"Лоунытә", "ааӡаб", "апыла", "ацәаҳа": аԥсыуа ажәақәак рҵакқәа ирызкны

CC0 / / Пугало
Пугало  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2021
Анапаҵаҩра
Ацәажәараҿы ҳхы иаҳархәаша еиуеиԥшым аилкаарақәа азырбо ажәақәак реилырга ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

"Аԥсуа бызшәа ижәытәӡоу бызшәоуп! Афырхаҵараҿы уи ҿацоуп, ауаҩы иҿы иҟәымшәышәуп, аҩыза иҿы игәыбзыӷуп, ахәымга иҿы ишҳамуп", - абас ицәажәоит еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Шьалуа Иналиԥа аԥсуа бызшәа иазкны ииҩхьаз ацәаҳәақәа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳаԥсадгьыл иқәу аҳауа зҩыда еиԥш ицқьоу, Аԥсны иаҿыкәыршоу ашьха дуқәа реиԥш иӷәӷәоу, аҿацарагьы ахаарагьы зызҷыдаҟазшьоу ҳбызшәа, зқьы маӡа зҭаҵәаху ашәындыҟәра иаҩызоуп. Ҳбызшәа еиднакылоит ацәажәараан ҳхы иаҳархәаша еиуеиԥшым аилкаарақәа азырбо ажәақәа. Ҳрызхьаԥшып ҿырԥштәқәак.

Абӷанҷ-Камень  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Абӷанҷ, абашҳа, амақьа: ахаҳә, ахаҳәлых ирыдҳәалоу ажәақәак

Лоунытә. Ауаҩы агәкаҳара датәнатәны дшыҟоу, маҷк иадамзаргьы игәалақәа, игәкаҳарақәа ихазыршҭыша бзиарак анизаалак, дааигәырӷьашәа иблақәа ааихалашаны, иԥсыԥ игәаҵанӡа инаганы даақәыԥсычҳар, "лоунытә" дқәыԥсычҳаит рҳәоит (аурыс бызшәа иаҿурԥшуазар, "лоунытә" - "передышка", "облегчение"). Ари ажәа егьырҭ авариантқәа ируакуп "лаунытә", "луанытә".

Жәлар ргәаҟрақәеи урҭ рымчхара дуӡӡеи ирҿахәҳәагоу жәаԥҟоуп: "Лоунытә ажәлар анқәыԥсычҳа, рыԥсыԥ - хықә иазнымкыло мшынхоит!".

Ааӡаб. Ахәыҷы иааӡараҿы ауаҩы иԥыло ауадаҩрақәа ируакуп. Дыԥҳәыс, дхаҵа зхы-зыԥсы иамеигӡакәа, аашьарак ҟамҵакәа аԥшқа дзааӡо ианцәажәо ражәа иалаҵаны ирҳәоит: "Ааӡабла дсааӡеит". Ажәа "ааӡаб" ҩ-ҵакык амоуп: актәи – уадаҩрала ахәыҷы иааӡара, аҩбатәи –аџьабаабара, аусура ацәымаашьара. "Ааӡабла дыҟоуп" ҳәа ауаҩы ианизырҳәа, уи иаанаго аусура игым, амбатә аџьабаа ибоит ауп.

Абалаҳ. Хыда-гәыда ацәажәара, акгьы иалаҳәаӡамкәа аҟьҟьаҳәа аҩра-аԥара, уск ахьеилдырго аӡә ииҳәо аӡә имаҳауа, хықәкык ыҟаӡамкәа, дасу иара итәы иаиргарц иахьеилыхо (урысшәала "суматоха"). Абас иахьеибарххо аҭыԥ иалҵны иааз игәынамӡарақәа иҳәоит абас: "Ҳаи, иахьа абалаҳ сышԥалаҳаи", "Ишбалаҳраз здырыр, рымԥан сықәлозма".

