Ашьапхтра, ахы ахтра, ахәымџьар аԥыртлара – аныҳәара иацу ашьақәырӷәӷәаратә кодқәа

© Фото : Есма Ҭодуа Леиаа рныҳәара
Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар ртрадициатә культураҿы ишьақәгылоу аныҳәаҩ ихаҿреи аныҳәараан дзықәныҟәо "аԥҟарақәеи" дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Иарбанзаалак ақьабз иацуп ахатәы ритуалқәа. Урҭ зегьы ҵакык-ҵакык ныҟәыргоит. Дара ирымоуп адыргатә (авербалтә), алабаратә (авизуалтә), абызшәатә, аиҭаҵратә (акционалтә) кодқәа. Арҭ акодқәа имҩаԥысуа аритуалқәа рҵакы зырӷәӷәо, ишьақәзырӷәӷәо ракәны иҟоуп. Аныҳәараҿы ихадароу аҭыԥ ааникылоит аныҳәаҩ. Аныҳәаҩ ихаҭара анаҩсгьы, аныҳәара иацу ихымҩаԥгашьагьы ҵакыла ибеиоуп. Зегь раԥхьа игылоуп ацқьара.

Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи - Sputnik Аҧсны
Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи

Аныҳәаҩ "дыцқьазароуп" ҳәа анырҳәо, уи иаҵанакуа доуҳалатәи ацқьара ауп. Аныҳәара ааигәахара мчыбжьык-ҩымчыбжьа шагу, иҟалоит ианеиҳаугьы, аныҳәаҩ иҭахрақәа рҟны иҽникылоит: ифатә дацклаԥшуеит, иажәақәа ираӡоит, хазы изалху аҿаԥара дыҩноуп.

Ихадароуп иара убас аныҳәаразы иалырхуа аҭыԥ. Уи аҭыԥ ицқьоу, иԥшьоу ҭыԥны иршьоит. Шамахамзар аныҳәарақәа ахьымҩаԥысуа ахәы ҳаракырақәа рҟны иамоу адәкаршәрақәа рҟноуп.

Ахы ахтра

Аныҳәаҩ данныҳәо, дыԥҳәысзар, лхы ишкәакәоу касыла иҵалкуеит, ахаҵа ихы хитуеит. Ахы жәлар рытрадициаҟны хыхьтәи адунеи иадыркылоит, ауаҩы имч зегьы ахьеизыркәкәоу ҳәа иԥхьаӡоуп, ихшыҩҭроуп.

© Фото : Есма ҬодуаГабраа-Ԥкьын Ҭамара
Ашьапхтра, ахы ахтра, ахәымџьар аԥыртлара – аныҳәара иацу ашьақәырӷәӷәаратә кодқәа - Sputnik Аҧсны
Габраа-Ԥкьын Ҭамара

Асимволтә ҵакқәа рымоуп ауаҩы илахь, ихагәҭа, ихцәы (иаҳҳәап: "илахь-иџьымшь иӡатәит", "ихагәҭа гәыдикылеит", "ахыцәкәыкәын").

© Фото : Есма Ҭодуа80 шықәса ирҭагылаз Аншба Бабусиа касы шкәакәала лхы ҵалкуеит
Ашьапхтра, ахы ахтра, ахәымџьар аԥыртлара – аныҳәара иацу ашьақәырӷәӷәаратә кодқәа - Sputnik Аҧсны
80 шықәса ирҭагылаз Аншба Бабусиа касы шкәакәала лхы ҵалкуеит

Ахаҵа-аныҳәаҩ ихы хитуазар, Анцәа дизааигәоуп, даартуп ҳәа иԥхьаӡазар, аԥҳәыс лхы ахтра "амцқьара", амч лашьцақәа риааира иатәуп (иаҳгәалаҳаршәап ажәа "бхы бсааит").

Аԥсуа ихы анхитуа аҭагылазашьаақәа иреиуоуп аԥсраҿы аҵәыуара даннеиуа, еиҳабу аԥсшәа аниеиҳәо (даниеихырхәо, ахылԥа/ахылԥарч ихазар). Арҭ аҭагылазашьаақәа рҿы уи имч аужьуп, иаартуп. Иаҳҳәап, ари иаҿҳарԥшуазар афырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҟны ауаҩы ихылԥарч, ма ихҭырԥа ихҟьар, афырхаҵа иҭахара ашьҭанеиуеит.

