Зхы калакәыту, зыгәҭы лаҳәару, зҵыхәа цәыламсу: амаҭ аԥсуаа разгәаҭарақәа рҿы

© Sputnik / Марианна Кубрава Одуванчик погода
Одуванчик  погода  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа амаҭ еиуеиԥшымкәа иазыҟоуп: иагьацәшәоит, иагьыршьоит. Амаҭ иазку аԥсуаа разгәаҭарақәак дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ахьӡымҳәа

Ажәларқәа аӡәырҩы реиԥш, аԥсуаа амаҭ еиуеиԥшымкәа иазыҟоуп: иагьацәшәоит – ирцәымӷуп, ирбар иршьуеит, иагьыршьоит – иԥшьоу ак еиԥш иазыҟоуп, аныха иадыркылоит, жәлантәқәак уи ашьра азин рымам зынӡакгьы. Иара ахьӡ ахаҭагьы иаартны ирҳәаӡом. Уи ахаҭыԥан "ахьӡымҳәа", мамзаргьы "аҳәаза" рҳәоит. "Ахьӡымҳәа" атермин ахаҭа иаҳәоит ари зыхьӡ аҳәара ҟамло, зыхьӡ рымҳәо аԥстәқәа ишреиуоу.

Священная роща Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны
Иҵасым ҳәа ззырҳәо: амифи аҵабырги рҳәаақәа ахьеиларсу

Амҩан ирбаз, ма ашҭа иҭалаз аҳәаза ршьыр ҟалозар, аҩны иҩналаз иалакьысӡом, "ҳауԥырхагам, уаҳԥырхагамхан" ҳәа ҳәаны, "шьшьы-шьшьы" ҳәа ашьшьыҳәа идәылыргоит алаба иахарԥаны, мамзаргьы излацаша амҩа адырбоит (алабала арӷаз ҭыхны), иара убас ахш ақәырҭәоит. Абри аҵыхәтәантәи алагьы дара ацәгьара ргәы ишҭам аадырԥшуеит.

Џьоукы ишазгәарҭо ала, амаҭ ахаҿы аҩнаҭа абарақьаҭра ишадҳәалоу ала, аҩны иҩналаз амаҭ ушьыр, абарақьаҭра зегьы цоит. Аҟабардақәа разгәаҭарақәа рыла, аҩны амаҭ ҩналазар, уи аҽеира иатәым: ма аҩнаҭа аиҳабы идунеи иԥсахуеит, мамзаргьы амцакра ҟалоит.

Аԥсуаа ишазгәарҭо ала, ԥхыӡла амаҭ убар – уи аныха иадырҳәалоит, ажьира иатәуп рҳәоит. Аетнограф Григори Чурсин ишиҩуаз ала, ажьираҿы инеиуаз амаҭгьы иалакьысуамызт, уи иахылаԥшхәуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Аԥсуаа рҟны иахьагьы иҟоуп амаҭ ашҳам аҟынтәи аҭәҳәа ҟазҵо. Урҭ дреиуоуп Ҷлоу ақыҭа инхо Иура Џьапуа. Иара ишиҳәо ала, амаҭ ауаҩы ианицҳалак, уи иуак, иҭахы араса-ҵәы иманы дааиуеит аҭәҳәа ҟазҵо иҿы, аҩны дмыҩналакәагьы, акгьы мҳәаӡакәа иаԥхьа убри алаба нкаиршәуеит, убри алагьы иара еиликаауеит иҟалаз.

© Foto / Эсма ТодуаИура Џьапуа
Зхы калакәыту, зыгәҭы лаҳәару, зҵыхәа цәыламсу: амаҭ аԥсуаа разгәаҭарақәа рҿы - Sputnik Аҧсны
Иура Џьапуа

"Агәылара, ихәыҷы ицҳаит. Дыҩуа дааит, агәашә днадыххылт. Акагь иҳәаӡом, арасатәы лаба икуп, абра агәашә аԥхьа инкаиршәит. Макьана иҟалаз сыздырӡом, изыцҳаз ауаҩы иакәу, арахә акәу сыздырӡом, аха абни абас аныҟаиҵа, иҟалаз здырит. Иаразнак, саргьы акгьы мҳәакәа, ҵәыцак аӡы ааганы, абри аҵәы нхыршәланы саҭәҳәеит. Уажәшьҭа акгьы уацәымшәан, аҩны унеиаанӡа идоит ҳәа иасҳәеит. Нас ауп саниазҵаа, изыхьыз дарбану, ауаҩы иакәу, арахә акәу ҳәа", – абас иаҳзеиҭаиҳәеит еиуеиԥшым аҭәҳәақәеи аԥсуа хәшәқәеи ҟазҵо Иура Џьапуа.

