Уаҟара уцызҵо аԥсуа лаф

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашҭа
Лыхнашҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшрои аԥсуа лаф иахьа, иарбан тенденциоу изну, уи ахаара-бзаара аԥсуаа ҳзы ҵакыс иамоу уҳәа ирызкны Жәларбжьаратәи аччара амш аҽны игәҭахәыцрақәа ҳацеиҩишоит Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

"Артҟәацга"

Абжьааԥны ауаҩы даныччо, самырҟәылк аниарҳәо ма лафк анилырхуа ауп. Ҽыҵгада иччо – уи агаӡа иоуп. Ауаҩы ибз баҩы алаӡам, иаурҳәалакгьы аҳәоит ҳәа шырҳәо еиԥш, алаф зхьымӡо, иамчым акы ыҟамзар ҟалап. Зны-зынла уи алаф мҩақәызҵо ауаҩы ибзи ихшыҩи реимадара анеиԥҟьо ҭаҷкәымлатәи "ҿах-сах" аҟынӡа инанагаргьы ауеит.

Адамыр Гунба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адамыр Гәынба: апародиа ажанр аԥсы ҭазароуп, иҿиароуп

Еиуеиԥшым аамҭақәа ирыцуп досу ирышьашәало, аҭагылазаашьеи аҭыԥи ирықәшәо алафгьы. Иҟоуп алаф иахьаҭыԥу, иҟоуп иахьаҭыԥым. Уи сҳәеит ҳәа, аԥсраҵәҟьагьы аччара ацуп. Аха уи аччара зхылҵуа лаф цқьоуп, "еиқәаҵәаӡам". Уччаԥшь еиқәаҵәахааит ҳәа анырҳәо акәзар, уи шәироуп. Аха, асамырҟәыл ҳшаҿу агәнаҳа аӡбахә хаҳтрым, иабаҳҭаху.

Алаф ахаҭа, иагьа ицқьазаргьы, иагьа ишәа-изаны иҳәазаргьы, зегьы еиԥшны ирнаалаӡом. Дыҟоуп алаф иазгәаауа, аха даҽаӡәы ҵәык наиҵаимҵар ада ԥсыхәа змам. Дыҟоуп даҽаӡәы – аҵәаҵаҵара иацмыҵҟьо, аха аҭакс ажәа ҵарык зҿымҟьо, уи аҟара ззеиҿымкаауа. Аха абарҭ ҩыџьа рнаҩсгьы дыҟоуп ахԥатәи ауаҩы – алаф злаӡо, убри аан аҭакгьы хны изҿоу, апҟеҩҳәа иара уаҵәҟьа инаугәыдызҵо. Ари баҩхатәроуп аҟнытә, алафҳәаратә ҟазара зегьыҵәҟьа рнапахьы ирзаагом.

Ԥсабарала алафҳәара злоу ауаҩы дзынио иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы дыцқьашәқьа алҵра илиршоит. Ари ганкахьала иагьыбџьаруп: ауаа еинзыршәар зылшо, аха ианареисгьы – бзанҵы акы рзеилаӡамкәа иааилызхуа. Ажәакала, ауаҩы алаф иҳәарц игәы ианҭеикуа, артҟәацга инапы иакызшәа игәиҽанызар ауп. Иахьахәҭоу ианизмыршә – ихәаша аӡәгьы дҟалом.

Алик Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп

"Агәырӷьаратә" наука

Аччара ауаҩы игәабзиара ишаныԥшуа ҭнаҵаауеит хазы игоу анаука – агелотологиа. Агелотологцәа иазгәарҭоит ауаҩы даныччо ендорфин захьӡу аелемент ицәеижь аҟны ишцәырҵуа. Ари "ахазына" ауаҩы дырҭынчны, ихьаагьы маҷк ихнаҽыртә алша ӷәӷәазаап.

Аҵарауаа алафи аччареи ирыдҳәаланы ари еиԥш аартрақәа маҷымкәа иҟарҵахьеит. Дара зегьы алаф ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара ишацнаҵо ҳарҳәоит. Сгәанала, иахьа шамахамзар зымԥан ҳназмышьҭуа анкьатәи аԥсуа шықәсынҵыра ду змааназ аилкааразы ари аԥсҭазааратә "теорема" кырӡа ихәарҭоуп. Иахьа уажәраанӡагьы ажәытә самырҟәыл хны изҿоу ауаа рлафҳәара ӡакы уцнаҵап, убасала "икылнакаауеит", иҵаруп.

Икьатеиах ԥҵәеит

Ари ажәеицааира абзоурала ауаҩы еиликаауеит аԥсуа самырҟәыл амчхара ахьынӡаӷәӷәоу, аԥсуа сатиратә ажәа ауаҩы "изнаурц" иалшо. Ҳәарада, ари жәеиҭарсуп, аха иазҿлымҳау азыӡырҩы изы арҭ ажәақәа еиҭарсым, ииашоу рҵакгьы дазымхәыцыр ауӡом. Убасҟан ауп иара хара-хара акәымкәа, иааигәаӡаны инырырц анилшо аԥсуа лаф ахаара-бзаара. Убасҟан ауп аԥсуа самырҟәыл ианаҵидыраауа фырҭынҵас иласу аҵакы.

Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

Адунеи аҟны зегьы ԥхьаҟа ицоит, акгьы џьарак игылаӡам. Ауаатәыҩса рыԥсҭазаашьа аҽыԥсахра иашьашәаланы аҽеиҭанакуеит алафгьы. Шәышықәса раԥхьа ауаҩы дзырччоз иахьа аччара игәазырԥхо ацәанырра зынӡагьы изцәырнамгар алшоит. Иара убас даараӡа ицәгьоуп агәрагара, иахьатәи "ҳаприколқәа" ажәытәтәи аԥсуа икьатеиах ԥнаҵәарын ҳәа.

Иахьа алаф еиҳа-еиҳа иԥсаххо иалагеит "априкол" ала. Арҭ рыҩбагьы аками нас ҳәа ауаҩы игәы иаанагар ҟалоит, аха уи ус акәым. Аԥсуа длафҳәаҩызар ауеит, дсамырҟәылҳәаҩынгьы даҳбахьеит, аха "априколист" алафҳәаҩ иаҟара дзаԥсыуамхар ҟалап. Избан акәзар ҳаамҭазтәи ажәа "априкол" ауаҩы иабалакгьы алаигӡар илшоит, ари ажәа ахьнырҳаланы ииҭаху зегьы рыҟаҵара дақәиҭуп. Аха аԥсуа ихы-иԥсы дақәиҭны, иабалак ала дныҟәо, иҵасқәа дрыӷрагыло ҳаӷоу дибааит.

Аҵыхәтәаны схахьы иааиуеит 21-тәи ашәышықәса иаҟазшьарбаны лассы-лассы адунеитә еилазаараҿы рхы иадырхәо ажәаԥҟа: "Ауаҩы данкаҳауа – зегьы ччоит, "Аифон" анкаҳауа – зегьы ҵәуоит". Иацаҳҵаша ыҟам, ари ацәаҳәа зегьы аҳәеит...

 

Ажәабжьқәа зегьы
0