Ажәақәа "Раида", "Рад", "Рашьа", "Рерашьа", "Рарира" рцәырҵразы гәаанагарақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукФестиваль оркестра народных инструментов "Апхиарца"
Фестиваль оркестра народных инструментов Апхиарца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рашәақәа зырԥшӡо, лассы-лассы иуԥыло "Раида", "Рад", "Рашьа", "Рерашьа", "Рарира" рцәырҵразы гәаанагарақәак ҳзеидылкылеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Зхыԥхьаӡара маҷым аԥсуа жәлар рашәақәа ирнубаалоит игәышьҭыхгоу, игәыҟаҵагоу, игәырԥшаагоу амотивқәа, урҭ ушьа-уда инҭахәыҭхәыҭуа иузцәырыргоит еиуеиԥшым ацәаныррақәа. Ажәеи ашәеи еснагь изцыз аԥсуа жәлар рҟәыӷара згәылыжжуа ажәаԥҟақәа абра ҿырԥшра рзызуеит: "Ашәа аицҳәара хаауп, аиццәажәара гьамадоуп", "Ашәа бзиа ахәра арӷьоит", "Ашәа иаԥсҭазаашьоу абжьы ианыҩуеит", "Ашәа шә-аџьалк урыхнарԥоит".

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлар рашәақәа уанырзыӡырҩуа, дара зырԥшӡо, лассы-лассы еиҭаҳәоу ажәақәаны, цәаҳәақәаны иуԥылоит: "Раида", "Рад", "Рашьа", "Рерашьа", "Рарира" уҳәа.

Амулеты, драгоценные камни и декоративные элементы из фаянса, бронзы, кости и янтаря найденные в результате раскопок в Помпеях - Sputnik Аҧсны
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак

Абарҭ реиԥш иҟоу рефрен ҳасабала акырынтә еиҭаҳәоу, зеилкаара уадаҩу ажәақәа ашәақәа рҿы рцәырҵра зыхҟьаз ҳәа аҵарауаа еиуеиԥшым агәаанагарақәа цәырыргон. Аха иазгәаҭатәуп, урҭ агәаанагарақәа реиҳарак афольклортә ҵаҵӷәы шрымоу.

Актәи агәаанагара

Убас, аҵарауаа Шьалуа Иналиԥеи Шьоҭа Салаҟаиеи изларыҩуаз ала, "Рарира" жәлар ргәаанагараҿы Нарҭаа руаӡәк ихатәы хьӡын. Еиуеиԥшым авариантқәа рҿы "Рарира" ахьҳәоу иавагылоуп ажәақәа "Раида", "Рад", "Рашьа".

Аҩбатәи агәаанагара

Даҽазных, "Раида", "Рад", "Рашьа", "Рерашьа", "Рарира" рцәырҵра рыдырҳәалоит аԥсуаа рҟны ибзианы ирдыруаз Нарҭааи Аиргьааи. Ҿырԥштәыс иааҳгар алшоит Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл еиқәиршәаз жәлар рҳәамҭақәа реизга "Иҭамбаӡо жәлар рӡыхь" иагәылоу аҳәамҭа.

Уи аҳәамҭа асиужет ааркьаҿны абас иҟоуп:

"Нарҭааи Аиргьааи пату еиқәырҵон. Аиргьаа ран Рарира лыхьӡын. Усҟан Рарира лыда ауаса уаҩытәыҩса имамызт, ла лылоуп ауаса ажәла ауаа изларкыз.

аԥсуа анбан - Sputnik Аҧсны
Ажәақәа "гәышьа", "амарџьа", "аҟаҭ", "акаамеҭ" ирызкны цәаҳәақәак

Рарира луасақәа Анарҭ рыхьча Қьаҭуан дрыцын. Қьаҭуан хьчара адагьы шәарыцара дцалон. Зны, абри аҽны саауеит ҳәа аҿҳәара ҟаҵаны шәарыцара дцеит. Шәарыцара дахьцаз, машәырла амаҭ ицҳан, иаанаамҭаз дзымхынҳәит. Қьаҭуан ишьапы дзықәымгыло даныҟала, аӡхықә дазцан, қыдуахәак дақәтәаны амаҭ зыцҳаз ишьапы аӡы илалакны аӡы ацарҭа иҽлеиҭан, даманы идәықәлеит.

Қьаҭуан иҩны даҩнамгарц азы ус ибжьы иргон:

– Уаа Рарира! Уаа Раида! Уаа Рашьа! - ҳәа.

Рарира захьӡыз Аиргь ран лакәын. Раидеи Рашьеи лԥацәа ирыхьӡын.

Қьаҭуан ибжьы заҳаз Аиргьаа аӡы дамырхит, дырхәышәтәит. Убри нахыс ауп "Уаа Рашьа, Раида, Рарира", ҳәа иашәаны ианыҟала.

Ахԥатәи агәаанагара

Ара зыӡбахә ҳамоу ажәақәа, ахьӡқәа акыр лҽадцаланы иҭылҵааит аетнограф Лили Хәыршьыҭ-иԥҳа Акаба. Аҵарауаҩ лкаас иҟалҵеит урҭ ахьыӡқәа змоу ашәақәа ажәытәан ааԥхьаратә, адырраҭаратә ҟазшьа рыманҳәа. Лара агәрагаҵәҟьаны дызлаҟаз ала, "Ради", "Рашьи", "Реҳаиреи", "Рерамеи", "Реирашьеи" ашәарыцара ахылаԥшцәа ракәын. "Рарира" – урҭ дранын, ауааи, агыгшәыги, аҵиаақәеи, иааидкыланы аҽаҩреи дырхылаԥшхәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0