Иҵасым ҳәа ззырҳәо: амифи аҵабырги рҳәаақәа ахьеиларсу

© Foto / Эсмы ТодуаСвященная роща Мгудзырхуа
Священная роща Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амиф ауаҩы иԥсҭазаараҿы иааннакыло аҭыԥи аҵабыргреи аџьашьахәреи рҳәаақәа реиларсра азҵаарақәа дырзааҭгылоит афольклорист, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ауаҩы иԥсҭазаара зегь аҿы еснагь ҩ-ҳәаак, ҩ-дунеик дрыбжьагылоуп – иара иитәуи иитәыми, даҽакала иаҳҳәозар, нарцәи аарцәи дрыбжьоуп. Зны-зынла ауаҩы убас еиԥш иџьахәу ахҭысқәа дрыниоит, иуадаҩуп аҳәара уи ԥхыӡу, лабҿабоу. Абжьааԥны иҵабыргыхаҭоу ахҭысқәа ауаҩы игәалашәараҿы краамҭа иаанхаӡом, ихәыцу, ихыҭҳәаау ракәзар, абиԥарала еимдо иааргоит. Убри алагьы "ихыҭҳәаау" еиҳагьы азҿлымҳара ацуп, ауаҩы уи аԥшаара, аилкаара дашьҭоуп.

Абга  - Sputnik Аҧсны
Абга иақәтәоу: амифи ареалтә ԥсҭазаареи

Иҳанаҭои ҳара амиф? Акымзаракы? Ма зегьы? Егьаҩы аҵарауаа дуқәа еимаркларгьы, еиҿаркларгьы, аӡәгьы изҳәаӡом амиф аҿиара ианалагаз, уи шьаҭас иамоу. Аха ауаҩы адунеи данықәнагалаз аахыижьҭеи урҭ рҿио даауеит. Ауаҩы иааикәыршан иҟоу зегьы аԥсы ахаиҵоит.

Убас еиҭарҳәоит иара ауаҩы адунеи дшықәнагалаз, адгьыли ажәҩани рыҟалара зыхҟьаз, ауаҩы дызлацәажәо абызшәақәа шыҟалаз, амилаҭқәа шыҟалаз уҳәа ирацәаны. Аха арҭ аҳәамҭақәа рҿы еснагь аҵабырги аџьашьахәреи рҳәаақәа еиларсуп. Иара адунеи аиҿкаарагьы "аҳәаақәа" амоуп: нырцә / аарцә, иааигәоу / ихароу, илашоу / илашьцоу, иаарту / иарку, аҩнуҵҟатәи / адәахьтәи, иутәу / иутәым.

Аԥсуа миф-ҵабыргқәа рҟны нарцәи аарцәи еимаздо ҳәаақәаны иԥхьаӡоуп аӡы (арахь иаҵанакуеит аӡы иадҳәалоу аҭыԥқәа зегьы: аӡиасқәа, аӡыхьқәа, акәараҷҷақәа, аӡмахқәа, аӡлагара), абна (ицәыҵлашьцароу, уаҩ дахьнымхо аҭыԥқәа, абнаршәырақәа, амҩахәасҭақәа, аихҵәарҭақәа, ааҵрақәа, анышәынҭрақәа), ашьха (аҳаԥқәа, ахаҳә дуқәа). Арҭ аҭыԥқәа хаз-хазы аҿаԥыцтә мифологиатә жәабжьқәа рперсонажцәа ирыдҳәалоуп. Иаҳҳәап: Ӡызлан / Ӡызлан-Ӡаҳкәажә дынхоит аӡаҿы, аҩсҭаа (аџьныш, ақаҷаа), аԥсы, абга (ақәыџьма, ацгәы) иақәтәоу – абнаҿы, ашәарахи ашәарыцареи рынцәахәы Ажәеиԥшьаа нхарҭа ҭыԥс имоу ашьхара ауп. 

Адәахьтәи аҳәаақәа рнаҩс иҟоуп аҩнуҵҟатәи аҳәаақәагьы. Урҭ рахь иаҵанакуеит: ахәышҭаара, ашәхымс, акәакьҭақәа, аԥенџьыр, аҭуан. Аҭыԥтә ҳәаақәа ауаҩы "ианаамҭам" ианеилеигалак ауп иџьашьахәу ахҭысқәа данрыниогьы. Ҳинформантцәа ишазгәарҭо ала, иҟоуп хаз игоу аҭыԥ ҟьашьқәагьы:

"Абнахьхьи акәара анаҩс аҩсҭаа дыҵоуп рҳәон. Аҩсҭаа дырбахьеит рҳәеит убра ҭыԥк аҟны, аха уажәшьҭа ибгеит-егьит акәымзар, ахықәан инеины аҷкәынцәа тәаӡомызт, "аҩсҭаа дыҵоуп, аҩсҭаа уикуеит" рҳәон", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Мгәыӡырхәа инхо Лара Тәанԥҳа.