© Фото : Есма ҬодуаАираа рныҳәара
Ашьапхтра, ахы ахтра, ахәымџьар аԥыртлара – аныҳәара иацу ашьақәырӷәӷәаратә кодқәа - Sputnik Аҧсны
Аираа рныҳәара

"Ихәымџьар ԥиртлеит"

Ахы анаҩс имаҷым аҵакы рымоуп анапқәагьы. Аныҳәаҩ инапы аӡәӡәара, ихы-иҿы аӡы ақәҭәара аныҳәара аламҭалаз, данныҳәо, инапқәа еиҵыхны ажәҩан ахь рырхара. Ихы ахьирхо аган еснагь Мрагылароуп, амра ахьгыло, аԥсҭазаара ахьалаго, аԥсабара аԥсы ахьҭоу. Дгьежьуазар (аӡәы дикәшозар), арыӷьала дгьежьуеит (дикәшоит).

аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара

Аныҳәарақәа рҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит аныҳәаҩ ицәеижьхәҭақәак раартра: икаба (ма икьаҿ) ахәда аҳәынҵәрақәа ԥиртлоит, ихәымџьар ԥиртлоит. Аӡәырҩы ажәларқәа ртрадициатә культураҿы "аҽаартра" анхамҩа-бзазартә магиа иадырҳәалоит. Аиҳаракгьы ари ахархәара амоуп амзартә ныҳәарақәа рҿы. Адунеи ажәларқәа рмифологиаҿы иазгәаҭоуп "аҽаартра" ала ауаҩы амч лашьцақәа рҟынтәи иҽихьчоит, иалаижьоит ҳәа. Даҽа ганкахьала - уи аԥсабара дазааигәанатәуеит, аҿиара, ақәа арура, адгьыл абеиахара иадыркылоит.

Ашьапхтра

Аныҳәарақәа рҟны иуԥылоит иара убас ауаҩы иажәақәа Анцәа иҟынӡа инаӡарц азы ихы дшамеигӡо аарԥшра ицәеижь аԥырхага азурала, ахыргәаҟрала. Иаҳҳәозар, аҵәыуарақәа рҟны ауаҩы заҟа ргәы далсыз аадырԥшуан рхы аԥырхага азурала: рыӡӷы цәырԥуан, рыхцәы кыдырхуан, рхы аҭӡамц ианырҟьон.

Валентина Ҳалбад  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳалбад еиҭалҳәеит аҭаца лкасы еиқәаҵәеи лыхьӡ аԥсахреи зыдҳәалаз ртәы

Ҳаицәажәарақәа руак аан ҳажәабжьҳәаҩ Валентина Ҳалбад-Габниа еиҭалҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьрахьы лыҷкәын данылышьҭуаз дышныҳәаз.

"Сара анык лаҳасабала сыҷкәын уца еибашьра ҳәа сызиамҳәеит, аха гәыла исҭахын иҩызцәа ахьыҟоу дрылагылазарц. Иара сцоит аниҳәа, дныскылоит ҳәа саламгеит. Аха еибашьроуп, зеиԥш ҟамло егьыҟам, уи саршәон… Аҩны ашә данахысуаз, дааныскылан, сныҳәеит, убасҟан сажәа иалаҵан исҳәеит деибганы дгьежьыр, ишәара ацәашьы шыҟасҵо, сшьапы хтны ҳқыҭантәи Аҟәанӡа сышцо ҳәа.

Аибашьра анеилга ашьҭахь данаа, сажәа исҳәаз насыгӡеит. Сшьапы хтны Аҟәанӡа сааит, сызбоз ауаа, амашьынақәа аангылон "шәақәтәа, шәаҳгап" ҳәа, аха аӡәгьы симацәажәакәа, схы аарҵысны сцон. Нас, аҩны саннеи, ишәара ацәашьгьы сблын, сныҳәеит", – ҳәа илгәалалыршәеит лара.

Еиқәыԥхьаӡоу аныҳәара аҵакы шьақәзырӷәӷәо акодқәа рызегьы аныҳәаҩ данныҳәо ииҳәо иажәақәа хадырҭәаауеит, цхыраагӡас ирыцуп. Урҭ рҟынтәи акы ацәыӡцыԥхьаӡа, ма иԥсахны ианыҟаҵаха, аныҳәара аҵакгьы аҽаԥсахуеит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0