Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ахшыҩҵак ажәа рацәа ақәмырӡыкәа иаазырԥшуа, ацәажәараан ирҳәо аҵакы агәылырҭәааразы ауаа ражәа иалаҵаны ирҳәо ажәаԥҟа ҳәа иашьҭоуп. Ари атермин ҩ-ажәак ршьагәыҭқәа "ажәа" нас "аԥҟара" реилаларала ишьақәгылеит.
Ажәаԥҟақәа ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы зышьаҭа зҳаз, аамҭа иаӡрыжәны, иԥнашәаны ҳҟынӡа иааӡаз акы акәны иҟоуп. Аԥсуа жәлар еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥырҵеит хыԥхьаӡарала ҵҩа змам ажәаԥҟа ссирқәа. Убри аҟнытә ауп ажәаԥҟа акы узацымҵо, акы узагмырхо еиларшәыгә изыҟоу. Ацәажәараан иахьахәҭоу, ирманшәаланы ухы иузархәар, уажәаҳәа еиҿнакаауеит.
Ҳауаажәлар ианагь аџьа ҳаҭыр ақәырҵон, ибзианы ирдыруеит аԥсҭазаара шьаҭас иамоу, ԥхьаҟа изго, ауаҩытәыҩса дзырӷьацо аџьа шакәу. Амаашьара, ахандеира ауаҩытәыҩса дыннархоит ҳәа иахәаԥшуан, убри азоуп абарҭ реиԥш иҟоу ажәаԥҟақәа рыхшыҩ изаӡбаз:
- "Аџьабаа абзабаа ацуп"; "Адгьыл иҵоу, ацәеиха иадыруеит"; "Адгьыл иауҭо узархынҳәуеит"; "Адгьыл анап пашә ацәымӷуп"; "Анап џьаџьа аҿаҵа иаҳәаӡом"; "Џьабаала иурҳаз аҿаҵа хаахоит"; "Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп"; "Илауҵо ауп иааурыхуа" – ианаамҭоу адгьылқәаарыхра уҽазукыр, ажәла кауԥсар, умаашьакәа ҩнапыкла аус уур, аҽаҩра бзиагьы ааурыхуеит, ухгьы ныҟәугартә уҟалоит ҳәоуп арҭ ажәаԥҟақәа иҳарҳәо.
- "Анхаҩ бзиа ицәа ҭынчым"; "Анхаҩ бзиа атәым ԥхӡы даҳәаӡом"; "Анхаҩ гәеицҳа "ҳаи, даҽа напыкгьы сымандаз" иҳәеит ааԥын"; "Ааԥын илоуҵаз ҭагалан иуԥылоит"; "Ааԥын ԥхӡы аӡын учуан аршуеит"; "Ианаамҭоу илауҵаз ианаамҭоу игылоит" – аԥхьаҟа ҳәа ихәыцуа анхаҩ бзиа еиҳараӡакгьы ааԥынразы иҟаиҵаша рацәоуп, уи зегьы дрыхьӡаразы уахынлагьы уаҵәтәи иус дазхәыцуеит, уаҵәы ишаны сус снапы аласкындаз ҳәа игәы хыҭхыҭуеит. Зыԥхӡашала инхо-инҵуа даҽаӡәы итәы дашьҭаӡам, уи иара ихатәы иоуеит.
Ажәаԥҟақәа рҿы бжеиҳан ирныԥшуа ахшыҩырҵаратә, алабжьаратә ҵакы инаваргыланы, жәлар ражәаԥҟақәа ауаҩытәыҩса иҟазшьа бааԥсқәа ируаку аашьара ақәыӡбара рнубаалоит:
- "Ааԥын шәаҳәара – ӡынра гәырҩа"; "Ааԥын мра зымбаз аӡын ичуан хьшәашәоуп"; "Акгьы ззыҟамҵаша мшаԥ аҽны ацәаӷәара далагоит"; "Акрура зцәымӷу ахәаџьара далагоит"; "Нхан знапы амаҭ азырцҳаз ҳәа"; "Ааԥын илаумҵаз хкаарачан иузҭагалом"; "Лаҵан иумҳәаз бҵан иузҳәом" – ааԥын зхы аџьабаа азмырбо, акгьы зымцәаӷәаз, акгьы лазымҵаз, еиҭазымҳаз, жәаҳәарада, акгьы иоурц дыҟам. Афатә-ажәтә аҿгьы дхәыдахоит.
- "Атәым шаха аҵеџь уазҭгом"; "Атәым хьурӡы иазыԥшуа – ихатә чуан ҷышәхоит"; "Атәым уардын хара уазгом" – атәым мал иашьҭоу, зхала ак ҟазҵар, ак аазрыхыр зҭахым ихатәы ҳәа акгьы иоуӡом, еснагь ауаа рнапы даныԥшылалоит. Уи моу, аӡәы дуцхраауазаргьы, уи ицхыраара мацарала узынхом, уаргьы ухы уахәароуп. Абарҭ ахшыҩҵакқәа роуп арҭ ажәаԥҟақәа иҳаилдыркаауа.
Хыхь ҳазлацәажәаз аԥсуа жәаԥҟақәа рҵакқәа амилаҭтә ҟазшьа аҷыдарақәа рацәаны ирнубаалоит. Урҭ иага ақәра ду рымазаргьы, жәра рықәым, иахьагьы актуалра рымоуп. Ацәажәараҿы зхы иазырхәо рацәаҩуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Анцәашьара", "Амшшьара": амшқәа ршьара иадҳәалоу ижәытәу аҵасқәа
-
"Угәарҭыԥ азҳааит!": арахәааӡара, асасдкылара, ашәарыцара ирыдҳәалоу аԥсшәаҳәашьа