"Чабракаршә", "Ҵи-ҵи, кәа-кәа": ахәыҷыхәмаррақәа рхархәашьа иаци иахьеи

© Sputnik / Марианна Кубрава Детская игра "цици-куакуа"
Детская игра цици-куакуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ирымоу ахәыҷыхәмаррақәа рыхкқәеи рхархәашьеи ирызкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Аԥсуаа рфольклор аҿы ирацәоуп ахәыҷқәа ирызку еиуеиԥшым аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа: агарашәақәа, ажәархәмаррақәа, ахәыҷыжьжьагақәа убас иҵегьы. Ахәыҷы шаҟа иаҳауа аҟара ихшыҩ ҵархоит, игәырҵҟәыл бзиахоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Насгьы ахәыҷы иаҳауа гәникыларц, игәаԥхарц азы уи хәмаррыла ишьақәгылоуп, ажәеиҭаҳәарыла исахьаркны еиҿартәоуп.

Скачки в селе Моква  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
"Нарҭаа рымпыл": аԥсуа жәлар рыхәмаррақәак ирызкны

"Ҵи-ҵи, кәа-кәа"

Ҳаамҭазгьы реиҳа лассы иуԥыло ахәыҷыхәмаррақәа иреиуоуп "Ҵи-ҵи, кәа-кәа", мамзаргьы "Ҵи-ҵи, гәа-гәа" ҳәа ззырҳәо. Шықәсык, ма ҩышықәса-хышықәса зхыҵуа ахәыҷы аиҳабацәа инацәкьарақәа идырыԥхьаӡоит абас ҳәо:

Ҵи-ҵи, кәа-кәа,

Маахыр џьаџьа,

Харҵәи бысҭеи

Еиҵыркәакәа!

Мамзаргьы иара абарҭ ажәақәа рҳәоит даҽа хәмаррак аҿынгьы: ахәыҷқәа, адуцәагьы алархәны, рнапқәа еихаргыланы рнацәкьарақәа рыла еибадыркуеит. Ажәақәа ҳәаны ианаалгалак, ахәыҷы ддырчыхәчыхәуеит "кәыр-кәыр-кәыр" ҳәа. Ас еиԥш иҟоу ахәыҷыхәмаррақәа рҟны ихадароу ажәақәа рҵакы акәым, рритмикеи ринтонациеи роуп.

"Ҷыри-ҷыри, ҟәарҭ-ҟәарҭ"

Ари ахәмарра ззынархоу ахәыҷбаҳчақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзоуп. Ахәыҷқәа рӡарақәа еибаркны ҵлак иакәшоит, мамзаргьы ус агьежь ҟаҵо ицоит. Аԥхьа игылоу "ҟәарҭ-ҟәарҭ" ҳәа ибжьы иргоит, егьырҭ "ҷи-ҷи" ҳәа аҭак ҟарҵоит. Аԥхьа игыло дырҩегьых "кырр-кырр" ҳәа ибжьы иргоит ашәарҭара ыҟоуп ҳәа – "акәҷарақәа зкуа ахьшь аауеит" аанарго. Ахәыҷқәа зегьы еимбӷьыжәаа иҩны ицоит, рҽырҵәахуеит. "Ахьшь" акы акыр, иикыз ахәмарра далҵуеит.

"Ҷыри-ҷыри,

ҟәарҭ-ҟәарҭ,

сыкәҷарақәа шәабаҟоу шәарҭ?" ҳәа аӡәы еиҭанҿиҭуеит, нас ахәыҷқәа зҽызҵәахыз ааины ҿыц агьежь ҟаҵаны ахәмарра иацырҵоит.

Чабракаршә

Хаҭала сгәалашәараҿы инханы иҟоуп аиҵбыратәи аклассқәа рҿы сантәаз ҳарҵаҩы Римма Уарҭан-иԥҳа Делба аԥсшьара аамҭазы ҳашлырхәмаруаз. Уи ахәмарра "Чабракаршә" акәын. Ахәыҷқәа агьежь ҟаҵаны ҳаатәон. Арҵаҩы аԥхьа џьара жәархәмаррак ала дыԥхьаӡон:

Ацәгьа зуда,

Изымуда,

(иалоу ахәыҷқәа рыхьӡ лҳәоит) Саҭа иоума?

Баҭа иоума?

Хаҳәыргыла,

Ҵәаҳәыргыла,

Уҵҟьа!

Аҵыхәтәантәи ажәа зықәшәаз дласны егьырҭ ахәыҷқәа дрывагьежьуеит ачабра кны. Егьырҭ рылақәа хҩаны итәоит. Зегьы дрывагьежьуа дышнеиуа аӡәы ишьҭахь ачабра нкаиршәуеит. Ачабра каршәны избаз иаашьҭыхны иҩыза дихьӡоит ҳәа далагоит, нас иара даҽаӡә ишьҭахь инкаиршәуеит. Ари ахәмарра даара илахҿыхуп, ахәыҷқәа ргәалаҟазаара шьҭнахуеит.

Скачки - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2021
Аҭарчеи, абазшьҭыхра: аԥсуа ҽырхәмарра хкқәа ирызкны

Иарбанзаалак ахәыҷыхәмаррақәа ианрылагоз, "Кьанц" аума, "Џьит" аума, аԥхьаӡара ҟарҵон алахҩара зықәшәо ҳәа, ма дарбан акра зықәшәо ҳәа. Аха арҭ аԥсуа ԥхьаӡарақәа иахьа ахәыҷыхәмаррақәа рҿы хархәара рыманы иубаӡом, уимоу ҿыцкгьы цәырымҵыц. "Кьанц", "Џьит" иахьагьы ихәмаруеит ахәыҷқәа, аха урҭ раԥсуа хьӡқәа рхы иадырхәо шамаха иуаҳаӡом.

Арҭ ахәмаррақәа раларҵәараҿы иааныркыло аҭыԥ маҷым ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи. Ахәмаррақәа рыбзоурала ахәыҷқәа абызшәагьы аҵара рзымариоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0