Абга дақәтәоуп ӷәра аҿаӡамкәа: иџьашьахәу ажәабжьқәа

CC0 / / Волк в лесу
Волк в лесу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы абга еиуеиԥшымкәа иазыҟоуп: ганкахьала – илашоу, ицқьоу, иԥшьоу ахаҿы аҳасабала, даҽа ганкахьала – амч лашьцақәа ныҟәызго. Иаҳа инарҭбааны ари азҵаатәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, абга амшьҭа бзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи инамаданы зеиӷьашьарак аҳасабала "бга уԥылт" ҳәа ажәа иалоуп. Аетнограф Николаи Џьанашьиа ишиҩуа ала, абга ахәыц алхны рыхәда иахарҵоз "ашәҟәы" иҭаӡахны иҟарҵон. Иазгәаҭоуп ашәарыцаҩ дманшәалхарц азыҳәан ала ахәыц алхны иџьыба ишҭаиҵоз шәарыцара амҩа данықәлоз. Аԥсуаа ражәаҳәаҿы иара убас иуԥылоит "абга ахәыц аналнахыз" ҳәа ажәа. Ас еиԥш рҳәоит амчыбжь злалаго амш ашәахьа азынгьы.

Абга  - Sputnik Аҧсны
Абга иақәтәоу: амифи ареалтә ԥсҭазаареи

Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы иуԥылоит ажәабжьқәа абга аԥсы зхоу ауаа ирызку, мамзаргьы, даҽакала иаҳҳәозар, абга иақәтәоу. Абга иақәтәоу дхаҵазаргьы, ма дыԥҳәысзаргьы ҟалоит. Уи абжьааԥны ауааи арахәи ԥырхага рызҭо иакәны даарԥшуп. Шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа иҟоуп "абга дақәтәан" ҳәа ззырҳәо ауаа, аха аиҳарак урҭ рыхьӡ "иалышәхи" ҳәа аҳәара рҭахым, еиҳа имаҷны акәзаргьы, ус еиԥш иҟаз ауаа рыхьӡи рыжәлеи еидкылангьы ианырҳәо ыҟоуп.

Абга иақәтәоу дшылырхуаз ҳәа еиҭарҳәақәо иреиуоуп абга узшьыр иара иақәтәоугьы дыԥсуеит, убри алагьы дызусҭаз рдыруан ҳәа. Даҽа вариантқәак рыла абга иақәтәоу џьара маҭәарк ала исны (лабала) абга ала ҭырхуеит, мышқәак рышьҭахь агәыла ила ҭыхны, ила аӡы аауа дырбоит, убри алагьы уи дылырхуеит.

Солнечное затмение - Sputnik Аҧсны
Шә-хык рахьынтә хык ақәшәоит: амреи амзеи атыҩ ианакуа имҩаԥырго аҵасқәа

"Ажәытә агызмалцәа ыҟан, абга иақәтәаз дыҟан рҳәеит, ацгәы иақәтәаз дыҟан рҳәеит. Абарҭ злалырхуаз убри акәын: аҟәџьал ҿыц абамба цырақәа ааԥшааны, аҟәџьал ҿыц анышә нҭаԥсаны, амаҭаԥшь ахы аахҵәаны, абанҭ абамбацырақәа хԥа амаҭ аҿы илҭаԥсаны аҟәџьал иҭарҵон. Убра абамба аауан. Убри абамба хаханы, ацәашьы алхны, ажәлар еизаны иахьыҟаз ианнеилакь, ртәыҩа хәыҷқәа рхаргыланы [иубон]– убри ала иудырхуан", - абга иақәтәаз шылырхуаз атәы абас еиԥш еиҭеиҳәон ҳинформант Минџьор Гамгьиа.

Абасала абга иазкны ҩ-дунеихәаԥшрак ааԥшуеит: акы – илашоу, ицқьоу, иԥшьоу ахаҿы аазырԥшуа, егьи – амч лашьцақәа ныҟәызго.

Иазгәаҭатәуп, абга, ақәыџьма ауаҩы игәымшәара аазырԥшуа ажәангьы ишидыркыло, "Аат, уара сыбга!" мамзаргьы "ақәыџьма" ҳәа аӡәы ианизырҳәо, уи игәымшәароуп изхырҳәаауа. Ас еиԥш азнеишьа рыманы иубоит аӡәырҩы кавказтәи ажәларқәа рҟны, аиҳаракгьы ауаԥсаа, аҟарачқәа, аедыгьаа рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0