Амаҭ зырымшьуа

Иҟоуп жәлантәқәак, амаҭ зшьыр ҟамло. Уи зыхҟьаз атәы досу дара рыжәлантәык дзықәшәаз акы иадҳәалан еиҭарҳәоит. Аӡәы убас амаҭ ахьибалак ишьуан. Уахык ԥхыӡ ибоит ржакьақәа шьҭассы џьоукы ааины, наҟ-ааҟ иарӷьарахьалеи иармарахьалеи иааихагылт. Руаӡәык даарылҵын, игәы днақәыӷәӷәеит, иԥсыԥ изеивымго.

Ӡаби Сымсымԥҳа дызхыз аҩны, шәышықәса ахыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Ауаҩи аԥсабареи анеимадоу: амаҭқәа знапы иазыршьцылоз Ӡаби Сымсымԥҳа лҭоурых

"Избан амаҭқәа ахьубалак изушьуа, иузыруи?" - ҳәа дизҵааит.

"Исцәымӷуп, исгәаԥхом!" – ҳәа аҭак ҟаиҵеит ауаҩы.

"Уҷкәыни уареи акы еимашәкыр, ихымԥаҩгашьа угәамԥхар, изууеи?" – иҳәан, "дысшьуеит", – ҳәа аҭак ҟаиҵеит, убри алагьы ихы ҿихит, ҭоубагьы иуит амаҭқәа шимшьуа ҳәа.

Еиҭарҳәоит иара убас Адлеиаа амаҭ зырымшьуа ҳәа ажәабжьгьы. Уи ишаҳәо ала, Адлеиаа рҭацак хшара данлоуаз амаҭ икәыршаны диит, аха ԥырхага изнамукәа ицеит. Убри нахысгьы рхәыҷы ԥырхага ахьимоуз азы даргьы џьара ирбаргьы иалакьысуам.

Ирҳәоит амаҭ ахәыҷы ичычоит ҳәа, ахш афҩы ихнакаауеит азы. Иҟоуп ажәабжьқәа ахәыҷы агара дахьгароу амаҭ лассы-лассы инеины иадтәалон ҳәа зҳәо.

Амаҭ иадҳәалоу азхаҵарақәа маҷым, иара ахаҿсахьа аарԥшышьагьы еиԥшым. Аԥсуа лакәқәа рҟны иуԥылоит амаҭ дуқәа, агәылшьап – ԥшь-шьапык зҵоу, амҵәыжәҩақәа змоу, х-хык, ф-хык зхагылоу. Амаҭ ду аарԥшуп аӡы иакәшаны итәоу, уи иахылаԥшу акы акәны. Уи аӡы ахы иақәиҭнатәразы аӡӷабцәа арҭон.

Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа: аҭәҳәа аҳақьым ицхыраара иаҩсуеит

Амаҭ аҟынтәи аӡы ахы ақәиҭтәра шьаҭас иамоуп Амԥараа аижәлантәқәа имҩаԥырго аныҳәара Еҭных-Агных иатәу. Иара ахьымҩаԥырго аҭыԥгьы амшын аҿықә аҿы ахьакәу символра ауеит.

Иҟоуп амаҭқәа иара убас ахьтәы хаҳә змоу, атәыҩақәа зхагылоу, урҭ ирызку аҳәамҭақәа ҳаамҭазы еиҭарҳәо убаӡом.

Акыр иҵаулоуп аҵакы амаҭ ажьираҿы ицәырҵуа аӡбахә ахьеиҭарҳәо. Уи иунарбоит иара амифологиатә ҵакы ала аӡы анаҩсгьы, амца ишадҳәалоу.

Абасала, амаҭ амифологиатә ҵакала зегьы зырҿио акәны иҟоуп, уи адгьыли ажәҩани ирыдҳәалоуп, аӡи амцеи ирхылаԥшуеит, акультә ҵакгьы аманы иҟоуп.

Амаҭ ахаҿы аҭәҳәақәа рҿы аарԥшышьа аарыхра ишадҳәалоу асимволра ауеит: "Зхы калакәыту, зыгәҭы лаҳәару, зҵыхәа цәаламсу" - абас еиԥш аԥшрыц ахьырҭәаҭәо алаҳәара́́ иадкыланы аӡбахә аҳәара уи абарақьаҭра, аарыхра аизҳара ишадҳәалоу унарбоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0