа рыла "Чыгә Мҷы дыҟаӡамкәа аизара иалагаӡомызт Чгәырханых").

 

© Foto / из архива Руслана ГожбаРомановаа рыҩны 300 шықәса ахыҵра азгәаҭара иалахәыз аԥсуа ҭауади аамсҭеи. Урҭ еиҳабыс дрыцын акәымжәы шкәакәа зшәу аԥсуа нхаҩы ажәаҳәаҩ Аабыџь Мықәба. Санкт-Петербург, 1913 ш.
Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара - Sputnik Аҧсны
Романоваа рыҩны 300 шықәса ахыҵра азгәаҭара иалахәыз аԥсуа ҭауади аамсҭеи. Урҭ еиҳабыс дрыцын акәымжәы шкәакәа зшәу аԥсуа нхаҩы ажәаҳәаҩ Аабыџь Мықәба. Санкт-Петербург, 1913 ш.

Хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу Иура Гәдиса-иԥа 2003 шықәсазы иҭыҵыз ишәҟәаҿы еиқәиԥхьаӡоит ас зыӡбахә рҳәоз жәпаҩык ауаа рыжәлақәа. "Бзыԥқәа рыҟны ажәлар рҿахәы здырҳәоз цәажәаҩцәан: Титу Какәчал-иԥа, Тагә Лакәиа, Османи Алықьсеи Ладариаа, Мураҭ Ахба, Аабыџь Мықәба, Чагә Ашьхараа, Хәсин Ҵаӷьтыр-иԥа, Хәашьыҭ Аргәын, Ҟамӷаз Ҳагба, Ҳанашә Ҟалӷьы, Синаҭ Џьниа, Сиҭ Ебжьноу, Гыџь Оҭырба, Дамеи Малиа убас аӡәырҩы.

 

Абжьыуаа рыҟны еицырдыруа ажәаҳәаҩцәан–цәажәаҩцәан Османи Кьагәеи Киутаа, Гедлачи Махази Арышаа, Шьааб Быҭәба, Гәдиа Барганџьиа, Џыр Аҳәба, Ҳабыџь Ашәба, Алымшьа Кәыҵниа, Чагә Чаҵәба, Ҭаскала Думаа, Кәалашьи Хәсини Џьынџьалаа, Қәаҭ Ҭаниа, Кан Думаа, Қьазымбеи Агәмаа, Нестор Бигәаа, Нестор Џьапуа, Шьагә Басариа, Сеидыҟ Ҵнариа, Дигә Дочиа, убас егьырҭгьы…

Самырзаҟан еицырдыруаз ажәаҳәаҩцәан Климат Џьынџьал, Џьишагә Бигәаа, Раџьаб Хаҳәбиа, Кадыр Ҭарба, Батул Кәыбраа убас аӡәырҩы".

Аматериал иацу шәаԥхьар шәылшоит абри азхьарԥш аҟны: Ахшыҩеилаҵара, аҳаҭырқәҵара, аиашара: аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аҷыдарақәа

Ажәабжьқәа зегьы
0