"Анцәашьара", "Амшшьара": амшқәа ршьара иадҳәалоу ижәытәу аҵасқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукКалендарь
Календарь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшқәа ршьара иадҳәалаз ижәытәу аҵасқәа "анцәашьареи амшшьареи" ирыдҳәалоу згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иахьанӡа зышьҭамҭа еиқәханы иҟоу амчыбжь аҩныҵҟа аԥсуаа иалкаау, иҷыдоу амшқәа "амшшьарақәа" ҳәа ирышьҭоуп. Аҵарауаа аӡәырҩы иазгәарҭахьан амшшьарақәа рҷыдарақәа. Иаагозар, аҵарауаҩ Чурсин игәаанагарала "Аԥсуа жәлақәа ирыман, ирымоуп амшшьарақәа. Урҭ мчыбжьык ахьтә ҩымш "ишьатәу" мшқәаны иалырхуеит". Аҵарауаҩ Џьанашьиа иакәзар, урҭ амшқәа "иԥшьоу мшқәаны" аԥсуаа ахәаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡон.

Нитки - Sputnik Аҧсны
Аҩны аԥара дәылыргом, иӡахуам, анышә ркуам: аԥсуаа амшшьара ишазыҟоу

Амшшьара

Амшшьара хаҭала ажәла, аҩнаҭа иадҳәалоуп. Иара жәҩанахьтә ирыду, Анцәа ирықәиҵаз ҵас ԥшьаны иахәаԥшуеит. Амшшьара иқәныҟәо аҩнаҭаҿы "ианрымшшьароу" аԥара дәылыргом, аԥара аӡәы идырԥсахуам, аҩнымаҭәахәқәа аӡәгьы ауаара ирҭом, ахш-харҵәы рҭиуам, анышә ркуам, адгьыл иқәаарыхуам, амхи ауҭреи аҭалара азин рымам. Ажәакала, адгьыл иакьысуам. Рнацәхыԥ-ршьацәхыԥ хырыссом, иӡахуам, рхахәы иагдырхом. Убасгьы, амҽыша аԥсы анышә дарҭом. "Ҵасым, иҳамшшьароуп", – рҳәоит.

Ҳаамҭазы аӡбахә здыруа даараӡа имаҷуп амшқәа ршьара иадҳәалаз, ижәытәу даҽа ныҳәарак шыҟаз. Уи аныҳәара "анцәашьара" ҳәа иашьҭан.

Анцәашьара

Анцәашьара аныҳәа аҷыдарақәа ируаку акоуп уи ҩнык, ҭӡык аҟны иахьымҩаԥырымго. Амҩаԥгара ахәҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп аҩны анҭыҵ иԥшӡоу ҭыԥк алхны: дәҳәыԥшк, иԥшӡоу хәы ҳаракырак аҿы, мамзаргьы ахьхьаҳәа иҵхәраауа ӡыхь бзиак азааигәара, ма ҵла дук амҵан.

Аныҳәара анымҩаԥырго

Аныҳәара шықәсык ахьтә знык имҩаԥыргон. Амҩаԥгара зегь реиҳа ианаалоит ҳәа иԥхьаӡан ааԥынра.

Календарь на 2023 год  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа мзар: амзақәа рыхьӡ ашьақәгылашьа иазку згәаҭарақәак

Аныҳәара иадыргалоз

Аныҳәара амҩаԥгаразы иалырхыз аҭыԥ аҟны заа рҽеидыргалон. Араса амахәқәа ааганы асаара ишьҭарҵон, нас уа рхәы ыларҵарц. Иҟарҵон аҭырас тәарҭақәа. Изыхныҳәоз, иршьуаз аџьма шьтәа акәын. Иныҳәон ҭаацәашәала рҽааидкыланы. Аныҳәара иалахәыз зегьы маҭәа цқьала рҽеиларҳәон, рҽыкәабаны иҟазар акәын. Аныҳәара арыжәтә адыргаломызт. Аҭаацәараҟынтә хаҵа ицахьоу аныҳәара даҵанакуамызт.

Аныҳәара шымҩаԥыргоз

Дныҳәон аҭаацәара зегь иреиҳабыз абырг. Ашьтәа агәи агәаҵәеи х-цык змоу арасаҵәы иахаҵаны, ашәымқьаҭ аԥхьа дааины, амрагыларахь ихы рханы иҭаацәара зегьы дрыхныҳәон. Аныҳәаҩ дныҳәаны даналгалак, агәи агәаҵәеи маҷк-маҷк амхны зегьы агьама дирбон. Уи нахыс заа идырхиахьаз рҭыԥқәа рҿы атәара азин рыман. Зегь раԥхьа дтәон аныҳәаҩ. Аныҳәара ашьҭахь изыхныҳәаз агьама рбон, акыраамҭа еидтәалон. Ишәаҳәон, икәашон, алаф рҳәон. Ахәылбыҽхарахь ианнеилак еиҭа иныҳәаныԥхьаны рыҩныҟақәа рахь рҿынархон. Афатә-ажәтә иаанхаз аҩныҟа агара ҟаломызт. Иахьныҳәаз аҭыԥ аҟны иҩышьҭыхны акы иқәырҵон.

Ари аныҳәара, иҟалап, анкьа зны аԥсуаа зегьы еицырзеиԥшыз ныҳәараны иҟазаргьы. Иахьа имаҷны иуԥылоит, аӡбахә здыруагьы маҷуп. "Иҳақәуп" ҳәа иахьа аӡбахә зҳәо роуп имҩаԥызго мамзар.

/Астатиа аҩраҿы ахархәара аман афольклорист Ц. С. Габниа лыстатиа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак"/.

Ажәабжьқәа зегьы
0