Аҿамԥыџь уааҳәра дыргом: иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәак

© Sputnik / Марианна Кубрава Погода
Погода  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Наџьнатә аԥсуаа ражәаҳәа иалаз, иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аарԥшразы рхы иадырхәоз ажәақәак Sputnik азы иаҳзеидылкылеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Идыру акоуп, аԥсуа бызшәа ижәытәӡоу, Кавказ иашьагәыҭу абызшәа шакәу. Аԥсуа жәлар егьа гәаҟра, егьа хҭыс бааԥсы рхыргахьазаргьы, рбызшәа иахӡыӡаауа иахьанӡа иаҳзааргеит. Абиԥарақәа еимаздоз, ақәра дуӡӡа змоу ҳбызшәа ҵакылагьы ҳәашьалагьы ианыԥшуан аԥсуа жәлар рдоуҳатә дунеи – рҟәышра, рхәыцра, рхаҵара, рнапы злакыз. Ажәа ианахәҭази ишахәҭази аҳәашьа иақәшәон, "ажәа хысган". Абзиа анҳәатәыз – абзиа рҿықәын. Ауаҩы имоу агха, мамзаргьы ихымҩаԥгашьа шҽеим ирдыртәызҭгьы, уигьы аҟаҵашьа, аҳәашьа иақәшәон.

Амулеты, драгоценные камни и декоративные элементы из фаянса, бронзы, кости и янтаря найденные в результате раскопок в Помпеях - Sputnik Аҧсны
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак

Ухаҿы иузаамго иҭбаауп ажәақәа рдунеи. Ирацәоуп ауаҩы иаҭәам ихымҩаԥгашьа аҿаԥызҽуа, хкы рацәала иҟоу аграқәа аазырԥшуа, иҳәаақәызҵо ажәақәа. Урҭ иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы рхархәара иаҳа-иаҳа имаҷхоит акәымзар. Ҳарзааҭгылап ус еиԥш иҟоу ажәақәак:

Аԥскы

Зхы аҳәатәы ада даҽаӡәы иажәа змаҳауа, иаацәажәо ирыццәажәо, аиҳабы-аиҵбы ззеиԥшу, ацәажәаха уаҩытәыҩса изымҭо, иулапаны узкуа изы "аԥскы", "аԥскы сикит" рҳәоит. Абас еиԥш иҟоу ауаҩы даҽакалагьы "агәыга" ҳәа ишьҭоуп.

Аҿамҟәыџь

Ԥшра-сахьала иаҩцам, уск иадамхаргьы аҵыхәанынӡа анагӡара иацәаашьо, акрыфараҿы ҩыџьа рхәы ззымхо, дцәажәозар, иажәа бадақьқәа узырхымԥо иҟоу ауаҩы изы иажәаны инхеит "аҿамҟәыџь уааҳәра дыргом ҳәа.

аԥсуа анбан - Sputnik Аҧсны
Ажәақәа "гәышьа", "амарџьа", "аҟаҭ", "акаамеҭ" ирызкны цәаҳәақәак

Анаҩагьа

Зыламыс кьаҿу, ԥхашьара злам, аҵашьыцра, аԥсымҭәра злоу, бааԥсрамзар бзиарак зымхәыцуа "анаҩагьа" ҳәа изырҳәоит.

Амӡышәа

Ирқьынцыцны иааӡоу, аргәыбзыӷра мыцхәы иашьцылоу, аҳәатәхамҵа. Уи иагьа бааԥс ҟаиҵаргьы, ҽԥныҳәада изаҩсуа, аиҳаби аиҵби зегьы ззеиԥшу данырбалак, "амӡышәак иоуп" ҳәа ишьҭарҳәоит. Уи азоуп ҳажәлар рҟны жәаԥҟаны изаанхаз: "Ааӡара хырҟьа – ахшара мӡышәа".

Аҟраандыс

Имыццакуа, аашьара зызқәашьу, арахь уихәаԥшыр, урҭқәа дрылаҟам ззуҳәаша ауаҩы замана. Акы далагар, сааҭк ала иҟаиҵаша (иарбан ус хкызаалакгьы), шьыбжьаанӡа иадхало, иҟаиҵогьы бжамҽамны, еиҭаҟаҵатәыс иаанзыжьуа ихьӡыртәит "аҟраандыс". "Аҟраандыс иҿырҳәасшьалагьы дудыруеит" рҳәоит аԥсуаа ажәаԥҟаны.

