"Аӡы цқьа ԥхыӡ иубар, абзиара иазҳәоуп": аԥхыӡқәеи урҭ реилкаарақәеи

CC0 / / Сон
Сон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азҿлымҳара зцу афольклортә жанр аԥхыӡқәа реилкаареи ацәара анцәахәқәеи дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥхыӡқәа даара азҿлымҳара зцу фольклортә жанруп, дара аԥсуаа ҳҟны макьанагьы иҭҵаамкәа иаанхоит. Раԥхьатәи анҵамҭақәа аԥхыӡқәеи урҭ реилкаарақәеи ртәы ҟаиҵеит Дырмит Гәлиа. Урҭ уԥылоит иара иҩымҭақәа реизгақәа рҿы. Аԥхыӡқәа рҟны иаарԥшуп аԥси нарцәытәи адунеи ирыдҳәалоу ажәлар разхаҵарақәа.

Тихий час - Sputnik Аҧсны
Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

Аԥхыӡ аамҭалатәи аԥсра аанарԥшуа иҟоуп. Уи ус шакәу арҵабыргуеит абызшәа иалоу ажәақәа, ажәаԥҟақәа. Иаҳҳәап: "Ицәоу – аԥсы диҩызоуп", мамзаргьы: "Аԥсы дызгәыблымыз дыцәазшәа дибон" уҳәа реиԥш иҟақәоу.

Аԥсуа мифологиаҟны иҟоуп иара убас ауаҩы ацәа далазхало, ԥхыӡла дзыргәаҟуа аперсонаж Цәаблаҟ ҳәа хьӡыс измоу. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа уи Напкылҵәа ҳәа лзырҳәоит. Иахьагьы ирҳәоит ауаҩы ацәа акыраамҭа даналахалак "Цәаблаҟ улкыма!" ҳәа.

Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла иҽеим ацәара абарҵаҿы, аџь-ҵла амҵан, иара убас аилашәшәымҭаз уцәар бзиам рҳәоит. Ибзиаӡам ацәара амзартә ныҳәарақәа анымҩаԥысуа аамҭазынгьы, аиҳаракгьы аишәаргыларақәа раан, усҟан аԥшқа дыцәазаргьы хымԥада даадырԥшуеит, аритуал нагӡаны иалгаанӡагьы ддырцәом. Амцәара иадҳәалоу аритуал аарԥшуп аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа рҟынгьы – уи аҷаԥшьара ауп. Абасала "ацәара–амыцәара" иаадырԥшуеит еиҿагылоу ҩ-дунеик: "аԥсреи–абзареи", "нарцәи–аарцәи", "зыԥсы ҭоуи–зыԥсы ҭами".

Иҟоуп амиф-ҵабыргқәа ауаҩы дцәалаханы, хаха-хымш дмааԥшӡакәа, нарцәы дцан дшааз еиҭазҳәо. Ус еиԥш иҟоу аԥхыӡқәа раан, ауаҩы нарцәы иуацәа, ма иидыруа шьоукы ибоит, нарцәытәи аԥсҭазаара далаԥшуеит, џьанаҭи џьаҳаными иҟоу ауаа ишрызныҟәо ибоит. Абас ауаҩы ԥхыӡла нарцәы ицан иааз акраамҭа дыԥсӡом рҳәоит.

Асымпыли аҽҵыхәеи, мамзаргьы аԥхыӡ агәра шызгаз - Sputnik Аҧсны
Асымпыли аҽҵыхәеи, мамзаргьы аԥхыӡ агәра шызгаз

Иҟоуп илабҿабоу аԥхыӡқәагьы. Илабҿабоу аԥхыӡқәа ҳәа рзырҳәоит ауаҩы ԥхыӡла иибаз лабҿаба ианыҟалогьы. Иаҳҳәап, ԥхыӡла аԥсы ауаҩы игәиҽаниҵар ауеит, мамзаргьы игу-ибзоу алаиирдырыр.

Убас, Ешыра, 2010 шықәсазы ианысҵаз аԥхыӡ аҿы ажәабжьҳәаҩ Хьмур Еныкь исалҳәон, лара иԥсхьаз лан ԥхыӡ дшылбоз "аишәаҟны ишьаз аҵәца зықәбыргылеи" ҳәа, дааԥшны иангәалҭа, ус иагьыҟаҵәҟьан, ашьҭахь илыԥсахит.

Аԥхыӡ ала ауаҩы еиуеиԥшым адыргақәа иоуеит дзықәшәараны иҟоу аазырԥшуа. Араҟа иааҳгоит ҿырԥштәқәак аԥсуаа урҭ реилкаарақәа шаадырԥшуа:

  • Ԥхыӡла аҳәса рацәаҩны иубар – амш цәгьа иазҳәоуп
  • Амаҭ ушьуа ԥхыӡла иубар, уаӷа уиааиуеит.
  • Ахәаҷамаҷақәа ԥхыӡла иубар, аиакәым уақәшәоит, ма учмазаҩхоит.
  • Ԥхыӡла ахысбжьы уаҳар, ажәабжь ҿыц иамааноуп.
  • Ԥхыӡла акакан уфо иубар, аимҳәа иазкуп.
  • Ԥхыӡла ашаха убар, амҩа уоураны иҟоуп.
  • Аҽы уақәтәаны уҩуа иубар, хьӡык угоит, мамзаргьы аԥшасра иазҳәоуп.
  • Аӡы цқьа, ма аӡиас ԥхыӡ иубар, абзиара иазҳәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0