Амулеты, драгоценные камни и декоративные элементы из фаянса, бронзы, кости и янтаря найденные в результате раскопок в Помпеях - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2020
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак

Апыла. Ари ажәа арацәара, арацәа хыԥхьаӡара анарбоит. Иаагозар, ицәажәо изыӡырҩуа ирзеиҭеиҳәо ахҭыс агәра диргарц азы, иаҵшьны, аԥсы ахаҵаны иҳәоит: "Ашышкамс еиԥш ар пыланы идәықәлеит еибашьра", "Ауаа планы иааит", "Акәац пыланы ахәа иркит", "Ашышкамс пыланы ашьақар иақәтәеит", - ирацәоуп еиқәуԥхьаӡаша. Ари ажәа даҽакалакьы "ипылыпылуа" рҳәоит, рыҩбагьы еизааигәоу ажәақәоуп (урыс бызшәала "масса").

Аӷьашк. Агәаҟҵәаҟра уҭазыргыло, рыцҳашьарак ҟамҵаӡакәа ауаа ршәаны, ирымоу-ирыхӡу ак рзынмыжькәа изго ауаҩы "аӷьашк" ҳәа ишьҭоуп. Даҽакалагьы, акгьы ахьықәыршәым, аӡы иаӡәӡәаны иахьагаз аҭыԥгьы "аӷьашк" ҳәа аназырҳәо ыҟоуп.

Аӡаӡыкь. Аҳәса алымҳарыҩқәа ахьахьындырҳало алымҳа ҵаҟатәи анаӡара (урысшәала "мочка"). Ацәажәараан ирҳәоит злеишәа зырцәгьаз изы: "Иӡаӡыкь даныскит", мамзаргьы "Алымҳаџадра иӡаӡыкь иахьындырҳало хьызаргьы иазырԥшӡом", - ҳәа.

Аимша. Уаҩы иҳәатәы змаҳауа, зхатәы ззымдыруа "Изоуҳәо змаҳауа, изҭоуҭәо зкылсуа" ҳәа ажәаԥҟа ззаԥырҵаз. Аҟазшьа цәгьа змоу ауаа дрылаԥхьаӡоуп, ихымҩаԥгашьазы дзааӡазгьы гәыҵхас дрымоуп (аимша – урыс бызшәала "негодяй").

Амамырџьыгә. Ацахақәа ацрыҳәҳәо, ауаҩы дгылазшәа асахьа аҭаны, арахә зҭаркуаз абоура аԥхьа идыргылон агыгшәыгқәа ацәшәаразы (аурыс бызшәаҿы "пугало"). "Умамырџыгәха ашә ушԥалахеи" рҳәон изылымҵуа ашә илахаз изы.

Дети играют на полу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2021
"Ауаҩ ҟәыш дагьууандаз, дагьуаӷандаз": ауаҩы иааӡара, иҟазшьа азырбо ажәақәак

Ақьасра. Ауаҩы иршәаразы ирҳәақәо ажәа хьжәарқәа ируакуп. Агәала змоу агәала ахьимоу ауаҩы иқәмақарра, ажәа мҽыӷқәа иаҳәара аанагоит (урысшәала иуҳәозар, "пугать").

Ацәаҳа. Ацәаҳа (аурыс бызшәаҿы "чучело") алаба амаҭәа ашәҵаны, анапқәагьы аҭаны, амхаҿы аџьықәреи аҿалара ианалаго инаркны иҩышьҭыхны иаладыргылоит амхы аԥхасҭа азҭо аҟәраанқәа рыршәаразы.

Агәысакара. Иаҵәарак зқәумбаауа, зыҭбаа-ҭыцәра дуӡӡоу адәеиужь "агәысакара" азырҳәоит, даҽакалагьы "адәышкәаӷьаз". Ауаҩы ииҭахӡоу уск дшаҿу ианизыҟамҵалак, ианицәыԥхасҭахалак, дазаӷьуеит: "Агәысакара уқәхааит!" ҳәа (акгьы ахьыҟам, иахьахӡым унаргааит ҳәоуп иаанаго). Ауаҩы рыцҳарак, гәаҟрак дақәшәар (иаҳҳәап, иҩны блызар), дзықәшәаз еиҭаҳәауа инаҵишьует: "Адәышкәаӷьаз ҳашԥаақәхеи" ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0