Новорожденный - Sputnik Аҧсны
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак

Аҟалҭыр

Анапынҵа зырҭаз, аха инамыгӡакәа, мҩабжара иаанзыжьуа. Ауаҩы дзеигәырӷьаша уск анагӡара иамарам, еиԥхьыттоу изырҳәоит, уаҩы ҟалҭырк иоуп ҳәа.

Аикәик

Ауаҩы хԥара иҟазшьақәа ируакуп. Усутәык, цҳаражәҳәарак, мамзаргьы напынҵак рынагӡаразы, аҽыҵгақәа ԥшааны, мап ацәызкуа, аиҳабы иҳәатәы назмыгӡо. Абас зҽыҟазҵаз ауаҩы уаанӡа дшыҟаз здыруаз, "Ԥыхьа заҟа дыбзиааз, уажә даазқәылаз дышԥеикәики!" ҳәа ишьҭарҳәоит. Ажәа "аикәик" иасинонимуп ажәа "амыҷҟәик".

Асаҳәҭагар

Зхы иацкламԥшуа, дыцәан дааԥшыр, ихахәы еилажәжәа, иҿы мыӡәӡәа, инапы мыӡәӡәа, деиларҟәыҷы акрыфара итәо абас "асаҳәҭагар" изырҳәоит.

Застолье - Sputnik Аҧсны
Аҩыжәра, аашьара, акаҷбеира: ашьцылара бааԥсқәа ирызку згәаҭарақәак

Армарыда

Иаургьы иамургьы ҳәа зегьы ззеиԥшны, иаармарианы аҟазаара зҭаху "армарыда" ҳәа ишьҭоуп.

Аӡымга

Цәгьа баны – бзиа ҟазымҵо, згаӡара даҽа грак аԥызшьуа, аҳәатәхамҵа, иабжьо цәымӷс дҟазҵо – дызҭахуи дызҭахыми ззеилмырго иоуп. Ажәа "аӡымга" - аӡы иазымыӡәӡәо, аӡы иазымрыцқьо аанагоит.

Агәырӷәындыш

Ауаҩы ҳарам, заарыхра, змал иахыбааны зызхара зымфо, даҽаӡәгьы иҿазымҵо ауаҩы гәаҵәажәпа. Асас диҭааргьы, ихәы еигӡаны ицәырзымго, "ауаҩрада зегьы злоу" абри ажәа идыркылоит.

Аџахә

Ацәгьеи абзиеи ззеиԥшу, иблақәа ырцәгьаны, иқьышә ччаԥшьк ықәымкәа иҟоу изы ирҳәауеит "Лахь мырџахә – лахьышәашә".

Долгожители из абхазского села Джгерда - Sputnik Аҧсны
Дахьыҟоу ахыхәа, иҟалоит аԥсыхәа: алабжьара зныԥшуа аԥсуа жәаԥҟақәа

Аӷынҵкы

"Ацәыбзамыҟә – еснагьгьы дӷынҵкуеит" - рҳәоит, ауаҩра зыцәтәыму, акы ацәгара, аԥсықымқымра ҟазшьас измоу, зегьы иара идыруашәа зхы зыԥхьаӡо агәыԥҵәага "аӷынҵкы" ҳәа ишьҭоуп.

Аӷәамана

Цәгьарамзар бзиарак згәы иҭакым, иара иаҵкыс зҩыза деиӷьхар зҭахым. Ажәаҿы ишырҳәо еиԥш, "аҵа улихуазшәа, аӡ улазҵо". Зыԥсы акы иамырҭәуа, иагьа мазара имазаргьы деигӡаны, ицәыҵагәаны изку "аӷәамана" ма "ачычиа-ӷәамана" изырҳәоит.

Аканҵла

Ауаҩы канҵла ҳәа изырҳәоит зхашәа хы зымбо, иажәа узахымԥо, зегьы иара идыруашәа, иарбан усзаалакгьы иҽрылажьны ицәажәо, арахь хшыҩҵакыкгьы иажәақәа рҟнытә иузалымхуа иҟоу ауаҩы изырҳәоит, "иажәақәа нымҵәо, дканҵло дықәхеит".

Ажәабжьқәа зегьы
0