© Foto / Эсмы ТодуаМгәыӡырхәа инхо Лара Тәанԥҳа
Иҵасым ҳәа ззырҳәо: амифи аҵабырги рҳәаақәа ахьеиларсу - Sputnik Аҧсны
Мгәыӡырхәа инхо Лара Тәанԥҳа

 

"Аҳәаақәа" рахь иаҵаукыр ауеит аԥсуаа разхаҵарақәа рҿы иуԥыло амшшьарақәа – жәлантәыцыԥхьаӡа дара зықәныҟәо амшқәа алхны ирымоуп. Арҭ амшқәа рзы иҵасым, иаамҭам ҳәа иԥхьаӡоуп акы аҟаҵара: аусура, адгьылқәаарыхра, аӡахра, акы аимдара. Амшшьара еилазго ауаҩы ԥырхага инаҭоит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Нитки - Sputnik Аҧсны
Аҩны аԥара дәылыргом, иӡахуам, анышә ркуам: аԥсуаа амшшьара ишазыҟоу

"Иҳамоуп ҳара абыржә амшшьара - асабша схы ҵсырффаӡом, агәыр скыр ҟалаӡом. Закәанлаҵәҟьа башьҭазар, аиха кны абна уламлароп, ҳара уи ҳазшьаӡом акәымзар. Убри аҽны зыԥсы ҭоу акы уакьымсуазароуп. Имышшьароуп ҳа ирыԥхьаӡеит, Анцәа иҟынтәи иҟоуп. Уи аӡәы аԥшьаша иқәуп, аӡәы - амҽыша, аӡәы - ашәахьа, Ҳазшаз дара ишрыдиҵаз еиԥш. Уи акгьы иазкӡам, аха ишьҭыхны иҟоуп убас, ҵасым ҳәа", - азгәалҭеит Лара Тәанԥҳа.

Арахь иаҵаукыр ауеит, иара убас, ажәлар рҟны иазгәарҭо аныҳәақәа. Аԥсуаа рзы нарцәытәи адунеи акыр шаҵанакуа гәаумҭар залшом урҭ иазгәарҭо аныҳәарақәа уанрызхьаԥшлак: Мшаԥы, Нанҳәа, Қьырса уҳәа. Ауаҩы ицәыԥсхьоу аиҳабацәа, аҩнаҭа иатәу иҭынхацәа рхәы ҟаиҵоит, рыхәҭаа риҭоит ныҳәацыԥхьаӡа иара иақәнагоу аритуал мҩаԥганы. Уи ҟаиҵоит урҭ ԥырхага ирымҭаразы адагьы, иара убас иҩнаҭа абарақьаҭра иоуразы.

Белый столик и зеркало - Sputnik Аҧсны
Имҩасхьои иҟалараны иҟоуи цҳас ирыбжьоу, ма аԥсуаа асаркьа ишазыҟоу

Ицқьоу, иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп ашьха, иара иааидкыланы аҳарыкара иадҳәалоу аҭыԥқәа. Аҳаракырақәа рҟноуп аԥсуаа рныхақәа ахьыҟоу. Ажәа "иҵасым" акәзар, аԥсуа дызхымсыр ауа ак акәны ишьақәгылоуп. Иаҳҳәап: иҵасым иԥшьоу аҭыԥқәа рҟны абжьы ардура, ацәҳара, иҵасым ашьха иҟоу ицәа хитыр, иҵасым уахынла аԥшқа адәахьы идәылгара уҳәа.

Ажәакала, акгьы аанагаӡом ҳәа узхәаԥшуа уԥсҭазаара шьақәзыргыло акәны иҟоуп. Амифологиатә жәабжьқәа абиԥарала еимырдонаҵы ауп дара абиԥарақәа рхаҭақәа реимадара аԥсы ахьынӡаҭоугьы. Амифи ақьабзи, амифи аҭоурыхи, амифи абызшәеи ашьхақәа ирыбжьакнаҳау ауаҩы дызқәысуа ацҳа па иаҩызоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0