Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон: аԥсыуа жәаԥҟақәак рҵаки рхархәашьеи

© Sputnik / Василий Малышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа бырг
Аԥсуа бырг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәажәаҩ ииҳәо аҵакы агәылырҭәааразы ажәаԥҟақәа ихы ианаирхәо, хымԥада, иажәаҳәа арԥшӡоит. Урҭ аԥызҵаз ажәлар рҷыдара, рдунеихәаԥшра, рҵас, рқьабз рныԥшуеит. Аха иабанӡаҳдыруеи ажәаԥҟақәа зхылҿиааз аҵакы? Урҭ рахьтә акык-ҩбак ҳаиллыркаауеит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳәоук, ҩ-ҳәоук ирҭагӡаны еиқәыршәоу, ахшыҩҵак нагӡаны иаазырԥшуа, ауаҩы иажәаҳәа хазырҭәаауа ракәны иҟоуп ажәаԥҟақәа. Дара ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа "ажанр ссақәа" ирыхәҭакуп. Ажәаԥҟақәа анҿиаз, раԥхьаӡа акәны урҭ зхы иазырхәаз ртәы аҳәара уадаҩуп. Аха аԥсуаа ражәаҳәаҿы ахархәара ҭбаа рымоуп, хыԥхьаӡаралагьы ирацәоуп.

В.Г.Арӡынба Лыхнашҭа ажәлар рҿаԥхьа ицәажәара.20.06.1993ш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара

Ажәаԥҟақәа реиҳак ахшыҩырҵаратә функциоуп инарыгӡо. Урҭ дара аԥызҵаз ажәлар рҭоурых, рҵас, рқьабз, рыхныҟәгашьа, рдунеихәаԥшра, рыԥсҭазааратә ԥышәа рныԥшуеит.

Ажәаԥҟақәа иахәҭоу аҭагылазаашьаҿы, иашьашәалоу атема инақәыршәаны ухы иузархәар, ухшыҩҵак гәылнаршәоит.

Ҵакыла ажәаԥҟақәа еиуеиԥшым, аԥсҭазаара аганқәа зегьы рымҽхаркуеит. Ажәаԥҟа ахатәы (иконкреттәу) аҵакы адагьы, бжеиҳан аҵакы еиҭарсны иҳәоуп.

Ҿырԥштәыс иаагозар: "Амҟәыба еснагь аӡы аанагом" - ҳәарас иаҭахузеи, амҟәыба аамҭа ишархоу акәым ари ажәаԥҟа зызку, ара зыӡбахә ҳәоу ауаа роуп. Ас еиԥш иҟоу ажәаԥҟа рхы иадырхәоит есқьынгьы ауаҩы дманшәаланы, иусқәа зегьы иқәҿио дзыҟалом ҳәа рҳәарц анырҭаху.

Ажәытәан ус џьара иҟалахьаз ԥсҭазааратә фактк, мамзаргьы алафтә ҟазшьа змоу хҭыск, ҳәамҭак, лакәк иахылҵыз ажәаԥҟақәа ҳара иахьа ианаҳԥыло маҷӡам. Жәаԥҟақәак зхылҵыз ажәабжьқәа ажәлар рҿы иахьагьы изгәалашәақәо ыҟоуп.

"Абжьаҟәаа ирықәгәыӷны зԥаҵа зсаз" – ари ажәаԥҟа ҵакыс иамоу, аус иалҵуа цқьа уазымхәыцкәа, аӡәы уиқәгәыӷны нап ауркыр, уарԥхашьоит ауп. Уи зхылҿиааз атәы ажәлар иахьагьы ажәабжьны ирҳәоит. Ажәытәан Абжьаҟәа ақыҭа иқәынхоз аԥсуаа ахарҵәы бзианы иҟарҵон ҳәа иԥхьаӡан, рхарҵәы ахьӡ аман. Хаҵак абри ақыҭа дсасны даҭаарц дандәықәлоз аламҭалазы, абжьаҟәаа рхарҵәы анысфо исԥырхагахоит иҳәан, даалаган иԥаҵа исеит. Аха Абжьаҟәа дахьнеиз, аӡәгьы ахарҵәы иҿеимҵеит. Баша иԥаҵа ахьисаз игәы инархьит. Убри нахыс ажәлар ирҳәо иалагеит: "Абжьаҟәаа ирықәгәыӷны зԥаҵа зсаз" ҳәа.

"Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон" - иԥсыз ауаҩы иуам-иҭынхам аԥсраҿы ихы ԥҽуа, игәы дҭасуа зегь реиҳа иара игәы иалсызшәа иҽыҟаиҵар, абас рҳәон. Гәыма - Ешыреи Аҟәеи рыбжьара Гәымсҭа ахықәан ишьҭоу адгьыл иахьӡуп. Акаԥа – қыҭахьӡуп. Уи шьҭоуп Аҟәа аҩадахьы. Уажәы уи Шьрома ҳәоуп ишырдыруа.

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Ахшыҩеилаҵара, аҳаҭырқәҵара, аиашара: аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аҷыдарақәа

"Асас ицәуҵәахуа кәуахоит" - ари ажәаԥҟа аԥсуаа жәытәнатә аахыс ирымаз ачеиџьыка, асасдкылара еилазгаз аԥҳәыс илыхҳәаау алегенда шьаҭас иазышьҭоуп. Ԥҳәыск лашьа даауазшәа анылба, аишәа иӡны иқәыз лыкәты ачанах иҵахылҩеит. Лашьа данца, ачанах иҵаз лыкәты лфарц ианааҵылх, икәуахахьан.

"Ԥсҳәы амала ицаны иааз" - џьара ирышьҭыз ауаҩы дыззырышьҭыз еилымкааӡакәа данаауа абас рҳәоит. Ажәаԥҟа сиужетс иамоуп абри: зны аҳ имаҵуҩы уаҵәы Ԥсҳәы усышьҭуеит аказы ҳәа иеиҳәеит. Амаҵуҩы аҳ игәы иахәоит иҳәан, аухаҵәҟьа дзызцоз еилымкааӡакәа амҩа дықәлеит.

"Аҽа зшьыз иашьа ида иашьа димоуит" - ауаҩы ацәгьара данақәшәалак, ашәара данҭагылоу, ивагылоу, ицхраауа изгәакьаӡоу (иан, иаб, иашьа, иаҳәшьа) роуп. Ианыцәгьарахалак, аҩызцәа-ақәлацәа рҽаныԥхьаркло ыҟоуп. Ари еицырдыруа аԥсуа жәаԥҟа сиужетс иамоу аҽа зшьыз (ауаҩы дысшьит "шәсыцхраа" ҳәа цас иҳәаны) дахьымнеиз, дызмыҳәаз, иашьа ида аӡәгьы днымхеит. Аха ҳуцхраауеит, ҳувагылоит ҳәа зҳәоз ҩызагьы-қәлагьы аӡәгьы дҟамлеит. Уаанӡа дызмацәажәоз иашьа иҿы дахьнеиз, дзықәшәаз аниеиҳәа, "Унеила, абаҳа сыманы сушьҭалоит", иҳәеит. Еимакык-еиҿакык аашәоургьы, уҭаацәа раҟара узҭаху даҽаӡәы дҟалаӡом ҳәоуп ари ажәаԥҟа иҳаилнаркаауа.

Ажәаԥҟақәа хәарҭа дууп, урҭ рхатә ҭыԥ ааныркылахьеит ажәлар рҿаԥыц аҟнеиԥш, алитератураҟынгьы. Ҳацәымҩашьо иаҳҳәар ҳалшоит, Дырмит Гәлиа аԥхьа днаргыланы, зҩымҭақәа рҿы ажәаԥҟақәа зхы иазмырхәац аԥсуа шәҟәыҩҩык дыҟам ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0